Ашәаҳәаҩ иага абжьы ссир ихазаргьы, абаҩхатәра илазаргьы, инаигӡо ашәа злыху ажәақәа рҵакы угәаҵанӡа имнеир, иаҵоу, изырҧшӡо амузыка хаамхар, ианымаалар, ҳәарада, ибаҩхатәра ҧсыҽхоит. Убри азы, ашәаҳәаҩ ибаҩхатәра аӡыргаразы, анагӡараан аҭыҧ ҷыда ааныркылоит амузыкатә рҿиамҭақәа аҧызҵо акомпозиторцәа.