Ҳәаа змоу аҟазара

Асахьаҭыхра Урыстәылатәи Академиа апроект «Кавказ. Аԥеиԥш уадзыԥхьало (Кавказ Притяжение будущего)» аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҟабарда-Балкариа аҳҭнықалақь Нальчик арҭ амшқәа рзы имҩаԥысит, зымҽхак акыр иҭбааз ацәыргақәҵақәа ҩба. Урҭ ирылахәын Аԥснытәи асахьаҭыхҩцәагьы.

А.Л. Ткаченко ихьӡ зху асахьаҭыхратә ҟазара Ҟабарда-Балкариатәи амузеи аҟны, аҿар – асахьаҭыхҩцәа (35 ш. иреиҳам) III жәларбжьаратәи рконкурс-цәыргақәҵа аартын. Уи иалахәын Аԥснытәи аҟазацәа – Диана Нарманиеи (акерамика ала иаԥҵоу «Гарцующий»), Идаеҭ Аҭрушбеи (акрил ала инагӡоу «Долгожители») русумҭақәа.

Ҟабарда-Балкариатәи амилаҭтә музеи аҟны иаартын Аԥснытәи асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали  Џьениа искульптуратә усумҭақәа рыла дызлахәыз, асахьаҭыхра Урыстәылатәи Академиа алахәылацәа рцәыргақәҵа.

«Апроект мҩаԥысуеит форум ҳасабла хымш ирҭагӡаны. Уи шьақәгылоуп аконференциеи, ацәыргақәҵақәеи, аиԥыларақәеи рыла. Уаанӡатәиқәа рылымкаа, сынтәа уи иҿыцны иалагалоуп академикцәа русумҭақәагьы рцәыргақәҵа, Аԥснытәи Витали Џьениа дахьалахәу» ҳәа азгәалҭеит Аԥснытәи аделегациа анапхгаҩы, Аԥсны асахьаҭыхцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада адиректор Ельвира Арсалиа.

Убасгьы, Ельвира Арсалиа, «Аԥсны асахьаҭыхратә ҟазара, Кавказ акультура аконтекст аҟныи ажәахәала дықәгылеит уаҟа имҩаԥысуаз «Изобразительное искусство молодых профессионалов. Большой Кавказ и юг России» ҳәа хьӡыс измаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә-практикатә конференциа аҟны. Уи иалахәын Урыстәылеи иааигәоу аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа жәпаки рҟнытә, аҟазара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҭҵаара знапы алаку, зҭҵаарадырратә лаԥшҳәаа ҵаулоу аҵарауаа маҷҩымкәаны.

А.Амзацба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me