142-нтә ажәҩанахь дхаланы, идҵа нагӡаны дхынҳәит

Ажәҩан аҵаԥшра зцәыуадаҩыз, зхы шьҭымхӡакәа ицәажәоз аԥҳәыс лгәаҵа иаҵаҵәахыз ахьаа лнубаалон. Аҭаацәара ԥшӡа, зхы иақәгәырӷьо зыҩны иҩназ, зыхшара зааӡоз, аибашьра иахылҵыз арыцҳара имцабызха даблуа илыцран…
Дәырԥшь ақыҭан, Ԥкьын Виссарион игәараҭаҿы 1972 шықәсазы аԥсуа чара ԥшӡа руит.

Ԥкьын Леонид Виссарион-иԥа аԥырҩы иԥсҭазаара Ешыратәи аҭыԥҳа Аҩӡба Нелли илымеидеит. Ҩыџьа ахшара рхылҵит: Асҭандеи Баҭали. Ҳәоуеиқәшәала еицынхон. Ирзааигәазгьы изҭахызгьы реигәырӷьон. Нелли лабраа араса рацәаны ирыман, Ешыраҟа ахәыҷқәа лыманы дцеит арасаҟәшәараҿы ирыцхраарц. Уа ишыҟаз аибашьра ишалагаз раҳаит.
– Азныказы, – лҳәеит Нелли – аибашьра ишалагаз агәра ҳамгаӡеит. Аха, 1989 ш. иҟаз аидыслара аан аеродром ааигәара инхоз аԥсуаа иаҳхаагаз ҳара ҳауп издыруа. Аибашьра ианалага Ԥкьын Леонид иҭаацәа хымш Аҟәа иҟан. – Лиониа иҩыза Тапаӷәуа Тарики иареи, - лҳәеит Нелли, – автоматк рыԥшаан, ирыманы Ацҳа ҟаԥшԥь аҟны игылан. Аԥшьымш рзы Гәымсҭа ҳарны, Гәдоуҭаҟа ҳааит.
Ԥкьын Леонид Виссарион-иԥа диит 1949 шықәса ԥхынгәымза фба рзы. Гәдоуҭа араион Дәырԥшь ақыҭан. Дәырԥшьтәи абжьаратә школ дҭалоит. Уаҟа ахԥатәи акласс аҟынӡа аҵара иҵеит. Уи ашьҭахь Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат ахь диаргоит. Ашкол ашьҭахь Новочеркассктәи аполитехникатә институт дҭалоит. Аха араҟа агәахәа ахьинамҭаз аҟынтә, аҩбатәи акурс аҿы дыштәаз, арзаҳал ҩны ари аҵараиурҭа аанижьуеит. Уи арзаҳал инапала иҩу ахкьыԥхьаа иаҳәшьа Лиудмила лҿы иҟоуп. Дхәыҷы аахыс аԥырра бзиа ибон. Убри аҟынтә Кременчуктәи аԥырратә ҵараиурҭа дҭалоит.
1971 ш. Леонид Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҿы аусура далагоит. Раԥхьа АН-20, АН-24 рыла дԥыруан, аха нас ТУ-134 аҟны агәыԥ деиҳабын. Ԥкьын Леонид иԥырратә мшынҵаҿы 18 шықәса дшыԥыруаз ануп. СССР иаҵанакуаз ареспубликақәа раҳҭны-қалақьқәа, шамахамзар зегьы рахь дԥырхьан. Иара ТУ-134 аҟны командирс дшыҟаз тәанчара дцеит. Уи еиҳараӡак уахынла акәын иуалԥшьа анынаигӡоз.
Леонид аибашьраан Гәдоуҭаҟа данаа иаб иаҳәшьа Ԥкьын Фросиа лҟны иҭаацәа иманы дынхон. – Ҳара аҭаацәараҿы ҳаилибамкаауа иҟамлацызт, – лҳәеит иԥшәма Нелли, – иара иус идыруан. Убри аҟынтәи даныԥырлак, ихәыҷқәагьы саргьы имҩа ҳагәқәа ҭӡыӡаауа ҳазыԥшын…
Леонид иҭаацәа иманы иаҳәшьаду лҟны дахьыҟаз ашҭа аихатәы гәашә ҿан. Иара анауртуазгьы, ианауркуазгьы абжьы гон. Леонид аԥырра данцалак иԥшәма, дмыцәаӡакәан аиарҭа дшылатәоу илыршон. Ашамҭаз агәашә абжьы ангалак, лгәы аалырҭынчуан.

