Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Абиԥарақәа ирхамышҭуа

Ԥшь-жәашықәсак инареиҳаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аԥсуа доуҳа арҿиареи, уи иауасхыру амилаҭтә литература абзиабареи аҿар рылааӡара знапы алакыз, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Лиудмила Арзамеҭ-иԥҳа Хьыбба диит 1954 шықәсазы, Аҩадатәи Ешыра ақыҭан, иҿырԥшыгоу аԥсуа ҭаацәара, ауаҩ нага Арзамеҭ Хьыбба иҩнаҭаҿы.


Уи лыԥсҭазаараҿы имаҷмызт ашықәс лашақәа реиԥш, гәырҩала иҭәыз аамҭа ҟәыҵәақәагьы, иара убас, гәыӷра мацарала ииасуазгьы еиҵамызт. Ашықәс лашақәа дхырымԥааит, аамҭа «лашьца» дазымхәаҽит, игәыӷра мацараз акыр деиҵадырӷәӷәазаргьы, лымҩа аҿаҟәара рылымшеит, рышьҭақәа нхон лгәаҿы, аамҭақәак ирҭагӡаны рхы дырҿыцуан, иара уи ала ажәытәи аҿатәи еигәныҩртә иҟарҵон.
Лиудмила Хьыбба К. Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат даналга, дҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет, ибзиаӡангьы далгоит. Ашьҭахь, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аспирантура дҭалеит. 1990 ш. акандидаттә диссертациа лыхьчеит, аха ишьақәдырӷәӷәаанӡа Аԥсны аибашьра иалагеит.
Ҳаԥсадгьыл аҟазаареи аҟамзаареи ианҭагыла, Лиудмила Арзамеҭ-иԥҳа излалылшоз ала аԥсуа еибашьцәа гәымшәақәа ацхыраара рылҭон. Акыраамҭа, далҵыртә аҭагылазаашьа ахьзыҟамлаз Аҟәа, дымшәаӡакәан маӡала, аӷа иҵшәаара иазкыз аусқәа мҩаԥылгон. Иара убас, аибашьра адәаҿы аԥсадгьыл ахьчаҩцәа иаадырԥшуаз рфырхаҵарақәа ирызкны агазеҭ «Бзыԥ» аҟны 50 инареиҳаны астатиақәа лкьыԥхьит, аибашьра аамҭеи уи ашьҭахьтәи ашықәсқәеи ирылагӡаны.
Аԥсны ахақәиҭра анаиу, Лиудмила деиҭазыхынҳәуеит лыҭҵаарадырра. Аусумҭа ҿыц иҩны, академик Т. Гуриев инапхгарала акандидаттә диссертациа лыхьчоит Владикавказ, К. Хьетагуров ихьӡ зху ауниверситет аҿы.
1981 шықәса инаркны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра аҟны астудентцәа алекциақәа дырзаԥхьон. 2006 шықәсазы Евро комиссиа иҟанаҵаз ааԥхьарала, Лиудмила Арзамеҭ-иԥҳа дышьҭын Ҭырқәтәылаҟа аԥсуа бызшәа арҵаҩык лаҳасабала. Усҟан Аԥсны Ахада С. Багаԥшь ихьӡала иаашьҭын Л. А. Хьыбба лырҽхәаԥхьыӡ атәы зҳәоз ашәҟәы. Шықәсык анаҩс уи дхынҳәуеит Аԥсныҟа, лусура иацылҵоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны.
Лиудмила Хьыбба апоезиа аганахьалагьы дхәыдамызт, дышҿаз апоезиа ашҭа дҭалеит, аибашьра иалагаанӡа иҭлыжьхьан ажәеинраалақәа реизгақәа: «Абӷьыц» (1989 ш.), «Ашәа» (1992 ш.), илыман алҵшәа бзиақәагьы, аха урҭ аибашьра иалаӡит. Лқәыԥшразы илыҩуаз ажәеинраалақәа лхаҭа лыԥсҭазаара рныԥшуан, иара убас, урҭ иргәылубаауан аԥсадгьыл абзиабара, алахҿыхра, агәыӷра.
