Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа диԥылеит Архангельсктәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ – агубернатор Иусбарҭеи Аиҳабыреи рнапхгаҩы Ваге Петросиан. Асас дидныҳәалауа, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны анапхгара аҵак ду шрырҭауа Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа рҟны аизыҟазаашьақәа.