Декабр 4 азы Аҧсны иофициалтәым визитла дааит Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахада Русҭам Минниханов. Урыстәылеи Аҧсни рҳәааҿы уи диҧылеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа. Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахада иаара зыдҳәалоу Урыстәылеи Аҧсни реизыҟазаашьақәа инарҭагӡаны ареспубликақәа рыбжьара аусеицура арҿиара ауп, иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.
Декабр 1. Аҧсныпресс. Аҧшьаша, декабр 1 азы аофициалтә визитла Аҧсны Аҳәынҭқаррахь иааит Ахантәаҩы Виачеслав Володин хадас дызмоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума аофициалтә делегациа. В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аҳаиртә баҕәазаҿы аделегациа ирҧылеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, уи ихаҭыҧуаа Фазылбеи Аҩӡба, Асҭамыр Аршба, Ашоҭ Миносиан, жәларбжьаратәи апарламентбжьаратәи аимадарақәеи аџьынџьуаа рҟны аимадарақәеи рзы Аилак ахантәаҩы Алхас Барцыц, Аҧсны…
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба игәеиҭеит Ареспубликатәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа алабораториаҿы аргылара-арҽеиратә усурақәа. Алабараториа шьаҭанкыла арҽеира апроект аус адырулеит аҳәынҭеилахәыра «Аҧсныргылара» аспециалистцәа алархәны. Алабораториа ҿыц аргылара аҭаххеит агәабзиарахьчара Аминистрра ашьақәгыла ҿыц ахьаанахәаз инамаданы.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me