Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Даур дфырхаҵан

Аҧсны аибашьра ианалага аҽны амра каххаа иҧхон. Зегьы русқәа ирҿын. Аҟәа ақалақь аихамҩатә вокзал ааигәара инхоз, Владислав Аҩӡба игәылара зыҧсҭазаара иалҵыз аӡәы иҩынҩажәа мшы ыҟан. Агәылацәа амаҵ руан. Убри аамҭазы Даур Аҩӡба иан даалыдгылан, ҧшьаала ус леиҳәеит: «Абыржәы, абраҟа исаҳаит 70 танк Аҧсны иалалеит ҳәа!»

– Азныказы, – лҳәеит иан Светлана Роева-Аҩӡба, – исҳәоз сҿамшәеит. Аха, нас абарҭ ажәақәа аасҿыҵҟьеит: – Уи иашаӡам, ихоумҵан!

Ацәажәара зцәыуадаҩыз Даур иан лажәа инацылҵеит: – Аҧсхәрахьы Турбаза аиланхарҭа  аҟынтә иаараны иҟаз аӡәгьы зымааӡеит. Уаҟа уи аамҭазы ақырҭуа гвардиа еиуаз атехника аларгалахьазаарын. Ахәылбыҽха ақалақь иалахысуа иалагеит…

Аҩӡба Даур Владислав-иҧа диит 1973 шықәса  нанҳәа 21 рзы Аҟәа ақалақь аҟны. Даныхәыҷыз инаркны аҵара бзианы иҵон. Иааигәа-сигәа иҟаз зегьы  дрызҿлымҳан. Деилыҷҷан, ихшыҩ бзиан. Қәҿиарала Н.Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ далгеит. ААУ абаҩрҵәыратә факультет дҭалеит.

– Даур махашьахала дыҕәҕәан, – иҳәеит иашьа Руслан, – ҳаб ААУ аҟны аус иуан. Иара иҧсҭазаара зегьы аспорт иадиҳәалеит. Атлетика ласы ала ахәыҷқәа азыҟаиҵон. Қарҭ абаҩрҵәыратә факультет далгахьан. Даур ҳаб имҩа данылеит. Уи аспорт хкы «дзиудо» аҟны ихы ҧишәон, аихьӡарақәагьы иман. Уи ахҧатәи акурс абаҩрҵәыратә – факультет данҭаз инаркны зыҟаҵаҩыс аусура далагахьан. Иазыҟаиҵоз агәыҧгьы иман.

– Аибашьра аҧхьатәи амшқәа рзы аҧсуа-ақырҭуа ганқәа аинрааларахь ииасызшәа ҳаларҳәеит. Убри аамҭазы, – лҳәеит Даур иан Светлана, – Даур иҩыза Адгәыр Зарданиа аҩынтә раан аҭел дизасит. Урҭ еицны Ацҳа ҟаҧшь ахь еиццеит. Сара схы ахьызго сыздыруамызт. Ус, аҵыхәтәан аҩны дааит. Иҧштәы ихыгга дыҟан. Дара аҩныҟақәа рахь иаарышьҭит, хымш аинрааларазы аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит ҳәа рыларҳәеит.

– Даур, – лажәа иацылҵон иан Светлана, – акласс аҿы ицтәаз зегьы иара иахь аҭел иасуан, иҵаауан иҟаҵатәузеи ҳәа. Иара лакҩакрада аҭак риҭон: «Зегьы ҳаибашьуеит».

Даур Аҩӡба иҩызцәеи иареи Гәдоуҭаҟа ицаразы аҽеидкылара иалагеит. Акласс аҟны аҵара ицызҵоз Адгәыр Зарданиа ианшьа машьынала ицоз еицигеит.

Даур деидаҳкылеит. Маҭәақәак иарҭмаҟ изҭасҵеит. Иаб имаз аҧара ииҭеит. Убасҟн амҩа данықәлоз ауп данызбаз, уаҳа Даур илакҭа сызҭамҧшӡеит, – лажәа иацылҵон Светлана.

