Алиса Гыцба лаԥшьгамҭа

Ԥхынгәымза 1 инаркны жьҭаарамза 30, 2024 шықәсанӡа имҩаԥыслоит Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи абаҩхатәра злоу анагӡаҩцәа еидызкыло, Алиса Гыцԥҳа иаԥшьылгаз lII Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра.


Аконкурстә номинациақәа: академиатә, авокалтә шәаҳәара, ансамбль аҟазара (акамертә, аинструменттә, авокалтә ансамбльқәа). Афестиваль Гран-при зауз изыршәоит аԥхьахәтә фонд 200 000 мааҭ.
Иара убас, аноминациақәа зегьы рҿы I, II, III аҩаӡарақәа зауа аԥаратә ҳамҭақәа ранаршьоит.
Аԥхьахә ҷыдақәа рырҭоит Урыстәыла иналукааша акультуратә институтқәа.
Алԥшаарақәа мҩаԥысуеит ԥхынгәымза инаркны цәыббрамзанӡа.
Жьҭаарамза 16-20 – алахәылацәа рзы Москва имҩаԥгахоит Жәларбжьаратәи амузыкатә лабораториа (аҟазаратә классқәа, алекциақәа, азыӡырҩрақәа).
Жьҭаарамза 28-30 рзы – Аҟәа имҩаԥгахоит аицлабра ахыркәшара (аихшьалатә зыӡырҩрақәа, аконцерт хада аҳамҭақәа ранашьара). Жьҭаарамза 31 рзы Аҟәа имҩаԥысуеит аԥхьахәқәа ранашьареи алауреатцәа рконцерт хадеи. Абҵарамза 1 азы Пицунда имҩаԥгахоит алауреатцәа рконцерт хада.
Азыҳәарақәа рыдыркылоит цәыббрамза 30, 2024 шықәса азынӡа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me