«Урҵаҩхарц азы идурҵо амаҭәар бзиа иубар ауп», – лҳәоит иахьатәи сажәабжь ҩынҩажәи жәаба шықәса аус зухьоу 1942 ш. Очамчыра араион Аҭара ақыҭан ииз Маро Андреи-иҧҳа Кәыҵниа. Аҭыҧантәи абжьаратәи ашкол даналга анаҩс дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт афизика-математикатә факультет. Лҵара аныхлырқәша ашьҭахь дрышьҭит Аҭараҟа, лышкол гәакьаҿы иааиҧмырҟьаӡакәан аус луит жәибжь шықәса.

«Аҧсны асахьаҭыхҩцәа»

19 Жьҭаара 2023 14:43
Октиабр 17 рзы ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иӡырган аҟазараҭҵааҩ Аза Аргәын ахҧатәи лышәҟәы «Аҧсны асхьаҭыхҩцәа» захьӡу. Уахь имҩахыҵит аҟазара абзиабаҩцәа, аҵарауаа, ақалақь ауааҧсыра.
Аҧсны акультуратә ҧсҭазаараҿы Борис Ҷолариа ихьӡ еицырдыруеижьҭеи акыр шықәса ҵуеит, қәҿиаралагьы адоуҳатә культура арҿиара далагылоуп, иаҧшьгарақәа рыла илиршахьоу шьардоуп.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me