Аҳәынҭқарра зырӷәӷәо – ажәлар рдоуҳамч ауп

Адунеиаҿ имҩаԥысуа иарбанызаалак ахынҭаҩынҭаракәа зыхҟьо еиҳараӡак, адоуҳаи акультуреи рыԥсыҽхара ауп ҳәа азгәарҭахьеит аҵарауаа аӡәырҩы.

Адоуҳатә мазара, ари иузаамхәо, иузымҭиуа хәы змаӡам мазароуп. Ҳара аԥсуаа жәытә-натә аахыс акыр здоуҳа ҵаулаз ажәларқәа рахь ҳаԥхьаӡан. Аԥсны ахиаҵыхәеи бжьныхак рылԥха ибжьанакуеит. Абри адгьылаҿ ауп, иуникалтәу ажәытәӡатәи абызшәақәа ируаку, аԥсуа бызшәа ахьықәыҩуа. Абри адгьылаҿ ауп, аԥсуа игәы раҳаҭны дынхо, дынҵуа, дхаҭәаан дҟаларц ахьилшо.

Аԥсуа ишьамдгьыл ауп Аԥсынра!

Аԥсадгьыл! Аԥсуа иԥсы злоу адгьыл. Шаҟа хҵәареи хыԥсаареи рхыргахьоузеи ҳажәлар, абри адгьылԥшӡа иахырҟьаны!

 Шаҟагьы иҳаракузеи рдоуҳа, абарҭқәа зегьы ириааины, иахьагьы макьана аҿиара амҩа иану ҳажәлар!

 Абаагәареиԥш Аԥсны иаакәыршан игылоу ашьхақәеи аладахьы ишәахԥсараха агаҿа зырԥшӡо Амшын еиқәеи ирхылҵуа аҳауа зҩыда ихнамхрыда?!..

Абраҟоуп Нарҭ Сасрыҟәа аеҵәа ахькыдиԥааз! Абраҟоуп, Саҭанеи-Гәашьа лдоуҳа ашәа ахьгауаз! Абраскьыл иакәзар, ажәҩан ду ахьирдыдуаз!

Абраҟоуп ажәлар дуқәа ирымакуа, ҳбызшәа ԥшӡа – аԥсшәа ахьықәыҩуа!..

Аԥхьаҩцәа ишәыдаагалоит абри аизара ду аҟны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазарақәа рыҟәша адекан, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа иқәгылара.


Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Ҳарҭ аԥсуаа, ҳҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿ аԥсуа интеллигенциа иааныркылоз аҭып зны-зынла ианаҳхашҭуа ыҟоуп. Егьа ус иҟазаргь, ианаҭаххо аамҭаз, аинтеллигенциа рҭыԥ даҽаӡәы изаанкылаӡом. Уи аҭоурых иԥнашәахьеит.

Сара сахьахәаԥшуа, иахьа аԥсуа иннтеллигенциа рыбжьы еицдыргартә иахьыҟам, ганрацәала иаҳныԥшит. 

19-тәи ашәышықәса анҵәамҭаз, иахьатәи аҩыра ҳауаанӡа, рышьҭа ӷәӷәа ҳҭоурых иазынрыжьит апоет Гьаргь Чачбеи аҭоурыхҭҵааҩы, аетнограф Соломон Ажәанбеи.

Аҩажәатәи ашәышықәса алагамҭаз, Фома Ешба ибзоурала, Агәыбедиа иаатуеит раԥхьатәи ашкол. Аԥсуа нбан еиқәиршәеит, алитература ҩырагь хациркуеит Дырмит Гәлиа. 1912 ш. азы иҭыҵуеит ишәҟә хәыҷы – «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи» зыхьӡыз. Аԥсуа жәлар ироуеит аҩыра рхатәы бызшәала. Ахы ыҵнахуеит аԥсуа литература. 1919 шықәса азы иҭыҵуеит аԥсышәала ицәажәо агазеҭ «Аԥсны».  Дук хара имгакәа, уи иаҵагылоит аԥсуа шаеҵәақәа рацәаҩны: Самсон Ҷанба, Миха Лакрба, Иуа Коӷониа, Ӡаӡ Дарсалиа, Симон Басариа, Андреи Ҷоҷуа, Платон Шьаҟрыл, Мҭы Ақаҩба, Кандрат Ӡиӡариа уҳәа...

