Абас ахьӡиҵеит аскульптор Архип Лабахәуа ҿыц иааиртыз аскульптура аӡыршә. Уи ықәыргылоуп Аҟәа, Леон имҩаду аҟны Аҧсны Амилаҭтә банк амузеи аҿаҧхьа. Аскульптура аартрахь иааиз рҿаҧхьа дықәгыло, Архип Лабахәуа иазгәеиҭеит, ари аидеиа иара иҵазҳәаз амузеи анапхгаҩцәа Асҭамыр Ҭаниеи Беслан Бараҭелиеи шракәу. «Ари аирыӡ аҧара ҿырпқәа зҭышәшәо, сара избеит амузеиаҿ. Аҧараҿырп – аџьаз иалху антикатәи аамҭа иатәуп. Сара иаҧысҵеит аҵан, алегенда излаҳәо ала,…
Иван Миқаиа аҧсуа литератураҿы иацы иахьа дцәырымҵит. Акыр шықәса ҵуеит уи аҧсуа поезиа дазааҧсоижьҭеи. Ааигәа аҧхьаҩцәа ироуит ишәҟә ҿыц «Ашьхақәа рхы ладырҟәӡом» еиднакылоит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаҧиҵаз ажәеинраалақәа.
Жәабран 27, 1919 шықәса рзы иҭыҵит аҧсышәала ицәажәаз раҧхьаӡатәи аҧсуа газеҭ «Аҧсны». Уи ашьаҭаркҩыс дыҟан Дырмит Гәлиа. Убри инамаданы ари амш Аҧсны амассатә информациатә хархәагақәа ирымш ныҳәаны ишьоуп. Абри амш ныҳәа аламҭалаз Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла имҩаҧнагеит 2022 шықәсазы ажурналистцәа ирылаҳәаз аконкурс аихшьалақәа рылаҳәара. Аконкурс азкын Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу, зыӡбахә зынӡаск ирымҳәац аиба­шьцәа, мамзаргьы аибашьратә хҭысқәа.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me