Ноиабр 15 рзы Ауаажәларратә палатаҿы имҩаҧысыз азыӡырҩра азкын «Иахьатәи ҳаамҭазы Аҧсны ҭыҧс иааныркыло ауаажәларратә еиҿкаарақәа».
Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭа нхамҩа аминистр Беслан Џьопуа дылҧылеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова. Аиҧылараҿы ирылацәажәеит ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа реикәыршарала атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рышьақәыргылара азҵаарақәа. Џьопуа иаликааит ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рекспорт арҿиара ахырхарҭа хадақәа.

Гәыԥҩык адепутатцәа

25 Абҵара 2022 09:24
Ааигәа, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа гәыҧҩык усуратә визитла ирҭааит Урыстәылатәи рколлегацәа. Аиҧылара хықәкыс иаман Пицундатәи Аҳәынҭқарратә дача азҵаара алацәажәара. Абри азҵаара инамаданы аделегациа иалахәыз ажурналистцәа рзы апресс-конференциа мҩаҧыргеит.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me