Леонид аибашьраан 142-нтә ажәҩанахь дхаланы, идҵа нагӡаны дхынҳәит. – Даныԥыруаз –игәалашәонАԥсны Афырхаҵа, аԥырҩы Виачеслав Ешба– лахьеиқәҵарак инубааломызт. Иара дхаҵаҵәҟьан. Аибашьра ианалага нахыс ус иҳәон: «Аԥсуаа ҳаиааиуеит, аӷа иҳақәлаз аамҭала иаразнак даҳзықәымцаргьы, ахақәиҭра Аԥсны иҟалоит».
«Леонид уахынла асааҭ 12 реиԥш ажәҩан ахь дхалон, дхынҳәуан ашарԥазы, асааҭ хәба реиԥш. Уи ҳаирпланла, ма вертолиотла ажәҩан ахь данхалоз, – лҳәеит Нелли, – аҩнуҵҟа алашара адыркӡомызт, априбор излахәаԥшуаз иҷыдаз акәаҷаб рыман. Уи убасҟак ишәарҭан, аха убри аԥҟара акәын дзықәныҟәоз иара…» Аԥырҩцәа реиҳараҩӡак хатәгәаԥхарала акәын адҵа рхахьы ишыргоз. Леонид илаз агәаӷьра еснагь иныԥшуан… Аибашьра цонаҵы уи дԥырны дхынҳәыцыԥхьаӡа ихәыҷқәа дреигәырӷьон, игәыдиҳәҳәалон, инаскьаны ирызгәдуны иры­хәаԥшуаз Нелли маӡала анцәа еиԥимырхарц диҳәон.
Леонид аҵыхәтәан иҭаацәа рҟынтә данцоз–¬акыр днаскьахьан, даахынҳәын, ихәыҷқәа ирымбартә, ирмаҳартә, иԥшәма ус леиҳәеит: – Нелли аибашьраҿы иҟамло акгьы ыҟаӡам. Сара сзымхынҳәыр, бара ҳхәыҷқәа ршьапы рықәыргылара даара ибцәыуадаҩхоит… Абри снапы иахоу ҳнапеимдахьа, – ахьтәы мацәаз бзаансыжьыр сҭахуп». Амацәаз инапы иаахыхны иԥҳәыс иналиркит… Нелли илҳәашаз лзымдыруа, лыԥшәма днаскьалгеит.
Леонид 1993 ш. рашәарамза 14, рзы Мра­гыларатәи афронт ахь дԥыруан. Ҳажәлар уаҟа изызгәаҟуаз аџьаԥҳани афатәи-ажәтәи рзигон. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәыз авертолиот МИ-8 ашьыжь Гәдоуҭантә Тҟәарчалҟа иԥрит. Ԥшьҩык аекипаж ҭатәан: Игор Мозговои – акомандаҟаҵаҩ (Урыстәылатәын), аҩбатәи аԥырҩы – Ԥкьын Леонид, абортмеханик Ҭарба Рудик, Монтаи Игор (Урыстәылатәын), иара убас аҩнуҵҟа иҭатәаз апассаџьырцәа 14-ҩык ыҟан… Зегьы аӡәаӡәала зыхьӡи зыжәлеи ҿырҳәала издыруаз Нелли аӡәы дылцәыбжьахар ҳәа дшәаны реиқәыԥхьаӡара даҿын…
Аҩӡба-Ԥкьын Нелли рашәарамза 14 ауыха аихатә гәашә абжьы гозар ҳәа дышӡырҩуаз иккаӡа иаалыршеит… – Усҟан, – лҳәеит Нелли– ҽеи шыҟамыз еилыскааит.
Мышқәак рышьҭахь иларҳәеит, ихынҳәны ишаауаз аӷа инапаҵаҟа иҟаз, Марыхәтәи аиҩхаа, ақыҭа Ажара авертолиот ракетала аӷацәа шеихсыз. Ахы анақәшәа, аекипаж авертолиот дыртәарц иалагеит, аха иманшәаламхеит. Аҵыхәтәан ацаҟьа иаахан иԥжәеит…

