Ахьшькыҩцәа «рчымазара»

Лаҭбеи Смыр дшыхәыҷыз инаркны ашәарыцаҩцәа дрыцын. Ашкол ааныжьны урҭ ахьшьқәа рыкразы аҭыԥ ҷыдаҿы иахьеизоз дцалон. Ақыҭа Приморское ахьшьқәа бзианы иамоуп. Ара «Зазулиа лхәы» ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҿы иахьагьы игылоуп ахьшькыҩцәа рқьалақәа. Ажәытәан ари аҭыԥ ашәырыцаҩцәа еимаркуан, иахьа ахьшь зкуа иҟоу х-ҩы заҵәык ҳауп, иҳәоит Лаҭбеи иқьалахь снаԥхьауа. Мҿыла иргылоу ахыбра уамак идуум. Иманшәалан иҟаҵоуп. Ԥхьаҟа адәҟьаҟьа, ганха амшын агәы ухыԥшылоит, ушьҭахьҟа Афон уалаԥшуеит.


60 шықәса ҵуеит Лаҭбеи ари аҭыԥахь даауеижьҭеи ахьшькра. Уи атәы изырҵаз Рудик Ҳагәышь иоуп. Иара раԥхьатәи ихьшь ари аҭыԥ аҿоуп иахьикызгьы.
«Алаҳәа еиԥш аҟәаҟәа еи­қәаҵәан. Дара ибзиан. Капкин Слава ҳәа дыҟан, уи исҭеит. Нас шәарыцара данцоз сигон. Иара иоуп хьшьла ашәарыцарагьы сзырҵаз», - еиҭеиҳәоит Лаҭбеи. Уи аамҭаз «Быԥши! Иҭалеит!» - иҳәан илаба иқәтәаз иҟаршы архәмарра далагеит, аха ахьшь мыкшаӡеит. «Акы иахнагазар, ҟалап», - иҳәан, иҵыс шьҭахьҟа ақьала иааҵаигалеит. Убри аан адәы дшықәыԥшыц дықәыԥшуан. Иара есышықәса ахьшькра аамҭа аиаанӡа, арахь дааны адәы ирыцқьоит. «Ара абла ҵары умазароуп, хара иубозароуп. Хара иумбар, ахьшь шьҭахьла икшар алшоит», - иациҵоит иажә­а­б­жь Лаҭбеи.
Ахьшькра аамҭа алагоит нанҳәа нахыс, ицоит абҵарамзанӡа, иҟоуп ԥхынҷкәынмзазгьы ианыркуа. Ахьшь укырцаз аҟаршы кны ибжьатәуп, аҟаршы акәзар, уи ркуеит арҵуқәа рыла. Лаҭбеи иаҳирбеит инапала еибиҭаз аҟаршкыга. Иара арҵуқәа ҭаԥсаны иргылоит. Исфоит ҳәа аҟаршы анааилак, акыга ашә акуеит.

«Аҟаршы наганы иқәуртәоит арҵуқәа адҿаҳәаланы. Акры­фара ианалага, шьҭа уацәымшә­ан. Хы­­м­­­­­ш­­-ԥшьымш алаба иашь­цыла­роуп. Иқәтәо ианалагалак, алақәа хҩаны иааҟауҵ­о­­ит, хыхь имԥшырцаз, нас ахьшь ааи­уа­заргьы, иабаӡом», - еиҭеиҳәоит Лаҭбеи.
Аҟаршы шкәакәазароуп ахьшь ха­рантәи иабарцаз. Иара алақәа аумыркыр, аԥырра иаҟәаҵуеит, убри аан ахьшь шәаратәы абжьы аҭгара иалагоит. Аҟаршы ала адыркуан арасацәа адырҷабланы. Иҟан аҽхәыц ала ианырӡахуазгьы, аха еиҳарак асахҭан аддырҷаблоит. Иара изықәтәоу алаба акәзар, ииашаӡа иҟазароуп. Иласызароуп. Лаҭбеи иҟаршы рахәыц ҟаԥшьыла алаба иқәҿаиҳәеит. Убри аан арахәыц ир­ԥшӡаны иҟаҵоуп. Иара ахьшь азы «амаҭәақәагьы» инапала иҟаиҵоит. Урҭ хкы-хкыла имоуп. Шьоукы асахҭан иалхуп, егьырҭ рахәыцла иԥоит. «Аамҭа ансымоу иҟасҵоит. Нас изҭаху ирысҭоит. Уажәы ахьшь дырԥшӡаӡом, избанзар аҟаҵашьа рыздырӡом. Иаԥсоу ахьшь ԥшӡазароуп. Уи аџьабаа абеит, аҽаԥсанатәеит. Ашьапҭаӡгақәа, ашԥырха, зегьы ишахәҭоу иамазароуп», - иҳәоит иара.

