Иван Миқаиа аҧсуа литератураҿы иацы иахьа дцәырымҵит. Акыр шықәса ҵуеит уи аҧсуа поезиа дазааҧсоижьҭеи. Ааигәа аҧхьаҩцәа ироуит ишәҟә ҿыц «Ашьхақәа рхы ладырҟәӡом» еиднакылоит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаҧиҵаз ажәеинраалақәа.
Жәабран 27, 1919 шықәса рзы иҭыҵит аҧсышәала ицәажәаз раҧхьаӡатәи аҧсуа газеҭ «Аҧсны». Уи ашьаҭаркҩыс дыҟан Дырмит Гәлиа. Убри инамаданы ари амш Аҧсны амассатә информациатә хархәагақәа ирымш ныҳәаны ишьоуп. Абри амш ныҳәа аламҭалаз Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла имҩаҧнагеит 2022 шықәсазы ажурналистцәа ирылаҳәаз аконкурс аихшьалақәа рылаҳәара. Аконкурс азкын Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу, зыӡбахә зынӡаск ирымҳәац аиба­шьцәа, мамзаргьы аибашьратә хҭысқәа.
Абаҩхатәра злаз апоет Владимир Алеқсандр-иҧа Ахьиба диижьҭеи 80 шықәса ҵит. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ирылаз Владимир Ахьиба диит 1938 ш. ианвар 23 рзы Гәдоуҭа араион Жәандәрыҧшь ақыҭан. Жәандәрыҧшьтәи ашкол аҟны 8 шықәса аҵара аниҵа, ажәбатәи акласс хиркәшеит Мгәыӡырхәатәи абжьаратәи ашкол аҟны. 1956 ш. Владимир Ахьиба дҭалоит Кьалашәыртәи (Аҟәа) ақыҭанхамҩатә техникум (ҩышықәса рышьҭахь Аҽгәараҟа (усҟан – Гал араион) ииаргоит).…
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me