Аҵыхәтәантәи аамҭазы ауааҧсыра рыҩнуҵҟа амобилтә еимадара даара анырра ҟанаҵоит. Хәыҷи-дуи рзы зда ҧсыхәа ыҟам «ҧсҭазаарак» иаҩызахеит. Ииашоуп, аҭел ауаҩы иусқәа даара иарманшәалоит, аха мыцхәы амобилтә телефонла ацәажәареи асоциалтә ҳақәа иаарҭымҵкәан аамҭа агареи, ахәыҷы иакәым, адуцәагьы ирҧырхагоуп.