Аиааира 30 ш. ахыҵра аныҳәеи Аҧсны жәларбжьаратәи азхаҵара 15 ш. ахыҵреи ирызкны октиабр 2-4 рзы имҩаҧысуан Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Амшынеиқәа-Кавказтәи арегион аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи рпроблемақәа». Уи еиҿыркааит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститути, Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә еилаки.

Шәачатәи аиԥыларақәа

05 Жьҭаара 2023 11:25
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Шәача ақалақь аҿы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров диԥылеит.
(Алгарҭа. Алагарҭа ануп «Аԥсны» № 59-60)
Октиабр 4 рзы Шәача имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путини реиԥылара.
«Аԥсны жәлар аибашьраҿы аиааира ргеит, аҭынч ԥсҭазаараҿгьы иаиааиуеит, ҳара аԥхьаҟа аизҳазыӷьара амҩа иацаҳҵоит, арбгара акәымкәа», – иҳәеит Аслан Бжьаниа 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазкыз арратә парад аҟны.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me