Амилаҭ хақәиҭра қәԥара иазықәгылоит ареволиуционерцәа Ефрем Ешба, Нестор Лакоба, Никәала Ақырҭаа, Самсон Картозиа. Иагьрылшоит ақырҭуа меншевикцәа ҳаԥсадгьыл иалцан, Аԥсны СССР Аиҩызаратә Республикақәа ируакны ашьақәыргылара! Абрантә иалагоит, аҿатә аамҭаҿ аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара.

30-50-тәи ашықәсқәа рзы арепрессиа аамҭақәа ишрылагылазгьы, аԥсуа жәлар рзинқәа рыхьчараз аҿагылара ӷәӷәа аадырԥшуан Гьаргь Ӡиӡариа, Баграт Шьынқәба, Константин Шьаҟрыл, Шьалуа Инал-иԥа уҳәа егьырҭгьы.

Еицырдыруа хҭысуп, 1977 шықәса азы 130-ҩык рнапы зҵаҩыз «Аԥсуа шәҟәы» ҳәа ахьӡ зауз (Абхазское письмо) шаҟа анырра ҟанаҵаз ҳхақәиҭра амҩаҿ.

 1989-тәи ашықәс азы, СССР алҵраз Қырҭтәыла иаднакылаз ақәҵара инашьҭарххны, Аԥсны иқәнаргылоит азҵаара Қырҭтәыла алҵразы. Араҟа аԥсуа интеллигенциа еиҭа ирылшеит хшыҩҵарыла уи амҩа азыԥшаара.

1947 шықәса инаркны, 1988 шықәсанӡа, ес-жәашықәса рыбжьара аԥсуа интеллигенциа заԥхьагылаз ҳажәлар аҿагылара-қәгыларақәа мҩаԥыргон ақырҭуа колониалтә политика аганахьала. Урҭ рахьтә иналукааша хьыӡқәаны иҟоуп: Архип Лабахәуа, Аслан Оҭырба, Иван Ҭарба (Ингороҟәа итеориа иаҿа­гылан Қарҭҟа ашәҟәы зыҩқәаз). 1967 ш. азы иара убас ЦК КПСС ахь идәықәҵаз ашәҟәы, напхгара алҭон аҵарауаҩ Ҭамара Шьаҟрыл­ԥҳа (ари аусаҿ иџьабаа рацәоуп ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба).

Ишырҳәо еиԥш, хыԥҽыган ақырҭцәа рзы иҟалеит Шьалуа Инал-иԥа ишәҟәы «Вопросы этнокультурной истории абхазов», иҭыҵит 1976 шықәсазы. Иара убас, Гьаргь Ӡиӡариа имонографиа «Махаджирство и проблемы истории Абхазии 19-столетия», 1982 шықәса азы иҭыҵыз. Амҳаџьырра, атрагедиа ду ахҭыс, сахьаркырала иҳаракны иаанарԥшуеит Баграт Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах».  «Ацынҵәарах» анырра ӷәӷәа ҟанаҵеит ҳаешьаратә Кавказ жәларқәа рыхдырраҿ. Доуҳакны еиднакылеит мшын нырцә-аарцә еиҟәганы иҟаз ҳажәлар. Абарҭ ах-усумҭак, иаҳҳәар ҳалшоит, ҳажәлар рхақәиҭратә қәԥара иуасхыр ӷәӷәан иазышьҭалеит ҳәа.

