Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Атуристтә хырхарҭа ҿыц Ҷлоутәи аҳаҧ ҿыцқәа жәибжь

Асовет Еидгыла ахаангьы Аҧсны акурорттә ҳәынҭқарра ҳәа иалкаан, атуризм аҿиара бзиагьы аман. Иаҭаауаз аҧсшьаҩцәа рхыҧхьаӡара акыр иахьырацәаз инамаданы  абиуџьет иаланагалоз ахашәалагьы маҷӡамызт. Аибашьра ашьҭахь аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаҧсахит. Аҧсны Мраҭашәаратәи ахырхарҭаҿы акурорттә нхамҩа ашьапы ҿыц еиҭақәгылазар, Мрагыларатәи ахәҭа аҿиара иамаз аҧынгылақәа риааира уадаҩхеит.

Ишдыру еиҧш, ауадаҩрақәа реиҳарак зыхҟьазгьы акурорттә нхамҩа аибашьраан иаҭаз аҧхасҭа ауп. Аибашьра ашьҭахь ҩажәи жәба шықәса ҵуеит, иахьагьы атуризм аҿиара аазырҧшуа арбагақәа аибашьра аҧхьатәиқәа  ирцәыхароуп, аха ус шакәугьы ицоит ҧхьаҟа. Аҧсны ҧсшьараҳәа иаауа рыбжьара имаҷыҩӡам  Очамчыра араион бзиа избо, амшын иаҧну ақыҭақәа жәпкы рҟны аҿиара амоуп аекотуризм.  Аекоҧсшьаҩцәа ақалақь аҩныҵҟа акәымкәа, наҟ анҭыҵ, ақыҭараҿы мамзаргьы ашьхараҿы уҳәа аҳауа ахьызҩыдоу аҭыҧқәа роуп иалырхуа. Аҭынчреи, ашәаҧыџьаҧи  ахьыҟоу аҭыҧқәа ирышьҭоу рзы зеҕьыҟам акәны иҟоуп ақыҭақәа.

Сынтәа раҧхьаӡа акәны аҧсшьаҩцәа Ҷлоу ақыҭа Аимара ҳәа иахьашьҭоу аҳаблаҿгьы рыҧсы ршьон. Урҭ арахь раара абзоурахеит ааигәа иҟаҵаз аҧсабаратә аартра ҿыц. Ҷлоу ақыҭа анхаҩы  Џьамбул Џьопуа Аимара ҳәа иахьашьҭоу аҳаблаҿы шықәсқәак  раҧхьа иҧшааит аҳаҧқәа ргәыҧ.  Аҿыц аартра атәы ааҩит аекологцәа рҟынӡа. Урҭ аҳаҧқәа рыҭҵаара иадрыҧхьалеит Урыстәылатәи рколлегацәа. Уажәазы хар рымамкәа иҭырҵаахьеит хә-ҳаҧык, даҽа жәаҩа зынӡа ирҭамлаӡац. Аспелиологцәа ргәаанагарақәа рыла аҳаҧқәа рҭаларҭақәа хазы-хазызаргьы, аҵаулараҿы џьара дара рҽеимардоит, рҽеицраҧыршьуеит. Убри аҟынтә, макьана иуадаҩуп аҳәара аҳаҧқәа  рымҽхак зеиҧшроу. Ибзианы ианҭырҵаалак анаҩс иҟалоит еилкаахар, арҭ  аҳаҧқәа шәага-загала уаанӡа Аҧсны ирыҧшаахьоу иреиҳамзаргьы ишреиҵам.

Џьамбул Џьопуа иажәақәа  рыла, аҳаҧқәа рҭаларҭақәа раартразы иаҭахуп атехника ҷыда, аха уи арахь аагара ауадаҩрақәа  рацәаны иацуп. Зегьы ираҧхьагылоуп аҭыҧ аиҟарамра, шьапыла ада машьынала неишьа ыҟаӡам. Амашьынамҩа аҟаҵаразы адгьыл ҭыжаатәуп, мамзаргьы иҧҟатәуп. Атехника ҷыда адугаларгьы зегьы еиҧшны аус рзуӡом. Араҟа анышә ҭызго ахаҳәра шьҭызхуа амаругақәа ацзароуп. Ус шакәугьы Џьамбул игәы каижьӡом. Ихатәы мчқәа рыла даҿуп аус анагӡара.  Ҳәара аҭахәума, аҭыҧ аҿы макьана  аҧсшьаҩцәа рыдкыларазы алшарақәа шыҟам. Аха аҳаҧқәа шыҧшаау азы аинтернет аҿы аинформациа баны арахь ҧсшьараҳәа зхала иаауагьы ыҟоуп.  Дара амшьамба қьалақәа дыргылоит, рыҧсшьарагьы уаҟа ирхыргоит.   Сергеи Симионов Ҭаҭарсҭанынтәи аҧсшьараҳәа хықәкыла  Аимараҟа дааит. Иара иҳәоит  аҳауа цьқьеи иблахкыгоу аҧшӡареи рыда уажәазы  даҽакы шиҭахым. "Асеиҧш иҟоу аҭыҧқәа рҿы еилукаауеит  шаҟа иҵаулоу ауаҩи аҧсабареи реимадара",–  иҳәеит аҧсшьаҩы.

Аимаратәи аҳаҧқәа раартра машәыршәа иҟамлаӡеит. Ажәытәан зны ари аҭыҧ аҿы инхон  Џьамубл Џьапуа иабдуцәа. Аха  акыр  шықәсқәа  раахыс  аџьынџьдгьылқәа уаҩ  дрыхӡамызт.  Џьамбул иҳәоит иеиҳабацәа ирҳәо шиаҳахьаз рынхарҭа ааигәа аҳаҧ маҷқәа шыҟоу. Аха, иара иҧшаанӡа издырӡомызт урҭ рымҽхак зеиҧшроуи шаҟа  ыҟоуи. Шықәсқәак раҧхьа Џьамбул Џьапуа  иӡбеит ажәытәтәи рынхарҭа   аиҭашьақәыргылара напы аиркырц. Убысҟан ауп аҳаҧқәа раартра аныиӡбазгьы.  Уажәы атехника  ҷыда адгаланы, адгьыл ҭаҧҟаны амҩа аҟаҵара даҿуп. Ҳәарас иаҭахузеи, арҭ аусурақәа имаҷымкәа ахарџь рыцуп.  Аха  Џьамбул  игәы каижьӡом, дызхашәало нахҭынҵо иабдуцәа рынхарҭақәа реиҭашьақәыргылара даҿуп.

 Абасала  маҷ- маҷ акәзаргьы,  Ҷлоу ақыҭа аекологиатә туризм   ҳәа изышьҭоу ахырхарҭа аҿиара  иалагеит. Ақыҭа ахада Аслан Сангәлиа иажәақәа рыла, ари аус иацхраатәуп, иадгылатәуп. Аҧсабаратә ҭыҧшӡарақәа атуристцәа, ақыҭеи араиони ирыднаҧхьалоит, аҭыҧантәи ауааҧсыра усурҭа ҭыҧла еиқәнаршәоит, уи ақыҭа ашьҭыхра иацхраауеит. Издыруада  араҟа иҧшаау, аха макьаназы иҭҵаам аҳаҧқәа зықьҩыла  аҧсшьацәа зҭаауа ҭыҧны иҟаларагьы мышкызны.


Елана Лашәриаԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me