Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ареспублика 100 шықәса ахыҵра иазкны Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ихы алаирхәит Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика еиҿыркааижьҭеи 100 шықәса ахыҵра иазку агәырҕьаратә усмҩаҧгатә

Ҳаҭыр зқәу Рашид Бориспи-иҧа, ҳҭыр зқәу ара иҟоу, Шәареи Ҟарачы-Черқьестәыла милҭрацәла еилоу ажәлари ишәыдсныҳәалоит шәреспублика 100 шықәса ахыҵра. Агәахәара снаҭоит шәыгәҭа  сахьыҟоу. 1922  шықәса ианвар 12 ашьха ҧагьақәа, ицқьоу, икеикеиуа аӡиасқәа, аӡҭачқәа, ихәышәтәыгоу аӡырҧхақәа  рыла ибеиоу Нхыҵ-Кавказ арегион ҧшӡақәа руак алахьынҵаҿы акырӡа зҵазкуа рыцхәуп.

Иахьа  Ҟарачы-Черқьестәыла  гәрагарала ҧхьаҟа иҧшуеит.Ареспублика алҵшәа бзиақәа аанарҧшуеит асоциал-економикатә усхк  аганахьала, ари аешьаратә республикак  аҳасабала Аҧсны амыргәырҕьарц, агәы шьҭнамхырц  залшом.  Шәара зинлаҵәҟьа  агәадура  шәымоуп шәтәылаҿацә гәакьа, араҟа инхо ажәларқәа  ржәытә культура, Аџьынџьтәыла  аҭоурых ианылаз шәабшьҭрақәа рыхьӡқәа рыла, Ҟарачы-Черқьестәыла активла иҿиоит, еиҷаҳаны иахьчоит ахатә ҵасқәа, акультура", – иҳәеит Бжьаниа.

Ахада ҷыдала иаҵишьит Аҧсны жәлар инарҵауланы ҳаҭыр шақәырҵо, ишырхамышҭуа ихьыҧшым Аҧсуа ҳәынҭқарра  ашьақәгылара иацыз ауадаҩрақәа  раан  Аҧсны  ахьчара иазықәгылаз  хатәгәаҧхарала аибашьцәа ргәалашәара. "Дарбанзаалак иҳацхрааз, иҳадгылаз  иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит. Иаҳҭахуп  ижәдыруазарц ҳҳәынҭқарра шәара шәзы  еснагь ишаарту!" - иҳәеит Бжьаниа. Уи  ареспублика ажәлар ирзеиҕьишьеит ақәҿиарақәа, ашәҭыкакаҷра, ажәҩан  цқьа, лҵшәабзиала аусура.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me