 Ақырҭцәа рымпыҵахаларатә политика аҩажәатәи ашәышықәса анцәамҭаз еиҳагьы аҽарӷәӷәо ианалага, март 18, 1989ш. азы Лыхнашҭа имҩаԥысуеит аҭоурыхаҿ аҵак ду змоу жәлар реизара. 36 нызқьҩык аизара иалахәыз аԥсуаа азҵаара ықәдыргылоит Қырҭтәылатәи ССР алҵразы. Ирыдыркылаз ақәҵара ашәҟәы инапы аҵаиҩит, усҟантәи Обком актәи амаӡаныҟәгаҩ Борис Виқтор-ипа Адлеиба. Аизара еиҿнакааит Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара». Иазгәасҭар сҭахуп, уи аԥхьаҟа акыр шыбжьаз 1985ш. азы, ицәырҵыз аиҿкаарақәа зегь раԥхьа игылаз адирижиор, амузыкант, акомпозитор Нодар Ҷанба напхгара зиҭоз арҿиаратә интеллигенциа рхеидкыла шакәыз. Анаҩсан ауп, 1988 ш. рзы, амилаҭ еиҿагылара аҽанарӷәӷәа, ауаажәларра-политикатә еиҿкаара Жәлар рфорум «Аидгылара», аныҟала. Уи напхгаҩыс даман ҳашәҟәыҩҩ ду Алықьса Гогәуа. Абарҭқәа зегьы реиҿкаараҿ, иарӷьажәҩацәан ирывагылан апоетцәа Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа, аҵарауаҩ, афилософ Олег Дамениа, аҵарауаа Роман Ҷанба, Игор Марыхәба, Валери Кәарҷиа, апоет Рушьбеи Смыр, асахьаҭыхҩцәа Валери Гамгиеи Витали Лакрбеи реиԥш иҟақәаз. Ирацәаҩуп убас иҵегь зыхьӡ уҳәақәаша. (Ари апериод иаҵанакуа аамҭа уаҩҵас иҭҵаатәуп.) Анаҩсан, «Аидгылара» напхгара аиҭон аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Сергеи Шамба.

1989 ш. азы СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатцәас зыӡбахә ҳәаз рыбжьара иҟан аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа Баграт Шьынқәба, Фазиль Искандер, Тарас Шамба, Владислав Арӡынба. 

Аҭоурых наунагӡа иазынхеит СССР Иреиҳаӡоу Асовет аизара ду аҟны Владислав Арӡынба иҟаиҵаз ажәахә!

Уинахыс ауп, иаргьы жәлары дырҿахәҳәаҩны, дԥызан даныҟала. Машәырны иҟамлеит, уи ашьҭахь Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс дахьыҟалаз. Аибашьра ашьҭахьгьы, конституциала ишьақәгылаз «Ареспублика Аԥсны» Раԥхьатәи Ахада ҳәа ажәлар еицҿакны абжьы ахьирҭаз.

Ҳиааирақәа зегь алзыршоз, аинтеллигенциеи ажәлари рыгәра еибаго иахьыҟаз акәын. Иахьа, аинтеллигенциа еиҳарак, еиҩшоуп ауаажәларратәи аполитикатәи еиҿкаарақәа рыҩныҵҟа. Уи иаанаго аинтел­лиген­циа доуҳакны, хәыцракны иеидкылаӡам ауп. Абрантәоуп ҳрыцҳарақәа зегь рхы ахьыҵырхуа.

Аԥсуа ҳәынҭқарра аҟаҵара иазықәԥоз аԥсуа интеллигенциа акырынтә ихыршьаахьан! Акырынтә аихац икылырххьан! Аха ирылшеит уи аҭәагашоуреи амцеи ирылган, конституциала зхы иақәиҭу Ареспублика Аԥсны ашьақәыргылара! 1992-93ш. рзы, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ахаан, аԥсуа интеллигенциа насҭха имгылакәа, хацәнамырха аӷа иҿагылаз ҳажәлар рыгәҭа игылан иӷәӷәаӡа. Урҭ убон афронт аԥхьатәи ацәаҳәаҿы еиԥш, аидеологиатә еибашьра ҳәа изышьҭоу аҿагылараҿгьы. Даара ифырхаҵара дууп Аԥсуа телерадиоеилахәыра иааннакылаз аҭыԥ аибашьра аан. Иркуаз, иршьҭуаз мыруга дук рымаӡамкәа, ҳтелехәаԥшра аусуцәа ирылшеит аинформациатә блокада иалҵәраан адунеи Аԥсуа ибжьы арҳара. Уи иарҿыхаз рацәаҩхеит! Аԥсныҟа рҿаархеит «адоброволеццәа» ҳәа изышьҭоу, хатәгәаԥхарала еибашьуаз ауаа. Иара убас ҳжурналистцәа ирылшеит, аӷа имацәаз иҭакыз Очамчыратәи араион ахҭысқәа аефирахь рцәыргара.

