Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Агәалашәаратә ԥараҿырпқәа

Аԥсны Амилаҭтә банк агәаларшәаратә ԥараҿырԥқәа «Кавказ ажәларқәа» ҭнажьит. Аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьа 200 ԥсар рҟынӡа инаӡоит. Зынӡа 1000 цыра ҭыжьуп. Абри атәы аанацҳауеит Абанк апресс-маҵзура.


Арҭ аԥараҿырпқәа 925-тәи ацқьара змоу араӡны иалхуп, иара 100х60 миллиметр иҟоуп, акапан – 351 грамм рҟынӡа инаӡоит.
Асахьаҭыхыҩ - Баҭал Џьапуа.
Аԥараҿырпы «Кавказ ажәларқәа рымаҭәеи рабџьари» асериала иҭыжьуп.
Аԥараҿырпы аверс аҿы – афото­ҭыхыҩ Дмитри Ермаков XIX ашәышықәсатәи иҭыхымҭа «Аԥсуа депутатцәа» аҟынтәи аибашьцәа рфотосахьа, арымарахь амратә дыргеи ажәҩан иалоу 11 ашьауардынқәеи арбоуп, маҷк арыӷьарахьшәа аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьа – 200 ԥсар, иара убас уи анҭыжьыз арыцхә – 2023ш. ануп. Аԥараҿырпы арыӷьарахьтәи аган аҿы Аԥсны Абанк», иара убас Ареспублика Аԥсны ҳәа азаҷ ҟаҵоуп.
Ареверс аҿы – асериа «Кавказ ажәларқәа рымаҭәеи рабџьари» афырхацәа зегьы иԥшшәылоу азаҷкьыԥхь ала инагӡоу рсахьақәа ануп. Асахьа итрадициатәу аԥсуа орнамент ала иҟаҵоу адекоративтә хыц иҭакуп.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me