Лаҵара 13, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image
Ҳаҭыр зқәу Рашид Бориспи-иҧа, ҳҭыр зқәу ара иҟоу, Шәареи Ҟарачы-Черқьестәыла милҭрацәла еилоу ажәлари ишәыдсныҳәалоит шәреспублика 100 шықәса ахыҵра. Агәахәара снаҭоит шәыгәҭа сахьыҟоу. 1922 шықәса ианвар 12 ашьха ҧагьақәа, ицқьоу, икеикеиуа аӡиасқәа, аӡҭачқәа, ихәышәтәыгоу аӡырҧхақәа рыла ибеиоу Нхыҵ-Кавказ арегион ҧшӡақәа руак алахьынҵаҿы акырӡа зҵазкуа рыцхәуп.
Урыстәыла Аҧсны аҟны анапы аҵанаҩуеит ҩынтәны атәылауаҩра азҵаарақәа рҭышәныртәаларазы аиқәшаҳаҭра. Изыхәҭоу адҵа шьақәирҕәҕәеит Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин. Уи кьыҧхьын ахәашаҽны азинтә информациа аофициалтә портал аҟны, – иаанацҳауеит ТАСС.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Черқьеск диҧылеит Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Ахада Рашид Темрезов, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура. Аҧсны Ахада дидныҳәалауа, Рашид Темрезов иаҵишьит Аҧсни Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликеи рыбжьара аешьаратә еимадарақәа рырҿиареи рырҕәҕәареи акырӡа шрыҵаркуа. "Сара сзы ҳаҭыр дууп ҳреспублика еиҿыркааижьҭеи 100 шықәса аҵра аныҳәаҿы шәбара. Ари ҳамҭа дууп - абас еиҧш иҟоу аныҳәаҿы ҳашьцәа аҧсуаа рбара. Иҭабуп, абри аҽны шәахьҳалагылоу азы", –…
Мышқәак раҧхьа Ауадҳара аусура хнаркәшеит ақәыҧшцәа Аҟәатәи рыҩны еиҿнакааз ашколхәыҷқәа рзы алагер. Иара амҩаҧгара алыршан аиҿкаара ИУНИСЕФ иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны. Ақәыҧшцәа Аҟәатәи рыҩны, ари аҩыза алагер Ауадҳара еиҿнакаауеижьҭеи сынтәа ҩажәи хҧа шықәса ҵуеит. Мчыбжьык аҩныҵҟа араҟа рыҧсы ршьон Аҧсны араионқәа зегьы рҟынтәи жәаха шықәса инадыркны жәибжь шықәсанӡа зхыҵуа ашколхәыҷқәа. Етапк аҩныҵҟа зныкала рыҧсы еицыршьон ҩажәи жәаф-ҩык . Алагер аиҿкааҩцәа…
2022 шықәса сентиабр азы акиностудиа "Ленфильм" Аҧсны аҭыхра иалагоит адунеи зегьы аҟны араса ахә анышьҭыҵ ашьҭахь, "араса чымазара" ацәырҵра атәы иазку афильм "Аҵыхәтәантәи ахә". Астудиа аиҳабы Фиодор Шьчербаков абри атәы иҳәеит ТАСС аҟны. "Апроект "Аҵыхәтәантәи ахә" анагӡара ҳаҿуп. Инықәырҧшшәа уи "араса чымазара" ҳәа ахьӡаҳҵап. Аҭыхрақәа мҩаҧысуеит Аҧсны, иагьрылагоит сентиабр 15 азы", – иҳәеит Шьчербаков.
Ааигәа, Аҟәа араион ажәытә қыҭа Ӡыгәҭа аилахәыра "Гаруда" агәыҧ иаанартит ҧшь-еҵәак змоу, аҧсшьарҭа хкы ҿыц "Глемпинг" (акемпинг ахкқәа иреиуоуп, асасааирҭаҿтәи аманшәаларақәа амҽханакуеит, аҧсабараҿы аҧсшьара иахәҭакуп) ҳәа изышьҭоу. Акомплекс аиҳабы Гьаргь Ачба "Аҧсныпресс" иеиҭаз аинтервиу аҟны дазааҭгылт. "Аҭыҧ иаҵанакуеит 12 гектар. Ҳазну аамҭазы иргылоуп аҩнхәыҷқәа 50, ҩыџьа-ҩыџьа рҭыҧ змоу. Ҳкомплекс зегьы 200-ҩык аҧсшьацәа акуеит".
Асовет Еидгыла ахаангьы Аҧсны акурорттә ҳәынҭқарра ҳәа иалкаан, атуризм аҿиара бзиагьы аман. Иаҭаауаз аҧсшьаҩцәа рхыҧхьаӡара акыр иахьырацәаз инамаданы абиуџьет иаланагалоз ахашәалагьы маҷӡамызт. Аибашьра ашьҭахь аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаҧсахит. Аҧсны Мраҭашәаратәи ахырхарҭаҿы акурорттә нхамҩа ашьапы ҿыц еиҭақәгылазар, Мрагыларатәи ахәҭа аҿиара иамаз аҧынгылақәа риааира уадаҩхеит.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me