Агәылаша зызҭаз ауаҩы

Валентин Семион-иҧа Барцыц диит сентиабр 16, 1934 шықәсазы, Гагра ақалақь аҟны. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан, 1942 шықәсазы, уи иҭаацәа аамҭала ҳәа нхара Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭахь имцар амуит.

Убраҟа ауп Валентин аашықәсатәи ашкол дахьалгаз, 1948 шықәсазы. Анаҩс, абжьаратә ҵара иоуит Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә аҧсуа школ аҟны. 1953-56 шықәсқәа рзы амшынтә флот аҟны аррамҵзура ихигон. Иуалҧшьа анынаигӡа ашьҭахь дҭалоит азыҟаҵаҩцәа рҵараиурҭа, аамҭакахьалагьы аус иуеит Ахәыҷтәы-қәыҧштә спортшкол аҟны, абырзен-аурымтә еиқәҧара азыҟаҵаҩыс. 1968 шықәсазы Валентин Барцыц Ленинградтәи аҳәынҭуниверситет иатәыз аспортбаза аиҳабыс дҟарҵоит. Аҭакҧхықәра ду зцыз ари анапхгараҭаратә усураҿы лыҵшәа бзиала аус иуит 1973 шықәсанӡа. Нас, уи инапхгараҭаратә лшамҭақәа азгәаҭаны, диаган, зшьапы ақәыргылара аҭахыз, аҿар гәабзиарала изҩыданы рааӡаразы зда ҧсыхәа ыҟамыз, абокси, ақәҧареи, атлетика ласи Аҟәатәи рхәыҷтәы-хбыџтә спортшкол адиректорс.
Анцәа ­ду ибзоурала, иахьа иҳамоуп ҳаз­ҿыҧшыша, здоуҳамч ҳаҽныҵаҳкыша аҧсуа хацәа еиҳабацәа ҧыҭҩык. Убарҭ ахацәа рыгәҭа дгылан абык, иашьеиҳабык иеиҧш ҳазхәаҧшуаз, ажәытәтәи аҧсуа аамысҭашәала иааӡоу, ҵарадырреи ҧсабаратә ҟәышреи рыла ибеиуоу, иахьатәи аамҭа ахраӡага икылхны аҧсуа цәа аҟәынҵара иацәымаашьо, еснагь иазықәҧоз Валентин Семион-иҧа Барцыц.
Арҭ ацәаҳәақәа равтор насыҧ сыманы схы сыҧхьаӡоит Валентин Семион-иҧа изааигәахара разҟыс иахьсоуз. Сара сымацара соума, уи изааигәаз ҳаҧсуа интеллигенциа иаҵанакуа ауаа шьарда ирацәоуп. Знык иадымхаргьы уи иааигәара иҟалаз, ихаара згәаҵа иҭаҷҷаз, ацқьаҭыҧ алҧха зауны иаднаҧхьалаз дзаҧырҵраҳа – иҧырҵшьа ыҟаӡамызт.

