Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҩынтәны атәылауаҩразы

Урыстәыла Аҧсны аҟны анапы аҵанаҩуеит ҩынтәны атәылауаҩра азҵаарақәа рҭышәныртәаларазы аиқәшаҳаҭра. Изыхәҭоу адҵа шьақәирҕәҕәеит Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин. Уи кьыҧхьын ахәашаҽны азинтә информациа аофициалтә портал аҟны, – иаанацҳауеит ТАСС.

"Иадкылазааит аинтерес змоу анагӡаратә мчра афедералтә усбарҭақәа зқәыршаҳаҭу Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ажәалагала, ҩынтәны атәылауаҩра азҵаарақәа рҭышәныртәаларазы Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩра иазку", – иазгәаҭоуп адокумент аҟны.

Аҳәынҭқарра Ахада ибзиоуп ҳәа ахиҳәааит заанаҵы аус зыдулоу аиқәшаҳаҭра апроект, адәныҟатәи аусқәа Рминистрра азин аиҭеит апринциптә ҟазшьа змам аиҭакрақәа ралагалара. "Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҧсуа ган аҟны аиқәшаҳаҭра аналыршахалак, Урыстәылатәи Афедерациа ахьӡала анапы аҵанаҩуеит абри адҵала иазыҧхьагәаҭоу аиқәшаҳаҭра", – иарбоуп адокумент аҟны.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me