Даур аимадара аус ахьынӡауаз лассы-лассы Аҟәа иалахан иҟаз иани иаби аҭел дырзасуан. «Ацҳала шәиаагоит, шәымшәан, шәалҵ! – ҳәа.

– Иахьагьы ибжьы хаа слымҳа иҭаҩуеит. Аха ақалақь алҵра, ҳара ҳзы даара иуадаҩхеит. Насгьы Даур инапала ииааӡаз ила ааныжьра сцәыуадаҩын. Март 15-16-тәи ажәылараан иҭахаз рсиа рыларҳәеит. Аха ианрыларҳәаз, Даур иӡбахә ыҟамызт. Убри аҟынтә агәыҕра сыман,  иҧсы ҭоуп ҳәа… Аҵыхәтәантәи аҕба Аҟәантә Гәдоуҭаҟа сыҧшәмеи сареи ҳаццон. Уаҟа Дима Аҩӡба даҳҧылеит. Сыҧшәма ижәҩахыр днықәҧшны Дима дынихәаҧшит… Уи иҿаҧшылара зегьы аҳәон. Даур дышҭахаз инышәынҭраҿы саннеи агәра згеит. Усҟан сгәаҵаҿы иҿыхаз ахьаа иахьагьы ибылбылуа амца  сыцроуп, – лҳәоит Светлана.

– «Агәымшәаразы» амедал занашьоу, Даур класск аҿы аҵара ицызҵоз Ҭемыр Голанӡиа игәалаиршәон: «Ҳара зежә шықәса ракәын иаҳхыҵуаз. Гагра ҭадырцәаанӡа абџьар ҳамаӡамызт. Аха иахьынӡаҳалшоз ҳацхыраара ахьаҭахызаалакгьы ҳацхыраауан. Ус, Даури Баҭалбеи Аҩӡбеи Сергеи Аршба напхгара зиҭоз, иҷыдоу агәыҧ ахьазыҟаиҵоз иалалеит. Гагра анҭадырцәы, саргьы уахь сцеит. Нас ари агәыҧ аҟны абџьар ҳарҭеит. Убри нахыс Ешыратәи ахырхарҭахь ҳаиасит. Ҳалахәын  1993 ш. ажьырныҳәа хәба рзы  имҩаҧысуаз ажәылара. Аҩбатәи агәыҧ ицараны иҟаз ҳакәын, ҳахианы ҳгылан, аха ианылҵшәадаха, ҳармышьҭӡеит…

Даур иани иаби Аҟәа иалаханы иахьыҟаз дарҭынчуамызт. Убри аҟынтә, иҟаиҵалак дара рышҟа дцарц иҭахын. Убри аамҭазы хәажәкыратәи марттәи ажәыларазы аҽазыҟаҵарақәа шцоз еиликааит. Зыҩны дыҟаз аибашьҩы Дима Аҩӡба Даур игәҭакы иаҳаит. Диацәажәеит, агәра ииргеит иҟалараны иҟаз ажәылара ишнахоз. Даур Дима иажәақәа рыгәра игеит. Дизыӡырҩит. Усҟан Дима Аҩӡба абас иеиҳәеит: «Ажәылара аҽазыҟаҵарақәа аамҭа аҭахуп. Уара уашьа дубар уҭахын, уца! Унабжьысны уаап, шәеибабап», – ҳәа иаҳәаны ддәықәиҵеит. Даур иҩыза Ҭемыр Џьопуеи иареи еицны амҩа иқәлеит. Амҩан ажәылара ишалагаз аниаҳа, Растов инеихьан, адәыҕба дҭыҵит. Аҧсныҟа дхынҳәит, аибашьцәа иҽырхьигӡеит. «Саргьы салахәын, сырхәит сҩызцәа салыргеит. Аибашьраҿы узықәгәыҕуа урыцымзар, уаанрыжьуеит… Даур ҳакласс аушьҭымҭацәа зегьы раҧхьа днаргыланы, ахыҧша  иман, дҟәышын. Егьырҭгьы ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы ирылшоз рацәахон, урҭ иахьа иҳазхаӡом…», – игәалаиршәон Ҭемыр Голанӡиа.

