Аҧсны Жәлар Реизара актәи ааҧхьара (1991 – 1996 ш.ш.) адепутат Альфред Леонид-иҧа Какуев ноиабр 30 азы 88 шықәса ихыҵит. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа 2022 шықәса ноиабр 14 азы инапы зҵаиҩыз Аусҧҟала Альфред Какуев ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара. Актәи ааҧхьара адепутатцәа рыхьӡала дидныҳәаларц, «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара инапаҿы ииҭарц ҳазну аамҭазы Альфред Леонид-иҧа дахьынхо Смоленсктәи аобласт Виазма ақалақь ахь дцеит…
Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт ахыбраҿы имҩаҧысит Аҧснытәи аҭҵаарадырратә еилазаара 100 шықәса ахыҵра иазкыз аконференциа. Уи иалахәын ҳҵарауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа, анаука знапы алаку абиҧара ҿа, астудентцәа. Аконференциа аартуа, уи иалатәаз зегьы минуҭктәи ҿымҭрала иргәаладыршәеит ҳазну ашықәсаз иҳаҧхаз ҳҵарауаа Шоҭа Салаҟаиа, Цира Габниа, Ермолаи Аџьынџьал, Валентин Ниушков.

Аҽеизгара азхиаразы

02 Ԥхынкәын 2022 08:50
Ноиабр 23 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ҳтәылаҿы аҽеизгара аиҕьтәразы аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара азҵаарақәа ирызкны ашәарҭадара Ахеилак алахәылацәа алархәны аиҧылара мҩаҧигеит. Аиҧылара иалахәыз аҳәынҭқарра Ахада иарҳәеит ашәарҭадара Ахеилак аҵыхәтәантәи аилатәараҿы ирыдыркылаз аусмҩаҧгатәқәа ирынагӡашьоу атәы.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me