Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ауаажәларратә палата аҟны

Ноиабр 15 рзы Ауаажәларратә палатаҿы имҩаҧысыз  азыӡырҩра азкын «Иахьатәи ҳаамҭазы Аҧсны ҭыҧс иааныркыло ауаажәларратә еиҿкаарақәа».

Уахь ааҧхьара рыҭан Аҧсны ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аиустициа аминистр Анри Барцыц. Иара убас иалахәын ауаажәларратә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа: агуманитартә программақәа Рцентр адиректорцәа Рхеилак иалоу Арда Инал-ипа, Лиана Кәарҷелиа, «Аҧсны  аҭынчреи  асоциалтә иашареи» рзы анацәа Рхеидкыла ахаҭарнак Саида Аланиа, «Амилаҭтә ресурсқәа» рнапхгаҩы Циза Гәымба, Аҧсны ахәыҷтәы фонд ахантәаҩы Асида Ломиа, Аилазаара «Амч» анапхгаҩы Алиса Ҧачалиа, ақәыҧшцәа Аҟәатәи рҩны адиректор лхаҭыҧуаҩ Аида Ладариа, ауаажәларра-политикатә усзуҩы Асҭамыр Ҭаниа, «Асоциал-культуратә гәыҳалалратә фонд» анапхгаҩы Азамаҭ Багаҭелиа, аҿар рфонд адиректор Лиа Агрба. Ҩ-сааҭк ицоз аилатәара иацын агәаанагарақәа рзыӡырҩра, азҵаарақәа жәпакгьы цәырнагеит. Зегьы еицҿакны ирҳәон, ари аҩыза атема ашьҭыхра даара аҽазыҟаҵара шаҭаху, еиҳа инарҭбааны аилацәажәара ахәҭаны ишыҟоу.

Аилатәара аартуа, Аҧсны ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ, Анацәа Рхеидкыла аиҳабы Гәыли Кьычба бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит аилатәара зҽалазырхәыз асасцәеи Ауаажәларратә палата алахәылацәеи. Лара иазгәалҭеит тема хадас иқәгылоу иҳәынҭқарратәым азеиҧштәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа рроль шакәу. Убри инамаданы, дара ироуз аинформациала, арҭ аиҿкаарақәа  ирыҵанакуа азакәан аҧсахрақәа аларгаларц шырҭаху Аҧсны Аминистрцәа Реилазаараҿы. Убри иазкны арҭ аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа ирызцәырҵыз агәҭынчымра инамаданы ирҩит ашәҟәы Ауаажәларратә палатахь. Азакәан дара ирызкны ирыдыркылахьан 2005 шықәса октиабр 21 рзы, инапы аҵаҩуп Аҧсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаҧшь. Аха урҭ аҧсахрақәа заҭаху аилкаара иалацәажәарц рыӡбеит аилатәараҿы.

 Анаҩс ажәа илҭеит Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы, Ауаажәларратә палата алахәыла Руслан Ҳашыг. Иара дазҵааит азакәан аҧсахрақәа алагалара ргәы иҭоу, ма мамзаргьы даҽа закәанк аҧшьыргарц рҭахума ҳәа. Иазгәеиҭеит адунеи аҿы аиҭакрақәа рацәаӡаны ишыҟоу, уи умбарц шзалымшо. Аха еиликаарц шиҭаху аҧсахрақәа заҭаху, арҭ аиҿкаарақәа русураҟны акәзар апроблема ахьыҟоу иарбан хырхарҭоу, иаартны русура ахьыҟоу аума, мамзаргьы аихшьаала аҟаҵараҿы аума, афинанстә зҵаараҿ аума.

Апроблема ыҟазар, уеигәныҩны аӡәи-аӡәи еицхырааны аус еицырур ҟамлаӡои. Дазааҭгылеит аҵыхәтәантәи реилатәара анаҩс аинтернет саитқәа рҟны даара иҽеимкәа ахцәажәарақәа шцаз, даара пату зқәу ауаа акритика ҟаҵаны рыхцәажәара иашам ҳәа иҧхьаӡоит. Убри азы аҳәара ҟаиҵоит ауаажәларра рахь рхы аларымгалаларц асаитқәа рҟны акритика аҟаҵара. Урҭ еиуеиҧшым аинтернет саитқәа раҧҵаҩцәа анонимцәа роуп. Иазгәеиҭеит, Аҧсны аҩныҵҟа ауаа пату зқәу ҳаҭырла, гәадурала ишрызныҟәалатәу.

Иарбанзаалак апроект аҧсахрақәа аналагалатәу Ауаажәларратә палатаҿ аилатәара мҩаҧгазар, изызку ауаа  адыҧхьаланы, еиҩгәныҩны Аҧсны Аиҳабыреи дареи аус еицырур ицәырҵуа ацәажәарақәагьы ҟалом, аусгьы иацхраауеит ҳәа агәаанагара имоуп.

Анаҩс ажәа иман ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба. Дазааҭгылет иахьатәи ҳаамҭазы аиҭакрақәа шыҟоу, уи ҳаргьы иаҳнымҧшырц шзалымшо. Иара азакәан апроект аниба, иманы агуманитартә центр ахаҭарнакцәа рахь днеины ишыдирбаз, џьара-џьара ҧсахрақәак алагалара рҭахызар, дышрыцхраауа азы ргәаанагара еиликаарц шиҭахыз. Дара иарҳәеит уи аҩыза аҧсахрақәа иахьатәи ҳаамҭазы актуалра шамам. Убри аахыс аамҭа цахьеит, иҳәеит иара иибахьоу азакәан апроект акәу, мамзаргьы даҽакы акәу шизымдыруа. Уи азҵаара иалацәажәараны ишыҟоу 2023 шықәсазы.

Иара убас ажәа иман аиустициа аминистр Анри Барцыц. Иара иҳәеит ари атемала изныкымкәа дышрацәажәахьоу Ауаажәларратә палата алахәылацәа реиҧш, азакәанпроект зызку аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәагьы. Еснагь дшазхиоу ари атема алацәажәара. Аха ари атема унадыххыланы акәымкәа, инарҭбааны аилатәара мҩаҧганы иалацәажәатәуп. Иалагалоу аҧсахрақәа ганрацәала иазнеины аҭҵаара ишаҿу, уи апроект макьана аӡәы ишимбац аус ахьадулам азы.

 «Амилаҭтә ресурсқәа» рнапхгаҩы Циза Гәымба илҳәеит аинтернет саитқәа рыла ишырбо, ишраҳауа, уи даара ргәы шыднархьуа, аха ус  азакәан аӡбара даара ишыуадаҩу. Лара иҭабуп ҳәа ралҳәеит ааҧхьара ахьлырҭаз, абас еиҧш гәаартыла аицәажәара аҭагылазаашьа ахьырзаҧҵаз. Иазгәалҭеит, ишгәахәара дуу аҿар аҵара ҵаны иахьатәи ҳҧеиҧш аӡбара рнапы иахьану. Абас гәаартыла ацәажәара  даара алҵшәа бзиақәа аанарҧшуеит ҳәа лгәы иаанагоит.

 Ажәахәқәа ҟазҵоз ргәынамӡара аадырҧшуан азакәан аҧсахрақәа ахьаларгалаз, ирызцәырҵуаз азҵаарақәа  ыҟан, урҭ зегьы аҭагылазаашьа рыман гәаартыла алацәажәаразы.


С. Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me