Имшәа-имырҳа, рхатә ҭыԥ ааныркылеит ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳартистцәа, ҳашәаҳәаҩцәа. Афронтаҿ, атылаҿ, зехьынџьара игон агәырхаҵага ашәа – Ахра ашәа! Ахҭҟьара иацҭҟьон нкылашьа змамыз Аиааира ашәа! Гәдоуҭа ақалақь акәша-мыкәша иаакәыршан адҩылақәеи, аӷа дҿаԥызҽуаз аплакатқәеи рыла ихырҟьон ҳсахьаҭыхыҩцәа. Абарҭқәа зегьы ҳажәлар аиааирахь ирыԥхьон, ԥхьаҟа иагон… 

Ари аибашьра хлымӡаахаҿ иҭахази, хабарда ибжьаӡызи рыбжьара иҟоуп аԥсуа интеллигенциа, аҵарауаа аӡәырҩы рыхьӡқәа. Ара зегь реиқәыԥхьаӡара салагар, акыр шгәы шәасыргар ҟалоит, аха гәыԥҩык  рыхьӡқәа шәгәаласыршәоит: аҵарауаҩ, археолог,  аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Мушьни Хәарцкиа Аԥсны Афырхаҵа, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат  Владимир Анцупов – Аԥсны Афырхаҵа, аҵарауаҩ, астрофизик, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Адгәыр Инал-иԥа – Леон иорден занашьоу, аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат  Витали Быҭәба, аҭоурыхдырҩы Лаша Коӷониа, Леон иорден занашьоу, Аԥсни Қырҭтәылеи рҟны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы, Аԥсны аҳәынҭқарратә символқәа равтор Валери Гамгиа – Леон иорден занашьоу, асахьаҭыхҩы, атележурналист, аоператор Анзор Кәарҷелиа – Леон иорден занашьоу, апоетесса, агени Саида Делба – Леон иорден занашьоу, акинорежиссиор Аслан Камкиа – Аԥсны Афырхаҵа, асахьаҭыхҩы, Аԥсны Афырхаҵа Омар Матуа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Аркади Чачхалиа – Апсны Афырхаҵа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акәашаҩ Руслан Кулаа – Аԥсны Афырхаҵа.

Рыцҳарыла Аҟәа ақалақьаҿ иҭархан: апоет, агени Таиф Аџьба, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Аԥсуа драматә театр актиор Мажара Зыхәба, Аԥсны жәлар рартистка, Аԥсуа драматә театр актриса, Еҭери Коӷониаԥҳа

 Абас жәаҩыла аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа… Абарҭқәа зегь рыԥсқәа зыхҭынҵо, аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәыргылара ауп.

Аибашьра ганрацәала ааха ӷәӷәа рнаҭеит ҳажәлар. Зегь раԥхьаӡа ҳгенфонд ашьақәгылараҿ. Еиҵанаҟьеит ажәлар рԥсихологиатә ҭагылазаашьа. Урҭқәа ирыхҟьаны аҽаԥсахит ҳлеишәа. Ҳхымҩаԥгашьа акәзар, зынӡа иаҳтәымыз аҟазшьақәа аланагалеит. Иаҳхашҭит, Аԥсуара шьаҭас иамаз ахпатуқәҵара, арыцҳаибашьара, аицхыраара. 

Ирацәоуп, ҳара ҳҿаԥхьа иқәгыло апроблематә зҵаарақәа, аха зегь раԥхьаӡа иргылатәуп Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿ ҳзықәныҟәо концепциак алкаан иахьҳамам. Егьаҩы ҳәынҭқарцәа алаҳхыргьы, абри аҩыза аконцепциа ыҟамкәа, лҵшәа дук ҳауран ҳаҟаӡам… Аконцепциа ахырхарҭа алкаара, ҭҵаарадыррала азнеира зылшаша аҵарауаа шҳамоу агәра згоит. Урҭ еидкылатәуп, аус дырутәуп.

Аконцепциа цәаҳәаҟаԥшьны иагәылсуазароуп Аԥсуара аидеологиа. Изахьӡуи нас аҽеидкылара? Аҽеидкылара, ари зегь раԥхьаӡа иҳамоу аинтеллектуалтә потенциал еидкыланы, хырхарҭакны, дыррала ҳзықәныҟәо аконцепциа аԥҵароуп. Академиа, ауниверситет, аинститутқәа, арҵаҩратә еилазаарақәа уҳәа реиԥш иҟақәоу. Урҭ, акоординациа бзиа рыман, амилаҭ политика аганахь ала, хҭак еицҭадыршәуа рыҟаҵара. Уажәы ишыҟоу, досу ииҳәо иара изынхо акәымкәа.

