Алақәа иреихсны рышьра

24 Хәажәкыр 2023 07:34
Аԥсныпресс. Гагра ақалақь азинхьчаратә усбарҭақәа ақалақь аҿы алақәа иреихсны рышьра иалахәыз ауаа реилкаара иаҿуп. «Ҳара ҳхаҭа даара ҳаршанхеит иҟалаз ахҭыс. Азинхьчаратә усбарҭақәа ари агәымбылџьбаратә хҭыс иалахәыз ауаа реилкааразы аусура мҩаԥыргоит. Иҟоу адыррақәа рыла, уи џьоукы хазхаҭала иаԥшьыргаз, анаҩс еиҿыркааз усуп. Ҳара иԥшәымадоу алақәа рпроблема аӡбаразы ас еиԥш аметод зынӡа ҳадгылаӡом», – ҳәа Апсныпресс акорреспондент иацы иҟалаз ахҭыс азы иҟаиҵаз азҵаара…
Хәажәкырамза 20 азы атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азакәанԥҵара аиԥшхара ашьаҭала азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра ашьақәыргылара Апрограммала иазԥхьагәаҭоу азҵаарақәа рзы аҭакԥхықәра зду ахылаԥшырҭақәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.
Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны иааз Аахыҵ-Кавказ азҵаарақәа рзы Европатәи Аидгыла Ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар напхгара ззиуаз Европатәи адипломатцәа рделегациа идикылеит. Аиԥылара иалахәыз Аахыҵ-Кавказ ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ҷыдала, аиҿцәажәараан арегион аҟны ашәарҭадара иадҳәалоу атемазы ргәаанагарақәа еимырдеит.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me