Валери Гамгиа диижьҭеи – 80 шықәса

Валери Валикәа-иԥа Гамгиа, збаҩхатәреи зҭыхымҭақәеи рыла Аԥсны анҭыҵгьы зыӡбахә наҩхьоу сахьаҭыхҩуп, графикуп, ҿыханҵаҩуп. Аԥснытәи АССР-и Қырҭтәылатәи ССР-и зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы, Аԥсни СССР-и рсахьаҭыхҩцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсны Жәлар рфорум «Аидгылара» агәҭа иалагылаз, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Бираҟи Агерби дравторуп.


1960 шықәсазы Кәтолтәи ақыҭатә школ даналга, Аҟәатәи асахьаҭыхратә школ аҟны иаартыз астудиа дҭалеит. Иара асахьаҭыхрахь имаз агәақәкреи аҽазышәареи ирыбзоураны, рацәак џьабаа мбакәа иҵара иациҵарц дҭалеит асахьаҭыхра Қарҭтәи академиа аграфика афакультет. 1971 шықәсазы уи афакультет ибзиаӡаны далгеит, идипломтә усумҭа иахьӡын «Аԥсны иахьа». 1972 шықәсазы Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла еиҿнакаауаз ацәыргақәҵақәа дрылахәын, иусумҭақәагьы ахәаԥшцәа иргәаԥхон, ахәшьара бзиа роухьан. Ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аҟны сахьаҭыхҩы хадас дыҟан.
Валери Гамгиа 1974 шықәсазы СССР асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ашҟа дрыдыркылеит. Уи ихьӡ иузаҟәымҭхауа иамадоуп иҳаҩсыз ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа раан Аԥсны амонументалтә ҟазара. Гамгиа имонументалтә фрескақәа, ипанноқәа аҭоурыхтә, аетнографиатә, асахьаркыратә ҵак ду рымоуп. Урҭ иреиуоуп – «Аԥсҭазаара аҵла», «Шьардаамҭа», Аҟәа, асасааиҭа (1977), Ҷлоу ақыҭан «Абраскьыл» (1981 ш.) уҳәа егьырҭгьы.
Ҷлоу ақыҭан акультура Аҩназы шәыга хәшала иаԥиҵаз, ф-композициак рыла еибарку имонумент­алтә ус­умҭа ду «Абраскьыл» азы ианашьан Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа.
«Гамгиа ирҿиара даара хкырацәала еиларсуп, асахьаҭыхҩы ихаҭа еснагь иҽԥишәон, формак иҽҭеигӡар иҭахымызт. Валери ус сахьаҭыхҩуп ҳәа ихцәажәара азхом. Ирҿиаратә ԥсҭазаара хациркит графикк иаҳасабала, убри аганахьала даара аинтерес аҵоуп иусумҭа «Сара с-Аԥсны». Абраҟагьы аграфикаҿы даагылар иҭахымызт, иҭыхымҭақәа рҿы аинтерес изаҵан аԥшшәгьы», – иазгәалҭон асахьаҭыхҩы Ольга Воицеховскаиа-Брендель.
Валери Валикәа-иԥа Гамгиа аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭтәратә қәԥара активла далахәын. 1977-1979 шықәсқәа рзы жәлар реизарақәа реиҿкааҩцәа дыруаӡәкын.
1992 шықәсазы Аԥсны Аҳә­ынҭқарра агеральдикатә символқәа раԥҵаразы аконкурс рылаҳәан.
В.В. Гамгиа иҟаиҵаз Агерби Абираҟи рескизқәа аҳәынҭқарратә комиссиа иаднакылеит, 1992 шықәса ииуль 23 аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҿы ишьақәырӷәӷәан.
1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еиба­шьра ашықәсқәа раан Валери Гамгиа Гәдоуҭа дыҟан. Иара иаԥиҵеит аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рхаҿра: Леон иорден, «Аԥсны Афырхаҵеи» «Агәымшәарази» амедалқәа. Урҭ аҵыхәтәантәи иусумҭақәа ракәхеит. Иԥсҭазаара далҵит 1992 шықәса октиабр 21 азы.
Аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь 1994 шықәсазы В. В.Гамгиа ианеишьеит Леон иорден.
В.В. Гамгиа иусумҭақәа шьҭоуп Аԥсны Аҳәынҭқарратә милаҭтә сахьатә галереиа, акультура Лыхнытәи Ахани абжьаратә школи, акультура Маҷаратәи ақыҭатә Ҩни, акультура Ҷлоутәи ақыҭатә Ҩни рҟны, иара убас Москва, Санкт-Петербург, Маиҟәаԥ уҳәа ахатәы коллекциақәа рҿы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me