Абас ахьӡуп 800 шықәса раҧхьа, Аҧсҳа Ҭамара илызкны иаҧырҵаз ақырҭуа жәлар рашәа. Абри ашәа ибзиан издыруа рацәаҩуп Қырҭтәыла, имаҷым Аҧсныгьы. Абри ибзиан ирдыруеит аҭоурыхҭҵааҩцәа шамахамзар, амала сара џьаргьы исҧымлац инарҵауланы ашәа иахцәажәахьоу, ҳәарада, иҟазар акәхап қырҭшәала аусумҭа, аха урҭ сара исыздыруам.
Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада аҟны иаартын Аҧсны жәлар рсахьаҭыхҩы, аскульптор Амиран Адлеиба иусумҭақәа рцәыргақәҵа. Уахь инаган асахьаҭыхҩы еиуеиҧшым ашықәсқәа раан иаҧиҵаз аусумҭақәа. Ацәыргақәҵа еиҿкаан Амиран Адлеиба ииубилеи аҳаҭыр азы.
Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб дидикылеит акомпозитор, ашәаҳәаҩ, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Аахыҵ-Уаҧстәылеи зҽаҧсазтәыз рартист Алеқсандр Шоуа.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me