13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Нестор Багаҭелиа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи – Арсени Пономариов (ақ. Ҟәбан ихықәгылоу Славианск), ахԥатәи – Аслан Хамидуллин (ақ. Казан).
Аҭыԥҳацәа рыҩнуҵҟа актәи аҭыԥ лҽаԥсалтәит Алеқсандра Аҩыӡба (ақ. Гәдоуҭа), аҩбатәи – Николь Карапетиан (ақ. Гәдоуҭа), ахԥатәи – Алессандра Демуриа (ақ. Очамчыра).
11 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҷкәынцәеи аҭыԥҳацәеи рыҩнуҵҟа аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит: актәи – Дамир Ҳалуашь (ақ. Гәдоуҭа), Мадина Мабаракшина (ақ. Казан); аҩбатәи Руслан Мықәба (ақ Ԥицунда), Софиа Аҩӡба (ақ Гәдоуҭа); ахԥатәи – Емир Абанос (ақ. Ԥицунда), Анна Ԥалаванӡиа (ақ. Аҟәа). Аԥхьахәқәа згаз зегьы иранашьан ахраҿақәа, амедалқәа, аџьшьаратә шәҟәқәа, асертификатқәа, аԥаратә ҳамҭақәа.
Аиааира згаз аҳамҭқәа рнапаҿы ириҭеит Урыстәылан зныкымкәан ичемпионхахьоу, Жәларбжьаратәи агроссмеистер Павел Смирнов.