2014 шықәсазы Нелли ари ахҭыс анеи­ҭал­ҳәоз, абас лҳәеит: – «Иҭатәаз зегьы ҭахеит ҳәа ирҳәо аинформациа хасҵаӡом. Леонид иарбан уадаҩразаалак еснагь далҵуан, иааигәа иҟазгьы алигон… Авертолиот акыраамҭа иашьҭан. Ианырыԥшаа, аԥсыбаҩқәа ахьыҟаз инеир ҳаӷацәа ируамызт. Усҟан Аԥсны Аиҳабыра Урыстәылатәи аԥырҩцәа злахәыз иҷыдоу агәыԥ аԥырҵеит. Ари агәыԥ иалахәыз ааҩык ашәанцәа итҟәаны иргоит. Урҭ ԥыҭрак иҭакны ирыман. Аҵыхәтәан агәыԥ ҷыда аԥсыбаҩқәа раагара рылшеит. Аӡәаӡәала сырхысны избеит. Рымаҭәа гәасҭеит, аха Леонид ихаҭара шьақәзырӷәӷәоз акгьы сымбеит, исзымԥшааит… Аамҭа шаҟа цахьоузеи, аха уи ицәаара сыцуп, зны архәара даавҵны даасԥыларашашәа сгәы иснаҭоит… Нас ԥшьшьаала снатәаны схәыцра сҽасҭоит…
«Аибашьра зегьы Анцәа дызцыз Леонид ибаҩҷац ыҟамкәан дынбжьаӡны цашьа имамызт. Аамҭа иага царгьы ихабар, хымԥада, иҟалоит, – лҳәеит Нелли, – избанзар иҩызцәеи иареи рыԥсадгьыли рыжәлари рзы рыԥсы ҭан, рыгәқәа цқьан, урҭ рыԥсадгьыл ахь ирымаз абзиабареи рдоуҳатә мчи иахьчароуп».
– Леонид, – лҳәеит иаҳәшьа Лиуда, – акалашәа дшан. Ахаан ибжьы рдуны дымцәажәаӡацызт. Ижәлар рзы иԥсы ҭан. Даныхәыҷыз инаркны уи абзиабара ицын. Ҳаԥсуа жәлар рхаҿсахьақәа узырбо асахьақәа асып иалхны дышқәыԥшыз аус адиулон. Ианиқәманшәалахалак, деигәырӷьон. Леонид ихшазгьы ус иааӡон. Иара хабарда даныбжьаӡуаз, дара 15-16 ш. рхыҵуан. Иԥҳа Асҭанда лаб ихабарк ҟаларазы есымша лшьамхы арсны анцәа диҳәон. Иԥа Баҭал иаб ибзиабара ииааит, дахәаҽит, даблит. Уи иҟамзаара дахычмазаҩхан иԥсҭазаара далҵит… Уи агәырҩа ҳаб игәараҭа ианымҵӡо иаанхалеит…
Леонид иԥа иахьабалак дигон, дихылаԥшуан, еицын.


– Аибашьра ашьҭахь схала исааӡ­еит, – лҳәеит Нелли. – Сыԥха­м­шьо ааӡ­а­реи адырреи рысҭеит. Сгәырӷьаҵәа сшыҟаз, сыҷкәын дсыцәцеит… «Исылымшеи, исзыҟамҵеи?» – ҳәа схы сазҵаауеит. Баҭал иреиҳау аҵараиурҭа далгеит, диуристын, Аҟәатәи администрациаҿы аус иуан. Иаб дихагылазар уи еиԥш шимыхьуаз агәра згоит… Ичымазара зыхҟьаз– иаб даниҭахыз, иааигәа дҟамлеит…
Ԥкьын Леонид иҳалалреи, идырреи, имшәареи, иџьбарареи ззаанижьыз аҩнаҭа Асҭанда лылаԥш ахуп. Лара дсахьаҭыхҩуп. Лҟазарала ажәлар агәырӷьара рылҭоит. Зыҿцәажәарала аӡәырҩы хызхуаз Нелли хшыҩла дҳаракын, еилкаарала дҵаулан. Аҵыхәтәан абас лажәа хлыркәшеит. Ахаан сгәы самжьацт, убри аҟнытә МИ-8 Мархьаултәи акаҵәараҿы иҭахеит ҳәа иҳәоу агәрагара сцәыуадаҩуп. Ииашаҵәҟьан, уи уа иҭамхакәан, ус ихәыцу акы акәзар, даараӡа игәнаҳауп… Нас иара акәзар иҭахаз, уаантәи иаагаз амаҭәақәа рҟынтәи иара иитәыз аӡәгьы изизымдыри?! Иҟалап, сгәы сажьозар?! Ус иҟазар ахьысҭаху аҟынтә ус сазхәыцуазар?!.
Нелли лхы-лҿы аалхалашан, ихааӡа гәалашәарак ахь дниасит… Владислав Григори-иԥа Арӡынба дихцәажәон: – Сара 10-тәи акласс аҿы сантәаз Ешыратәи абжьаратә школаҿы апрактика дахысуан. Сара уи иҿынтә адыррақәа ахьсоуз насыԥ дуӡӡан. Илацәажәара сцәыцәгьоуп, идырра, ихшыҩ, иуаҩра – зегьы ирылаӡам… Исхашҭӡом Леонид Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы анихырҵа, аорден снапаҿы иансиҭаз, сааигәыдыҳәҳәалан, ус иҳәеит: «Ҳара зегьы бзиа еицаабоз аԥырҩы Леонид…»– ҳәа. Владислав Арӡынба иеиԥш иҟоу ажәлар рҿы дыҟазароуп…
Аԥсны Афырхаҵа Ԥкьын Леонид Виссарион-иԥа 2023 шықәсанӡа хабарда ибжьаӡыз дырхыԥхьаӡалан. Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилаки аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аԥсны анацәа Рхеидкылеи русура иабзоураны, 2023 ш. Ԥкьын Леонид иԥсыбаҩ ԥшаан. Уи Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы анышә иамардеит.

Гугуца Џьыкырба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me