Мшаҧы 24, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Гәыԥҩык адепутатцәа

Ааигәа, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа гәыҧҩык усуратә визитла ирҭааит Урыстәылатәи рколлегацәа.

Аиҧылара хықәкыс иаман Пицундатәи Аҳәынҭқарратә дача азҵаара алацәажәара. Абри азҵаара инамаданы аделегациа иалахәыз ажурналистцәа рзы апресс-конференциа мҩаҧыргеит. 

Аделегациа хантәаҩра азызуаз Жәлар Реизара адепутат Алхас Барцыц иажәақәа рыла, Урыстәылатәи адепутатцәеи дареи реиҧылара мҩаҧысит қәҿиарала. «Ҳара ҳганахьала ҳгәы иҵхоз азҵаарақәа зегьы аахтны иаҳҳәеит.

Аиқәышаҳаҭра гхақәас иамоу ҳрылацәажәеит. Урҭ рахь иаҵанакуеит ииашамкәан акоординатқәа рарбара, иара убасгьы аобиект ахҧатәи ахаҿы ираахәара азин шыҟам анырҧшра. Иахьа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟынтәи, иара убасгьы аҭыҧанытәи аиуристцәа Урыстәылатәи аган иҳаднагало ари аиқәшаҳаҭра аус адулара нап адыркхьеит», – иҳәеит адепутат.

Аделегациа иалахәыз Жәлар Реизара адепутат Кан Кәарҷиа иажәақәа рыла,  Аҧсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аҟны аҧсуа ган маҷк аинтересқәа ҧсыҽуп ҳәа агәаанагара имоуп. «Урыстәылатәи ҳколлегацәа ирылшо рацәоуп, убри аҟнытә аиқәышаҳаҭра аҟны ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбараҿы аҩганкгьы зқәышаҳаҭу знеишьак аӡбароуп хықәкыс иҳамаз», – иҳәеит уи.

«Пицундатәи Аҳәынҭқарратә дача астатус ҳауаажәларра рыҩнуҵҟа имаҷымкәа ацәажәарақәа ахылҿиаахьеит.

Убри аҟнытә Урыстәылатәи Аҳәынҭдумахь ҳара ацхырааразы ҳадҵаалеит. Ҳусуратә визит аконсультациатә ҟазшьа аман. Аҧсны Урыстәылатәи Аҳәынҭдума аганахьала есымша адгылара аман. Ари ҳаиҧылараҿгьы аилибакаара ҳауит», – иҳәеит аделегациа иалаз Жәлар Реизара адепутат Леонид Лакербаиа. Иара убасгьы иазгәеиҭеит ари аиқәышаҳаҭра аганахьала ишимоу ихатә гәаанагара, аха убри аан дшазыҧшу Аҧснытәи аиуристцәа ари азҵаара аганахьала иҟарҵо алкаа. «Ари аиқәшаҳаҭра Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара иагьраҧхьатәим, иагьҵыхәтәантәим, убри аҟнытә ихадоуп ишахәҭоу азнеира», – иҳәеит уи.


Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me