Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аӡиа Риҵа аԥшаҳәаҿы

Аӡиа Риҵа аԥшаҳәаҿы атерроризм аҿагылареи аиқәырхареи рхырхарҭа змоу анапхгарабжьаратә атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.


Азыҟаҵарақәа раан аиқәырхаҩцәеи амчратә усбарҭақәа русзуҩцәеи абарҭ адҵақәа нарыгӡеит: аушәақәа адиверсиатә гәыԥ ахьтәо аҭыԥ акәшара; аушәақә адиверсиатә гәыԥ зыҩноу аҩны ажәлареи агәыԥ анырҵәареи; аушәақә асыԥса алеира инамаданы аԥшаара­-еиқәырхаратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара; аӡхәыҵалаҩцәа алархәны аӡы иалаҳаз амашьына изҭымҵуа иҭахаз ауаа реиқәырхара; ашьхахалаҩцәа рмаругақәа рыла ашьха иалҟьаз ауаа рылбаагара аиҿкаара; шәҩыла аныҟәаҩцәеи акинологиатә маҵзура аусзуҩцәеи алархәны аԥшаара­-аиқәырхаратә усурақәа рымҩаԥгара; иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апиротехника аҟәша ацхыраарала ҷыдала хадара злоу амҩа ахәҭақәа рҿы арыцқьаратә усурақәа рымҩаԥгара.
Иарбоу аусмҩаԥгатә иалахәын 50-ҩык рҟынӡа амчратә усзуҩцәа, амашәыр-еиқәырхаратә техника, аԥшыхәра-кәалӡтәы машьына (БРДМ), ашхәа, ацхыраара ласы амашьына.
Ас еиԥш аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара аиқәырхаҩцәеи амчратә усзуҩцәеи рзанааҭтә зыҟаҵара ахәшьара аҭара хықәкы хаданы иамоуп.
Анапхгарабжьаратәи атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит атәыла Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала, аҿар Адунеизегьтәи рфестиваль «Сириус» аҿы хәажәкырамза 1 - 7 рзы амҩаԥысра инадҳәаланы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me