Уажәшьҭа идыру усуп, абас еиҧш иҟаз ауаҩы дзакәытә напхгаҩыз, рҵаҩыз,ааӡаҩыз. Убри азакәхап жәашықәсала напхгара зиҭоз аколлективи иааӡамҭацәеи сааҧсеит, атәанчарахьы сцоит ҳәа днарҧырҵны дцар зырҭахымыз, дагьзоурмыжьуаз. Ишҧаҟоу, нас, аб бзиа дызхагылоу аҭаацәа? Урҭ еснагь рҳәоу еиқәшәоуп, ируа-ирҳәо ахы аҭоуп, агәы аҵоуп, рааигәара аҟазаарагьы мышныҳәак иаҩызоуп.
Валентин Барцыц дшыҷкәынӡаз инаркны агәабзиара зҩыда иазрыцҳамыз, аспорт ахь абаҩхатәреи агәаҳәареи злаимаз ала, иҧсҭазаара зегьы уи иазикырц аниӡбагьы, уаҳа хьаҵшьак злаимамыз ала, Аҧсны аспорт аусхкы аҟны инижьит абиҧара ҿа зхыҧшылалаша, рҵага шәҟәык ирзаҩызоу аҟазаратә мҩа. Ус еиҧш иҟоу амҩа лаша ачаҧара зегьы ирлахьынҵаӡам, ҷыдала иалҧшаау ракәымзар. Уамашәагьы уаҩы ибартә иҟоуп, Валентин Семион-иҧа, аџьбарара зцу аспорт ауаҩытәыҩсатә ҟазшьа гәнаала алачаҧаны аҧхьахәқәа рахь ркылгара илзыршоз амч ду ахьынтәааигоз. Уи иҧсабаратәу, аха еилкаам ҧсҭазааратә маӡа дууп. Убри амаӡа акәхап иахьанӡагьы абзиеи ацәгьеи реилыршәшәара зылшогьы.
Аҟаза ду изкны ажәа аҳәара мариам, аха уи инысымҩаҟны имоур ҟалом изааигәоу имҩалацәа, урҭ иаҳа ирымоуп ирҳәаша, иацтәи амҩақәа иахьа даҽакала ауаа анзырҧшылаша. Абар уи дышихцәажәо, аҵареи Аминистрра аспециалист хада Аслан Ҭаркьыл: «40 шықәса инареиҳаны Валентин Семион-иҧеи сареи ҳаибадыруан, ҳаизааигәан ҳусеицура иабзоураны, Асовет ҳәынҭқарра еилаҳаанӡа Валентин дызхагылаз аспортшкол иреӷьу аспортшколқәа ирхыҧхьаӡаланы СССР аҵара Аминистрра ахәшьара ҳаракы ҟанаҵахьан.
Ҳара ҳаибашьра ашьҭахь еилаҟәыбаса еилажьыз ари ашкол ҿыц ишьақәыргылатәхеит, ашьапы иқәыргылатәхеит. Арахь, ахныҟәгаразы аҭагылазаашьа бааҧсқәа шыҟазгьы, Валентин Барцыц илшеит уаанӡатәи изыҟаҵаҩцәа реиқәырхара, уимоу, азыҟаҵаҩцәа ҿарацәагьы адиҧхьалеит. Аспортшколахь еиҭахгьы рымҩа ирхеит аҟыбаҩ змаз ахәыҷқәа, аҭагылазаашьагьы рзаҧиҵеит, урҭ иааиҧмырҟьаӡакәа азыҟаҵарақәа ирхысларц азы. Уи иеиҿкааратә усурақәа ирыбзоураны зыӡбахә ҳамоу ашкол ааӡамҭацәа адунеии, Европеи, Урыстәылеи рачемпионхареи раҧхьахәтә ҳамҭақәеи ирыҧсахеит».

