Хаҭала иаагозар, Аԥсны аҩнуҵаҟа иахьатәи аамҭазы уи ихлымӡаахха ирылаҵәаны иҟоуп ҳҿар. Еиҳараӡакгьы уи зыхҟьо ауаҩы иеизҳамҭаз ихы ззикуа ҳәа акгьы анимам, еиуеиԥшым аспорт хкқәа ракәыз, мамзаргьы ашәаҳәара, акәашара уҳәа арлахҿыхратә усхкқәа рышҟа азҿлымҳара анааимырԥшуа,аԥсҭазаара иара изы аинтерес аҵалом,ихы ззикша акгьы издыруам. Иахьатәи аамҭазы даара угәы зышьҭыша афактқәа иреиуоуп зықәра ыҟоу ауаа уахь ианхьадырԥшуа.
Ҳара ҳмилаҭ хыԥхьаӡарала ҳашмаҷу ала, азхәыцра ӷәӷәа зҭаху акы акәзар ҟалап...
Иаагозар,аҵыхәтәантәи аамҭаз асоциалтә бызкаҭаҳақәа рҟны иаларҵәаз авидеонҵамҭала кьылала анаркотикатә маҭәашьарқәа Аԥсны аҳәаа иҭагалан.Зегь раԥхьаӡа иргыланы ицәырҵуеит азҵаара кьылала ҭагалашьас иаиузеи ҳәа?!
Анаҩс, аиҳа узырхәыцша даҽа зҵаарак – ирыладырҵәазҭгьы шаҟаҩы ирыдыркыларыдаз кьылала иааганы аҿар рнырҵәаразы граммла ирыладырҵәо ахәшә? Ҳҿар шаҟаҩы ҿыц «агьама» рбоузеи?
Иаԥеиԥшузеи ҳтәыла, аҭагылазаашьа аиҭакра ҳҽақәҳмыршәар, ҳахдырра иахьынӡалшо аҭыԥ аҿы иаҳзаамгар?!
Ус угәы узырхьуа азҵаарақәа шаҟа ҭакда инхагәышьоузеи...
Анаркотиктә маҭәашьарқәа рнаҩс ӡбашьа змоуз проблемоуп аԥсҟы зку амашьына арныҟәцаҩцәа рызҵаара. Есҽны ҩба-хԥа инарзынаԥшуа амашәырқәа ҟалоит амҩақәа рҟны. Уи шамахамзар аԥсҭбарақәа рыцуп.
Иагьа иажәахьанҭазаргьы, ашьыжь аҩны ҳандәылҵуа схынҳәрушь ҳәа ҳхәыцуа аҟынӡа ҳнеины ҳаҟоуп. Ари даара ирыцҳара дууп ҳажәлар рзы. Иҟалап, уи ҩнаҭа-ҩнаҭала амҩаҿы аласра аҿагылара аҭатәызар...
Еиҳараӡак аԥхын, аԥсҟы зку рхарала угәы ҿызкаауа ҭаацәаыла ҩыџьа-хҩы ауаа ҭахоит. Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа аԥсҟы зку даанкыланы азгәаҭарақәеи агәҽанҵарақәеи анирҭо, ма аласразы, ма иахәҭоу ашәҟәқәа ахьицым азы,ҭаацәала, жәлала зегьы еизаны азҵаара аӡбара иалагоит. Зегьы ҳаԥсуаауп, Аԥсны ҳанхоит,шамахамзар еибатәым,мамзаргьы еибазымдыруа аӡәгьы дыҟам,аха ас еиԥш аԥсҭазаара ашәарҭара ианҭагылоу зынӡагьы иаԥсамзар ҟалап ус ахымҩаԥгара.
Апроблемақәа аки-аки неидхәыцло, ҳхала ҳахдырра аҭыԥ аҿы ианааҳамга, ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш азхәыцра уадаҩуп.
Аманда Анталаа