Ааигәа И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ахыбраҿ имҩаҧысит атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алеқсандр Ҳаџьараҭ-иҧа Чамагәуа ишәҟәы – аҧсышәала ирцәажәаз аматематика аӡыргара. Ашәҟәаҿы иарбоуп алгебра 5-тәи 9-тәи аклассқәа рпрограмма иаҵанакуа. Аӡыргара иалахәыз аҵарауаа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дықәгылеит абиблиотека аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Амра Агрба. Уи иааркьаҿны дазааҭгылеит аҵарауаҩ инысымҩа.
Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә Дума аҩаша, жәабранмза 7 рзы имҩаԥысыз аилатәараҿы аҳазалхыҩцәа рџьашықәс аҩганктәи азхаҵаразы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵахьаз Аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аинформациатә маҵзура ТАСС.
Аашәыршақә иҟамлеит 1919 шықәсазы, раҧхьаӡатәи аҧсуа милаҭтә газеҭ «Аҧсны» аҭыҵра. Уи амш жәабран 27 инақәыршәаны, Аҧсуа кьыҧхь иамшны, ҳтәылаҿы иазгәарҭоит. Ари арыцхә инамаданы, ҳара ҳиҿцәажәеит аҧсуа кьыҧхь даара иазҿлымҳау, аҧсышәала иҭыҵуа агазеҭқәеи, ажурналқәеи, ашәҟәқәеи бжьамыжькәан еидызкыло, ирыҧхьо, ҷыдала, акыршықәсқәа раахыс агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны» номерцыҧхьаӡа зхазы еидызкыло, иазҿлымҳау, иаҧхьо, игәцаразкуа, даара ҳаҭырлагьы иазыҟоу Ауаажәларратә хеидкыла «Аҧшьаҭыҧ» аныҳәаҩ хада Борис Қәҭалиа.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me