Валентин Семион-иҧа убриаҟара иусура аганахь ала ихатә џьатә культура шьақәиргылахьан, ашьыжь шара иамакуа, амра ҿыц агылара дныҳәа-ныҧхьо днаҧыланы еснагь аспортшколахь дыццакуан.Исгәалашәоит, аибашьра ашьҭахь, уи изааигәаз иҩызцәа рҟнытә исаҳахьаз абарҭ ажәақәа: «Аҟәа ахы ишақәиҭхаҵәҟьаз, еибашьҩык иаҳасабала ҳаруаа ирыцыз Валентин иусура азааигәара дшынхозгьы, иҩныҟа днеиаанӡа, аҧхьаӡа деиханы дахьцаз аспортшкол ахь ауп» – ҳәа. Абас ауп дшыҟоу агәыҭбаа, агәылаша зызҭоу, зхатә ус аасҭа ажәлар рус гәыҵхас измоу ауаҩы.
«Сара Валентин Барцыц даныздыр инаркны, – иҳәеит, Урыстәылатәи Афедерациа акинематографистцәа Реидгыла иалоу, акиностудиа «Родина» адиректор хада Леонид Махкамов, – иахьа уажәраанӡагьы ари ахаҵеи сареи ныџьнатә аахыс ҳаибадыруазшәа сгәы иабоит. Акырӡа сазхәыцхьан уи дзеиҧшнысшьаларатә аҩызцәа ааигәацәа исымаз, ма уи иҭоурых сазҳәахьаз. Ааигәоуп сара ианеилыскаа схаҿы иҟаз, сызмырҭынчуаз ахәыцрақәа рҭак ахьыҧшаатәыз. Ҳаныхәыҷқәаз инаркны ҳзыҧхьалоз ашәҟәқәеи, ҳазхәаҧшуаз акинофильмқәеи рфырхацәа еснагь иҿарҧшыган: ахаҵара, агәаҕьра, агәыҭбаара, аџьа абзиабара рылан, ацхыраара зҭахыз еснагь ивагылан. Урҭ зегьы ҳаблаҿы иаарҧшын ихӡырымгаҩцәаны, иуаа ҿырҧшыгақәаны. Насгьы урҭ убриаҟара иуаацқьақәан, игәыбылҩцәан, ҳаргьы ҳреиҧшзар ҳҭахны ҳазҳауан, аҧсҭазаараҿы ииашаны урҭ реиҧш иҟаз ауаа шмаҷыз шаадыруазгьы.
Агәра ганы сыҟоуп, урҭ афырхацәа иреиҧшу иахьагьы аӡәык-ҩыџьак нханы ишыҟоу. Убарҭ рыгәҭа дгылан Валентин Семион-иҧа…»
«Валентин Семион-иҧа зеиҧш дҟамло, иџьоушьаша уаҩуп, – иҳәахьан атлетика хьанҭа азы адунеи арекордсмен Руслан Ҭаркьыл. – Аҧсуа спорт аҿиара ихы-иҧсы аиҭеит, зхаҿы аагара уадаҩу илшарақәа адиҵеит. Уи еидкыланы имаз аколлективи иареи рыбзоурала дызхагылаз аспортшкол иреиҕьӡақәоу ирхыҧхьаӡалоуп. Уаҟа иара имоу аҳаҭырқәҵара иахьагьы иҳәаақәнаҵо рацәоуп. Иара, Анцәа зылҧха иҭаны, арҵаҩратә бҩахатәра ҷыда илаҵаны иишаз уаҩуп. Уи иҿаҳҵааша ахьырацәоу, аха иҳауз аҭагылазаашьа имаҷны ҳхы иахьаҳархәо азы иҳаноумыжьша рацәоуп. Аспорт иадҳәалоу ауаа ибзиаӡаны ирдыруеит 90 процент азыҟаҵаҩ иџьабаа аспортсмен илыҵшәақәа шракәу. Валентин Семион-иҧа уи аҧҟара еиларымгарц азы азыҟаҵаҩцәа ириҭоз адҵақәа рынагӡашьа еснагь дазҿлымҳан, иаадырҧшуаз алҵшәақәагьы – идыру усуп. Насгьы, дыҟамзар ҟалап даҽаӡәы, Валентин иаҟара, аҽазыҟаҵара ҳәа раҧхьаӡа акәны иааиуа ақәыҧш днаихәаҧшны, анаҩс илҵраны иҟоу здыруаз. Дагьизиҧшаауан нас уи илоу илхра зылшаша азыҟаҵаҩгьы.
Аҧсны агәадура Денис Царгәыш иакәзар, аспорт ду ахь раҧхьатәи ишьаҿақәа ахьеихигаз ари ашкол аҟноуп.
Амилаҭқәа зегьы рыҟны аиҧш аҧсуаагьы рҟазшьа ҷыдарақәа ируакын – аҽыҩ бзиа азыҟаҵараан иҟазоу, зымшьҭа бзиоу ауаҩы инапы анҵара. Усҟан урҭ ирдыруан иааҧшраны иҟаз алҵшәақәа. Аспортсменцәа қәыҧшцәа разыҟаҵара аангьы убасҵәҟьа ауп. Урҭ напы рыдикылароуп зымшьҭа бзиоу, здоуҳамч зҩыдоу азыҟаҵаҩ, аиҳабы. Убас иҟоу дреиуоуп Валентин Семион-иҧа».
Аспортсменцәа қәыҧшцәа рааӡараҿы илшамҭа дуқәа рзы ихҵан: «Аҧснытәи АССР зҽаҧсазтәыз азыҟаҵаҩ», «Афизкультуреи аспорти зҽаҧсазтәыз русзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа, хыҧхьаӡара рацәала аиҳабыратә ҳамҭақәа. 2003 шықәсазы «Арҵаҩы-аиҿкааҩ» аноминациа ала имҩаҧгаз арҵаҩратә ҟазара азы аконкурс аҟны Валентин Барцыц далкаахеит.
Ҳџьынџьтәылатә еибашьра аветеран ианашьан «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара.

Енвер АЖЬИБА

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me