Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аслан Бжьаниа Нхыҵ-Кавказ иҟазаара аан

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Черқьеск диҧылеит Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Ахада Рашид Темрезов, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура. Аҧсны Ахада дидныҳәалауа, Рашид Темрезов иаҵишьит Аҧсни Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликеи рыбжьара аешьаратә еимадарақәа рырҿиареи рырҕәҕәареи акырӡа шрыҵаркуа. "Сара сзы ҳаҭыр дууп ҳреспублика еиҿыркааижьҭеи 100 шықәса аҵра аныҳәаҿы шәбара. Ари ҳамҭа дууп - абас еиҧш иҟоу аныҳәаҿы ҳашьцәа аҧсуаа рбара. Иҭабуп, абри аҽны шәахьҳалагылоу азы", – иҳәеит Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Ахада.

Аслан Бжьаниа Рашид Темрезов ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Ареспублика еиҿыркааижьҭеи 100 шықәса аҵра аныҳәахь ааҧхьара ахьииҭаз азы. "Шәреспублика ҧшӡа ашҟа ҳааит ҳашьцәа рҧыларазы. Ҳара – жәларыкуп, абасеиҧш иҟоу аныҳәа аҽны абраҟа, шәара шәыгәҭа аҟазаара ҳаҭыр дууп сара сзы", – иаҵишьит Ахада.

"Ареспублика ҕәҕәала иҿиоит, уаҩы деигәырҕьоит уи. Шәареи шәҩызцәеи ишәылшеит абраҟа амилаҭқәа рыбжьара аҭынчра алыршара. Шәареи Ҟарачы-Черқьестәыла милаҭ рацәала еилоу ажәлари ишәыдысныҳәалоит шәреспублика 100 шықәса ахыҵра. Агәахәара снаҭоит иахьа шәыгәҭа сахьыҟоу. Аҧсынгьы шәара ишәыҧсадгьылуп, Шәара, ҳаҭыр зқәу Рашид Бориспи-иҧа, ҳара ҳҟны шәбара еснагь ҳаигәырҕьоит", – иҳәеит Аслан Бжьаниа.  Аҧсны Ахадеи Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Ахадеи аусеицура хра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me