Даур Аҩӡба зҿы дыҟаз, аибашьра зегьы иалсыз, Леон иорден занашьаз, Аҩӡба Дмитри зыҧсҭазаара иаалырҟьаны иалҵыз абас иҳәон: «Даур иҭахара сшьара сықәнарҟьеит. Марттәи ажәылара дақәымшәаразы Урыстәылаҟа ддәықәысҵеит. Иара изы сгәы ҭынчны ажәыларахь сцеит. Ҳхьаҵуа ҳалагеит. Иҭахази ихәызи рацәаҩын… Гәымсҭа абжьы ихәыз аибашьцәа рыбжьы алыҩуан… Исгәалашәаӡом Гәымсҭа ахықәанӡа шаҟаҩы ахәцәа аазгоз. Убас сҩызцәеи сареи ихәыз аӡәы ҳашиҵаз, «Дима, уҧсы ҭоума?! Гәымсҭа нырцә аӡәы дышьны дышьҭан, уи уара уакәӡамзи?! – ҳәа аӡәы ибжьы сықәиргеит. Иахьагьы уи ауаҩы дысгәалашәаӡом. Аха иаразнак уи Даур иакәзар ҟалап ҳәа ацәалашәара соуит. Иареи сареи ҳаиҧшын. Шьҭахьҟа схынҳәит. Дысҧшааит. Гагратәи аибашьцәа сыцырхырааны Гәымсҭа дыраҳгеит. Сҩыза Даур Сарсаниеи иареи сыҩнаҿы еицыкҿан. Уа сара сгәараҭаҿы анышә иамаҳдеит…

– Аибашьра анеилга, ҳара Дима Аҩӡба иҭаацәараҿы ҳнеит. Иҧсыбаҩ ыҵхны даҳгаразы ҳаннеи, Дима иан Барцыц-Аҩӡба Лиуба: «Сара сыҧсҭазаара саналҵлак дыжәгап. Уажәы ара дсымазааит» лҳәеит. Уаҟа ҧшьышықәса анышә дамадан, нас Аҟәаҟа дааҳгеит. Лечкоп инышәнап ҟаҳҵеит. Даур иахьагьы илаҧш сыцуп. Уи идҳәалоу ахәыцрақәа рыла сыҧсы ҭоуп, – лҳәеит Светлана.

– Даур, хара ихәыцуаз, аҟазшьа ҷыда змаз, игәыбылҩыз, аҩызцәа рацәаҩны еснагь зааигәа иҟаз, аиаша збар зҭахыз иакәын. Инапы злеикуазаалакгьы иқәманшәалахон, ицааиуан. Аспорт аҿы «Ӡиудо» аганахьала Қырҭтәылеи Урыстәылеи дырчемпионхахьан. Уи иқәра шмаҷызгьы, иреиҳаӡоу аҩаӡарахь ахалара даҿын. Зегьы дҳагуп, дҳазхаӡом», – дигәалаиршәон иашьеиҳаб Руслан.

Даур Владимир-иҧа Аҩӡба иҧшӡара, игәалашәара, ифырхаҵара, доуҳала ибеиара, иеилкаара ҳаракӡан. Иҩызцәа ргәаҵантә иаауаз ажәа ҧхақәа изыркуан, алакә-фырхаҵа иеиҧш ихцәажәон.

Аҩӡба Даур Владислав-иҧа 1993 ш. март 16 рзы Аҟәа дҭахеит. «Агәымшәаразы» амедал ианашьоуп.


Г.Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me