Хәажәкыр 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсуа шьапылампыл аӡыргаҩ

Февраль 15 азы 55 шықәса ихыҵра азгәеиҭеит ашьапылампыл азы СССР аспорт азҟазарахь акандидат, Асовет Еидгыла аҿар еизгоу ркоманда, Аҟәатәи, Қарҭтәи «Динамо» ахәмарҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Саид Заур-иԥа Ҭарба.

Уи иԥсҭазаара еиҳарак азикит иалиԥшааз аус амаҵ аура, аԥсуа шьапылампыл иреиӷьу атрадициақәа реиқәырхара, уи ахьӡ-аԥша аихаҳара. Зыҟаҵаҩк иаҳасабала иусура ашықәсқәа раан, уи иааӡеит иаԥсаҵәҟьоу ашьапылампыласҩцәа рабиԥара. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы Саид Заур-иԥа имшира идырныҳәалеит, иара убас хыԥхьаӡара рацәала уи ихәмарра згәалашәо.

Саид Ҭарба диит 1968 шықәса февраль 15 азы еицырдыруа ашьапылампыласҩы Заур Ҭарба иҭаацәараҿы. 10 шықәса ихыҵуан Саид Ҭарба Аҟәатәи «Динамо» аҟны раԥхьатәи аиԥылара анымҩаԥигоз.

Саид Ҭарба иаби иаб иашьеи, Заури Владимир ақәҿиара аазыр­ԥшуаз хәмарҩцәан, адунеи аҿы иахьа уажәраанӡагьы ирылаҵәаны иҟоу абри ахәмарра ашҟа абзиабара Саидгьы ганха иаҩымсит. Раԥхьатәи иазыҟаҵаҩцәа дыруаӡәкын еицырдыруа абжьагаҩ Георги Еланчиди. Уи ибзоураны ашьапылампыласҩы қәыԥш ибаҩхатәра адәаҿы иааԥшит ишәхьоу ҟазак ихәмарра акәны.  Аспециалистцәагьы, ахәаԥшцәагьы еицҿакны ирҳәон: «Анцәа ицишеит абаҩхатәра, ахьҟәрҷаха!».

«Аспорт ашҟа, ахәҭакахьала ашьапылампыл ашҟа ахәыҷы абзиабара иламзар, уи хәмарҩны, шьапылампыласҩны ҟалашьа имаӡам. Сара дсыман аешьа еиҳабы, ҳҩыџьагьы ашьапылампыл ахь ҳнеит. Раԥхьатәи аҽазыҟаҵара ашьҭахь, сазыҟаҵаҩ даасыдгыланы исеиҳәеит саб илымҳа аҟынӡа иназгарц уаҵәы аҽазыҟаҵарахь сышцо, сашьеиҳаб аспорт даҽахкык иԥшааит ҳәа. Иҳаман акаҭран зқәырҭәаз ашҭа, иахьа шьац иаҵәала ихҟьоу аҭыԥқәа ыҟоуп, аха уаҟа зегьыҵәҟьа ахәмарра ргәаԥхом, ҳара ҳакәзар, ҳшьапы хырҟьаҟьа акаҭран аҟны ҳахәмаруан, ахәылԥаз аҩныҟа ҳхынҳәуан. Ажәакала, ашьапылампыл бзиа иаабон», – игәалашәарақәа еиҭеиҳәеит Саид Ҭарба амаҵзура Спутник иаиҭаз аинтервиу аҟны.

Саид Ҭарба Аԥснытәи АССР-и Қырҭтәылатәи ССР-и ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ркомандақәа ркапитанс дыҟан. «Динамо» аҟны игәала­шәараҿы инхаз ахәмаррақәа ируакуп СССР ачемпионат аҩбатәи алигаҿы ихәмаррақәа.

«Убасҟан СССР Ахраҿа агаразы Харковтәи «Металлисти» Минсктәи «Динамои» ҳрыцхәмаруан. Арҭ ахәмаррақәа даара сгәалашәараҿы иаанхеит, урҭ мҩаԥысуан Аԥсны аибашьра иалагаанӡа акыр шыбжьаз, усҟан зегьы ҳара ҳахәмарра иашьклаԥшуан, иахӡыӡаауан. Ҳәарас иаҭахузеи, исгәалашәоит СССР ачемпионат актәи алигахь анеиразы аиԥыларатә хәмаррақәа. СССР еизгоу акоманда саланы аҿар ркомандаҟны сыхәмаруан», – иазгәеиҭеит Ҭарба.

1985 ш. азы Саид Ҭарба днарыԥхьеит СССР аҿар еизгоу ркоманда аилазаарахь. Адырҩашықәсан ашьапылампыласҩы ихы алаирхәит ФИФА апрезидент актәи ихаҭыԥуаҩ Валентин Гранаткин игәалашәара иазкыз жәларбжьаратәи аицлабра. Анатоли Бышовец инапхгарала Асовет Еидгыла еизгоу акоманда аиԥылараҿы хәмаррак аҿгьы иаҵамхеит, аԥхьахә хадагьы агеит. Амассатә информациа ахархәагақәа рҟны ҷыдала иалыркаауан ахьчаҩ хада Саид Ҭарба ихәмарра.

СССР еизгоу акоманда далахәны Ҭарба дықәгылон адунеии Европеи рчемпионат алԥшааратә еиԥыларақәа рҿы. Абри акоманда даланы адунеи зегьы дакәшеит, аспорт азҟазаразы кандидатс дҟалеит.

1986 ш. азы Саид Ҭарба Қарҭтәи «Динамо» акомандахь днарыԥхьоит. Абраҟа аҳамҭақәа маҷымкәа ианаршьахьан, аха Асовет Еидгыла анхыбгала, 1995 ш. азы уи диасит Шәача ақалақь Урыстәылатәи аклуб «Жемчужина» ашҟа.

«Аибашьра ианалага, иуҳәар ауеит, убасҟан ашьапылампыл асра ҳаҟәыҵит ҳәа.  Хәышықәса сҽазыҟасымҵаӡакәа, «Жемчужина» аҟны ахәмарра сықәшәеит. Даҽа шықәсыкгьы сыхәмарит, аха сшьапы ԥҵәеит, иара убри алагьы ашьапылампыл сасра хыркәшахеит», – еиҭеиҳәеит Саид Ҭарба.

1997 ш. азы еицырдыруа аҟаза Аҟәатәи ашьапылампылтә клуб «Нарҭ» азыҟаҵаҩыс днарыԥхьоит. Абаҩхатәра злаз ахәмарҩы иҟыбаҩ абраҟагьы иааԥшит. Икоманда «Нарҭ» жәантә Аԥсны иачемпионхеит.

Саид Ҭарба аԥсуа шьапыламыл аҟны иналукааша, зиеҵәахә кыду зхаҭара ҳараку хәмарҩын.


Акьыԥхь иазирхиеит Б.Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me