1973 шықәсазы Аҟәа ашәҟә­ҭыжьырҭа «Алашара» иҭнажьуеит Аԥсны аԥхьаҩцәа бзиа ирбо, еицырдыруа абаза жәлар рпоет Миқаель Чкуту иажәеинраалақәа реизга аԥсшәахь еиҭаганы. Аизга «Ашьауардынқәа рҵас» имаҷымкәа иагәылалеит аԥсуа поетцәа хатәрақәа И. Ҭарба, В. Амаршьан, Вл. Анқәаб, К. Ломиа, Н. Кәыҵниа днарывагыланы Л. Хьыбба еиҭалгаз ажәеинраалақәагьы. Лиудмила Хьыбба усҟан дқәыԥшын, аха акьыԥхь аҿы поет ҿак лаҳасабала дырдырхьан, насгьы илыман бзиа дызбоз аԥхьаҩцәа маҷҩымкәа. Аха зегьы ирыцкыз, апоетцәа хатәрақәа лыгәра ргахьан. Мамзар ари аизга дадрыԥхьаломызт урҭ.
Уи илҭынхеит 35 инареиҳаны аҭҵаарадырратә статиақәеи урҭ еидызкыло аизгақәа хԥеи. Аԥсуа литератураҭҵаараҿы илагала бзиоуп, насгьы астудентцәа рзы ицхыраагӡоуп уи лусумҭақәа «Ҳәаак», «Ажәеи ажәеи», «Аамҭа» (60-80-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуа проза аҷыдарақәа). Иҭыҵхьан убасгьы, лажәеинраалақәа реизга «Ҭагалан».
Лиудмила Арзамеҭ-иԥҳа лыԥсҭазаараҿы акыр аџьабаа лбахьан, лыԥшәма, еицырдыруа апоет, аҵарауаҩ, апатриот иаша Владимир Анқәаб данлыԥха ашьҭахь, аԥсҭазаара аҿаԥхьа лҭакԥхықәра ҩынтәынгьы еиҳахеит, аха гәкаҳарак ҟалымҵеит. Иаҳҳәар ҳалшоит, Л. А. Хьыбба насыԥ ду змаз дреиуан ҳәа. Лара илааӡеит лыԥшәма хьӡырҳәага Вл. П. Анқәаб ашәышықәсқәа иргәылсуа ихыԥша зцу, Аԥсны еицырдыруаз аҟәыш дуӡӡа Анқәаб ­Џьсыԥ иҟәырҷаха змырӡуа аҭыԥҳацәа ссирқәа ҩыџьа: Анқәаб Гәында Владимир-иԥҳа – Сҭамԥылтәи ауниверситет аҿы ахатәы бызшәа даԥхьоит, Анқәаб Риҵа Владимир-иԥҳа – Шотландиа, Абердинтәи ауниверситет аҿы аус луеит, асоциологиатә наукақәа дыркандидатуп.
Лиудмила Хьыбба зҭыжьра дахь­ымӡаз ллитератураҭҵааратә усумҭақәа маҷым. Иара убас, хыхьҟа зыӡбахә ҳҳәахьоу ҳџьынџьхеиқәырхаратә еибашьраан зхы иамеигӡоз Аԥсны аҵеицәа, урҭ жәҩахыркны ирывагылаз Нхыҵ-Кавказ ҳаешьаратә жәларқәа иԥсаҟьаны иалаԥсоу ҳџьынџьуаа рхылҵшьҭреи ирзылкыз лпублицистика еидызкыло аизга аҭыжьра иазырхиахоит хара имгакәа В.П.Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентри, лара лыԥсҭазаара зегь ахьымҩаԥысуаз аԥсуа литература акафедреи аусзуҩцәа рыбзоурала.
Лиудмила Арзамеҭ-иԥҳа Хьыбба-Анқәаб илыхҵан «Иреиҳау аҵараиурҭа зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа ахьӡ ҳаракы. Лџьабааи, лырҿиаратә ҭынхеи мҩақәҵагахоит еиҵагыло абиԥара ҿеи, иара убас, зҵарадырра аҩаӡара ҳаразкырц зҭаху аҟазацәеи азанааҭуааи рзы.Агәалашәара наӡаӡоуп, ауаҩы дыргәалашәонаҵы абиԥарақәа дрыцзаауеит.

Ахра Анқәаб

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me