2022 шықәсазтәи аихшьалақәа рыҟаҵара иазкын декабр 9 азы Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз аилацәажәара. Уи иалахәын ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа реиҳабацәа. Аилацәажәараҿы ишьҭырхит аенергетика, аҭыԥантәи абиуџьетқәа рынагӡара, Аԥсны араионқәа злоугәаԥхаша аинвестициақәа рыҩаӡара азҵаарақәа. Иара убас ирылацәажәеит асоциалтә усхк, ааглыхратәи ақыҭанхамҩатәи аарыхра амҽхакқәа хра злоу рызҵаарақәа.