Иажәа ажәан, иус нагӡан

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, ҳашьцәа Нхыҵ-Кавказаа иарӷьажәҩаны иҳавагылеит. Иҳацрыхьчеит ҳаԥсадгьыл, аӡәырҩгьы рхы ақәырҵеит. Аибашьра ианалага раԥхьатәи амшқәа рзы Аҧсныҟа зымҩа хаз дыруаӡәкхеит аибашьраҿы акыр аџьабаа збаз, Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ зыхҵаз Алхазур Сулеиманов. Зажәеи зуси назыгӡоз ари ауаҩ ҳажәлар ашьаарҵәыра ианалагылаз аамҭазы, уи игәы иҵанаҳәаны аҧсуаа дҳавагылеит, иҧсҭазаарагьы ҳадиҳәалеит.


Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аҧсны Афырхаҵа Алхазур Сулеиманов диит Ҟазахсҭан 1959 шықәсазы. 1968 шықәсазы уи иҭаацәа нхара ҳәа ииасит ақалақь Гразныиҟа.
Алхазур Сулеиманов Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, зегьраҧхьаӡа сашьцәа срывагылоит ҳәа Аҧсныҟа иааз дыруаӡәкуп. Уи Аҧсныҟа амҩа дықәлеит август 19, 1992 шықәсазы. Усҟан иара аус иуан Чечентәыла ателехәаҧшра аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс, атехникатә еиқәыршәара аганахьала.
Алхазур Сулеиманов «Абаза ТВ» иаиҭаз аинтервиу аҟны иҳәоит уи Аҧсныҟа амҩа иқәлара шыҟалаз атәы. «Ҳарҭ ҳаҟан ателехәаҧшраҿы. Ахәашаҽны, август 14 рзы аибашьра иалагеит. Адырҩаҽны ҳарҭ ҳцар акәын, хатәгәаҧхарала Аҧсныҟа зашьцәа ирыдгыларц ицоз ауаа асиа рҽахьанырҵоз аҭыхра. Убраҟа сара дыздырит Гена Аламиа. Уи иажәақәа «жәаҩаҩык роуп ацҳа зыхьчо атанкқәа раанкыларазы» ҳәа ииҳәаз, сгәаҵаҿ иаанхеит»,– иҳәеит Аҧсны Афырхаҵа «Абаза ТВ» иеиҭаз аинтервиу аҟны. Иара убри аиҿцәажәараҿы Алхазур иазгәеиҭеит аҩны данааи иан ишлеиҳәаз хатәгәаҧхарыла Аҧсныҟа амҩа иқәло ауааҧсыра асиа рҽанҵара ишаҿу. Иан усҟан илҳәеит урҭ ииашаны ишыҟарҵо. «Убарҭ сан лажәақәагьы анырра ҟарҵеит сара Аҧсныҟа амҩа сықәларазы», – ҳәа азгәеиҭеит Аҧсны Афырхаҵа.
Иара убс 2008 шықәсазы ажурналист Сырма Ашәҧҳа лдырраҭара «Аиашьара амҩала» аҟны аинтервиу змылхыз Алхазур Сулеиманов иҳәоит ауаҩы даара инарҵауланы дзырхәыцша хҭыск. Уи иажәақәа рыла, иара акырынтә, хаҭала, аибашьра адәаҿы иҭахоз ҳашьцәа рыҧсыбаҩқәа рҭаацәара рышҟа ианыргоз дрыцын. Уи даараӡа ихьамҭоу акы ауп. Убас, иҭахаз афырхаҵа иҭаацәара ирарҳәарц ианнеи аамҭазы, аб иаразнак идырт иҟалаз, иан илашәҳә ҳәа реиҳәеит. Ан лҿы аҳәара рзыгәаҕьуамызт. Ҿымҭ игылан зегьы. Ан дҵааит, рыуа дарбану ҳәа. Уи ҧшьҩык аҧацәа дранын. Аӡәгьы изымгәаҕьит аҳәара. Убасҟан, Алхазур иҳәеит «зегьы реиҳа иҧшӡаз, зылақәа иаҵәаз» ҳәа. Ан лаҕырӡык камҭәакәа аҭак ҟалҵеит. «Уи еиҳа дзыгхаз шәара шәоуп, сара саасҭа, саҭашәымҵан ахәыҟаҵара сахьахьымӡаз, амҩа хара аҟынтәи шәааит ҳәа» ралҳәеит. Алхазур Сулеиманов зыӡбахә ҳҳәаз аинтервиу аҟны иазгәеиҭеит, абарҭ рҩызцәа анацәа рзы иреиҳау аҳамҭа ыҟазар, дара ишранеишьоз, урҭ иаадырҧшуаз ачҳара азы.
Алхазур Сулеиманов иара убасгьы игәы иаҭахымыз акы акәны иҟан иҭахаз, ма ахәра ҕәҕәа зауз ахаҵа арыцҳа ҳәа анизырҳәоз. «Уи ахаҵа иуалҧшьоуп, дрыцҳаушьар ҟалаӡом»,– иҳәон Афырхаҵа. Алхазур Сулеиманов ихаҭа аибашьраҿы изшьапык шицәыӡызгьы уи ахаан хьаас ишьҭимхыцызт. Архивтә кадрқәа рҟынгьы иаабоит, уи изшьапык ала дҿаҧха-ҿаччо дықәгьежьааны дахьыкәашо. Акырынтә зыҿцәажәара анырҵахьаз Аҧсны Афырхаҵа Алхазур Сулеиманов, шамахамзар дызнысыз аибашьратә мҩа атәы аҳәара бзиа ибомызт. Убри аан иажәа ажәан, ииҳәоз ҳәан, иус нагӡан.
62 шықәса дшырҭагылаз зыҧсҭазаара иалҵыз Аҧсны Афырхаҵа Алхазур Сулеиманов дуаҩы разны, дуаҩы лашаны, хашҭра иқәымкәа аҧсуа жәлар зегьы ргәаҵаҿы даанхоит наунагӡа.

Шарида ТОРЧУА

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me