Аҳаҭыртә шәҟәы ианаршьеит

Кан Ҭаниа ианашьахеит Урыстәыла ахада Иаҳаҭыртә шәҟәы.

Аусԥҟа анапы аҵаҩын жәабран 26 рзы, анашьара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит иацы Кремль. К.Ҭаниа аҳаҭыртә шәҟәы иоуит аԥсуа-абаза милаҭ аҿиара ацхрааразы аиҿкаара "Алашара" ахада иаппарат анапхгаҩыс даныҟаз Урыстәыла ауаажәларразы акрызҵазкуа аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи ирзынархоу илшамҭақәа  рзы.

«Даара ҳаҭыр ду сзақәуп, аҭакԥхықәрагьы сыднаҵоит иахьатәи аамҭазы адунеи аҿы иналукааша анапхгаҩы Владимир Путин иҟынтәи ари аҩыза аҳамҭа аиура", — иҳәеит К.Ҭаниа, ианашьахаз «ҭабуп» ахҳәаауа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me