Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Февраль 17 азы ихыркәшахеит Риҵатәи Амилаҭтә парк иахьаҵанакуа ашьха ҭыԥқәа рҟны асыԥса аҿыбгарақәа раԥырҟәҟәаареи аиқәырхаратә усурақәеи рымҩаԥгаразы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра акоманда–штабтә ҽазыҟаҵарақәа. Урҭ ирылахәын Аминистрра хаҭалатәи аилазаара 50-ҩык рҟынӡа, иара убас 15 цыра атехника ҷыда.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа аҽазыҟаҵарақәа ахәшьара бзиа риҭеит, иагьазгәеиҭеит иҵегьы урҭ ишырзааҭгылахауа Аҟәа.
«Аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгараан аҭыԥ рыман агхаԥхақәа, аха иуадаҩыз аҳауа аҭагылазаашьақәа ҳасаб рзуны, аиқәырхаҩцәа, аӡхәыҵалаҩцәа, апиротехникцәа, амедицина аусзуҩцәа уҳәа алҵшәа бзиақәа аадырԥшит», – иҳәеит аминистр.
Лев Кәыҵниа имҩаԥысыз аҽазыҟаҵарақәа даара хәарҭара рылоуп ҳәа рзиҳәеит.
«Ачымазара ҿкы иахҟьаны ҩышықәса абас еиԥш иҟоу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаамгацызт, излаҳбаз ала, урҭ лассы-лассы имҩаԥгалатәуп», – иҳәеит иара.