Ирҳәоит доусы даниуа – еҵәак-еҵәак рыциуеит ҳәа. Уи анкыдшәо, ианҿыцәаауа аӡәгьы издырӡом, аҧсабара ус ишоуп. Адунеи ааршазар аахыс, ажәҩан еҵәақәа, ҽынла иаҳамбо, рыгәҭа ижжаӡа икыдуп аҧсшәа аеҵәахә. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, дгьылаҵыхәан иҟоу, «алахьынҵа» зшо уи кыдшәараны иҟоуп, амилаҭ рмаҷра, дара уи ишазыҟоу, рхы иахьынӡадырхәо «ҭҵааны». Уазымхәыцыр ауам! Аҧсшәа аеҵәахә жәҩан икыдын, аха аҧсуа жәа адгьыл аҿы гараҟәҟәала иҿаҳәаны игаран, иаҭахын ахәыҷы…
Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа усуратә визитла Беларус даҭааит жәабранмза 20, ашәахьа. Аҩаша, жәабранмза 21 рзы Минск ақалақь, Ахьыԥшымра Ахан аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Беларусиа Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиԥылара мҩаԥысит. Иара убас, аиԥылара далахәын Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Аҧсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы, Аҧсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа имшира аҽны – февраль 21 рзы Аҟәа ақалақь аҟны инышә дахьамадоу игылоу ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭаҵан.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me