Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ашколхәыҷқәа рзы Ауадҳаратәи алагер

Мышқәак раҧхьа  Ауадҳара  аусура  хнаркәшеит ақәыҧшцәа Аҟәатәи рыҩны  еиҿнакааз  ашколхәыҷқәа рзы алагер. Иара амҩаҧгара алыршан аиҿкаара  ИУНИСЕФ иҟанаҵаз  афинанстә цхыраара иабзоураны. Ақәыҧшцәа Аҟәатәи рыҩны, ари аҩыза алагер  Ауадҳара еиҿнакаауеижьҭеи сынтәа  ҩажәи хҧа шықәса ҵуеит. Мчыбжьык  аҩныҵҟа араҟа  рыҧсы ршьон Аҧсны араионқәа зегьы рҟынтәи жәаха шықәса инадыркны жәибжь шықәсанӡа зхыҵуа ашколхәыҷқәа. Етапк аҩныҵҟа зныкала рыҧсы еицыршьон ҩажәи жәаф-ҩык . Алагер аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, иара хықәкыс иамоуп  аҿарацәа  аҧсабара агәыбылра  дыркра, уи ахылаҧшра, ахӡыӡаара рылааӡара.

 Алагер аҿы амш ашьыжь асааҭ ааба рзы иалагоит. Асаркьал абжьы шаараҳаз еиҧш,  ахәыҷқәа зегьы абаҩрҵәыра аҟаҵаразы агәаран инықәгылоит. Аҭаалым ашьҭахь напы адыркуеит  шьыжьхьа. Ахәыҷқәа рыфатә ҷыдалатәи агәцаракреи ахылаҧшреи аҭоуп. Ирҿарҵо зегьы ҿыц иҟаҵоу афатә ауп. Аҧсшьара  анаҩсгьы, ашколхәыҷқәа алагер аҟны  еиуеиҧшым  атренингқәа рзеиҿыркаауеит. Иреилдыркаауеит  ашьхараҿы здырра хымҧадатәу ашәарҭадара аҧҟарақәа. Иара убасгьы  ирзеиҭарҳәоит аҧсабара  ишеиҷаҳалатәу,  абнақәа рҟны амца хылаҧшрада еиқәҵаны ааныжьра шыҟамло, уи амцакра ҕәҕәа ахылҿиаар шыҟало.

Аҧсны абнақәа иуникалтәу аекосистемахь иаҵанакуеит. Риҵатәи амилаҭтә ҳәырҧсарраҿы  изызҳауа аҵиаақәа реиҳарак Ашәҟәы ҟаҧшь иануп, урҭ рылакьысра ҟалаӡом. Аҧсабара иазкәу атренингқәа рнаҩсгьы ашколхәыҷқәа рзы еиҿыркаауан арлахҿыхра-хәмарратә усмҩаҧгатәқәагьы. Алагер анапхгаҩы Таисиа Аланиа  лажәақәа рыла, ара  рыҟазаара аамҭа иалагӡаны   ахәыҷқәа  аиҩызара рыбжьалеит, ргәыбылра еибакит. Зыҧсы зшьоз ахәыҷқәа рыбжьара аӡәырҩы акыр шықәса ҵуеит Ауадҳаратәи алагер ахь еицхалоижьҭеи, убри аҟынтә ибзианы еибадыруеит, алагер анҭыҵгьы аимадара змырӡуа еиҩызцәоуп.

 Ари алагер хықәкы хадас иамоуп ашколхәыҷқәа аҳауа зҩыдаҿы рыҧсы дыршьара анаҩсгьы аидгылареи, аицхыраареи рыбжьаҵара. Иара убасгьы аҧсабара агәыбылра дыркра. "Аамҭа иаҳнарбеит Ауадҳаратәи есышықәсатәи ашколхәыҷқәа рлагер ахықәкы лҵшәа бзиала ишынанагӡо", – лҳәеит Таисиа Аланиа. Ашколхәыҷқәа ракәзар, иазгәарҭон    араҟа аҧсшьара  акыр ишыргәаҧхо. Ирҳәон ҩаҧхьа ааразы уажәнатәгьы агәаҳәара шрымоу. Ақалақь Аҟәа инхо аҵаҩы Асмаҭ илҳәоит ари алагер аҿы уажәадагьы лыҧсы шылшьахьаз, аха есышықәсеиҧш сынтәагьы лара Ауадҳара ахалареи, лҩызцәеи лареи реиқәшәареи лгәы хыҭ-хыҭуа дшазыҧшыз.

Ашьхаҳаракыраҿы уахынла ихьшәашәароуп, аха ахәыҷқәа еиқәшәоуп амаҭәа ҧхақәа рыла, рыҧсы ахьыршьо амшьамба қьалақәа ракәзар, ижәпақәоуп, нанҳәамзатәи Ауадҳара ахьшәашәара рылсӡом.

Ҩымчыбжьтәи аҧсшьарамшқәа ирылагӡаны алагер аҿы рыҧсы ршьеит хынҩажәи жәаҩаҩык ашколхәыҷқәа . Ҳәарас иаҭахузеи, иамоу азҿлымҳара ҳасаб азуны  Ауадҳаратәи алагер  аиҿкаара  азгәаҭоуп  ҳаҧхьаҟагьы.


Елана Лашәриаԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me