Ахьшьқәа еиуеиԥшым - ашәарыцаҩцәа аҩежь, аиқәаҵәа, аҟаԥшь ҳәа еиҩырдыраауеит. Еиҳарак пату зқәырҵо, излаҽхәо - аҟаԥшь ауп, аха уи шьҭа аламала иубом, иҟаӡам рҳәоит дара. Уи ашьҭахь игылоуп аҩежь.
Ҳшеицәажәоз Лаҭбеи илаԥш нақәшәеит иҭалан иаауаз ахьшь, аҟаршы архәмарра дшалага­зҵәҟьа шьҭахьла иааины даҽа хьшьык кшеит. Азныказы иҟалаз сзеилымкааит. Лаҭбеи иҟаршы ахь деихеит ашырҳәа, аха уи аҽарҵасуамызт. Акаҭа илахаз ахьшь акәзар, иҳәыԥ-ӡыԥуа иԥырԥыруан.
- Абасгьы ҟалалоит, - иҳәе­ит Лаҭбеи. Иҟаршы иахьыз игәы иш­алсыз убаратәы иҟан, аха убри аан ишанханы игылаз сара еиҳагьы сеицәазар акәхарын.
- Бымшәан, иҵегь ҳамоуп! – иҳәеит дԥышәарччо.
Ахьшь акаҭа иаалганы ачабра илаҳәаны ишьҭеиҵеит Лаҭбеи. Сара исҳәара изура сзымдыруа сгылан. Ицәгьан ари ахҭыс ашьҭахь, еиҭа аицәажәара алагара...
«Ари агәахәара ду снаҭоит. Уа­­ха ԥхыӡла избоит аамҭа анааилак.Аҟаршы скуеит, ахьшь, арҵу уҳәа абри ҳаҿуп. Абна ҳалоуп ԥхыӡлагьы. Ари иузымхәышәтәуа ибзиоу чымазароуп», - иҳәоит Лаҭбеи, ҳаицәажәара иацҵауа. Убри аан иҟаршы ҿыц акәац аиҭоит, хәыҷык еишьцыларцаз, нас ирхәмаруеит, ишыԥыруа гәаиҭарцаз.
Хара имгакәа хьшьык ҭалан аҿаанахахт. Сара уи збаанӡа Лаҭбеи игәаиҭахьан аҟынтә иҟаршы ақьала иныҵганы иаирбо далагеит. Ахьшь наҳхыԥраан али-аԥси рыбжьара икшеит. Лаҭбеи иҟаршы ақьалахь иҵәахны акаҭа илахаз ахьшь ахь днеит. Иикыз ахьшь шигәаԥхаз убаратәы, амҵәыжәҩақәеи аҵыхәеи ааидкыланы днахәаԥшуан, ишәыра иҭаз аилаҳәагақәа ааҭыганы, ахьшь ашьапҭаӡгақәа аҭара далагеит. Иеибыҭан даналга, аҵлақәа рыбжьара алаба кнаҳаны иқәиртәеит. Лаҭбеи уи дацәажәауа, ажәа хаақәа нақәҵо ахы ишьышьуан. Ахьшь зны иҵԥраарц иалагеит, аха нас аҽырҭынчны аԥшәма ихәаԥшуан.

Ахьшь убжьарцаз, зны унапы иқәуртәароуп, нас ушьамхы. Ала иацәымшәартә иҟаҵатәуп. Зны ишәоит, ихагахоит, аха зегь акоуп ишьақәгылоит. Ашәарыцаҩцәа ахьшь анрыцәцалогьы ыҟоуп. Инеины аҵла ҳаракы иқәтәоит, нас уаҵагьежьуа ача, ма акәтаӷь арбо илбааугароуп. Имлеир уа ухалароуп. Ус еиԥш рмыхьырцаз шьоукы аедықь аҭаны ишәарыцуеит, 20-25 метра аура змоу даҽакала иаҳҳәозар ашашәарахәыц иадҿаҳәаланы.
Ахьшь мышкы ҩынтә акраҿаҵатәуп. Акәац, ма акәҭаӷь ар­ҭоит. Аҟаршгьы убысоуп. Убри аан унапы мыӡәӡәакәа ахьшь ааигәара унеир ҟалаӡом. «Аџьыкахыш аакьысыр ахьшь минуҭк иԥсуеит. Хымш-ԥшьымш уи акрамфеит ҳәа хьаас иумкыр ҟалоит. Иачҳауеит. Ахьшь акранафа, ирлас иубжьоит, иҳәоит Лаҭбеи.

Ахьшь анаурышьҭлак, аԥсабарахь ихынҳәуеит. Ахы ныҟәнагартә иҟоуп, ишәарыцуеит.
Хьшьла ашәарыцара – аԥс­­­­­у­­­­­аа иаҳтәу акоуп. Ахьшь бжьа ала - ача, амџьаӷь, ардәына, аҳәыҳә, аҟә­араса, ацаблыкь, абнакәты, иҟ­ан ажьагьы аныркуаз. Ахьшьқәа ир­­­­ҭыԥуп ҳәа иԥхьаӡоуп – Цандрыԥшь, Ҳашԥсы, Лӡаа, Бзыԥҭа, Жәандрыԥшь, Ԥсырӡха, Ешыра, Кындыӷ, Тамшь.
Аԥсуаа аԥышәа бзиа рыман ахьшьқәа рыкреи, рыбжьареи рзы. Уи иарҿиеит ахатәы лексикагьы. Иҟоуп археологиатә ԥшаамҭақәа ахьшь асахьа анҵаны. Иазгәаҭатәуп, Аԥсны1993 шықәсазы, иҭыҵыз раԥхьатәи апошьҭатә марка, ахьшь асахьа шаныз.
Беслан Барганџьиа Пицундантәи дааит Приморское ахьшь икырцаз. Уи аус ахь абзиабара ииркит иабду, Ианкәа Ҳаразиа. «Ари ԥсыршьагоуп, чмазароуп. Ма ахьшь анышә уанаҭоит, ма уара ахьшь укуеит», - иҳәоит иара дԥышәарччо. Беслан хьшьла дшәарыцаӡом уажәы. Бзиа ибоит аҩны еи­лаҳәаны, иԥшӡаӡа ианықәтәоу. Аҽны иикыз ахьшьқәа хԥа рахь­ы­н­­тә акы ихазы иаанижьуеит, егьырҭ иҩызцәа ириҭоит. «Ахьшь абара, ааӡара агәахәара ду снаҭоит», - инациҵеит уи иажәа.
Уи амш азы Лаҭбеи, Бесла­ни, иркыз ахьшьқәа иреиӷьӡаз ҳәа ирыԥхьаӡоз аҩныҟа иргеит иқә­дыртәарцаз, егьырҭ аурышьҭит. Ахьшькра аамҭа нҵәаанӡа дара ари аҭыԥахь иаалоит ишәарыцаларцаз. Рыԥхыӡ иалоу аус лабҿаба ианиарцазы.

 

Альбина Жьиба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me