Амилаҭ шьақәгылан иӷьацо, ирызҳауа иҟаларцаз иахьатәи аамҭа иашьашәалоу адыррақәа рымазароуп. Ари аусаҿ аҵарадырра ада даҽа мҩак ыҟаӡам. Аҵарадырра иахьазын, макьана ихьысҳауп.

Ахәыҷбаҳчақәеи, ашколқәеи. Абрантәоуп аҳәынҭқарра иахьынтәалаго.  Хымԥада акагь ҟаҵам ҳәа ҳәашьа амаӡам. Иҟаҵоу дара ирацәоуп. Аха, хыхь ишысҳәахьоу еиԥш, азеиԥш хырхарҭала ааӡараҿ, ҳаԥсыҽқәоуп.

Нас, иҟоуп даҽа рыцҳарак. Ҳхатәы университет атәамбара! Иаҭахугьы, иаҭахымгьы азанааҭқәа рҵаразы, хыԥхьаӡара рацәала ҳхәыҷқәа аҳәаанырцәҟа аҵарахьы рдәықәҵара. Есышықәса, мҩақәас иҟоу зегь ԥшааны 150-200-ҩык зныкала иреиӷьу ҳхәыҷқәа дәықәаҳҵоит! Урҭ рахьтә, арахь игьежьуа маҷуп… Сара сгәанала, ари азхәыцра аҭахуп. Азхәыцрақәа рацәоуп, иҟам анализ ахьыҟарҵо аҭыԥ ауп. Убри аҟаҵара зуалу ҳауп абра иахьа еизазгьы, нас иааиран иҟоугьы аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа.

Ҳара ҳазҿу политикатә еиҿкаараӡам, аха аус иашан иарузар, ҳажәлар рзы иҟоу иреиҳау политикахоит. Сгәанала, убас иагьыҟалоит. Аҵарауаа, аинтеллигенциа абри рымч ақәымхозар, нас дарбану ари азҵаара ду аӡбара зылшаран иҟоу?!

Аԥсуа школқәа анадыркуаз, иреиӷьӡоу ҳҵеира рхы ақәҵан ирыхьчон, иахьа ҳхатә ҳәынҭқарра анҳау, ҳбызшәа тәамбашақә аҳәара ҳаҟәыҵит… нас иарбан ҳәынҭқарроу ҳара иҟаҳҵарц иаҳҭаху?!.. Хьаҳәхьачарада, Аԥсны ахатәы бызшәа аԥыжәара аҭатәуп. Аҳәынҭқарратә бызшәа, ҳәынҭқарратә бызшәаны иҟаларц азы азакәан аус арутәуп. Абызшәа, политикатә хәаахәҭган иҟамлароуп. Ҳара милаҭ еилыхла аӡәгьы дыкҿаҳцалаӡом. Амилаҭқәа иҳаланхо, рмилаҭтә школқәа, ркультуратә хәышҭаарақәа зегь аус руеит Аԥсны. Ҳара зҵаарас иҳамоу, ҳмилаҭ реиқәырхароуп.

Абызшәа инаҷыдан, ашәарҭадара, аекономика, аҵарадырра, адемографиа, агәабзиарахьчара, аекологиа, адоуҳатә, асахьаркыратә ԥсҭазаара уҳәа азҵаарақәа зегьы рыҭҵаара иаҿу аҵарауаа ҳамоуп, иҳамамзар акәын арыцҳара. Рыхшыҩқәа еилаҵаны, алкаақәа иҟарҵо ҳарзыӡырҩны аԥхьаҟа амч аҳҭар, ҳполитика ажәлар ринтересқәа инагӡаны иахьчо иалагоит. Анаԥшыҩгьы ҳаҭыр ақәҵан идикылоит.

Аинтеллигенциа рхеилак ахаҭа, авторитет змоу, амилаҭ ринтересқәа зыхьчо, уаажәларратә институтны иҟалароуп. Арахь иадԥхьалатәуп, егьырҭ аинститутқәа рхаҭарнакцәагь, Абыргцәа рхеилак аԥхьа инаргылан. Иара убас аҿар рхеиҿкаарақәа рҟынтәи.

Ибзиан, аԥсуа жәлар ирыдыркылар амораль ӷәӷәа зцу изхымԥо, изҵымԥо, еиқәышаҳаҭратә декларациак. Уи ажәлар, рҵас, рқьабз иазааигәо моралтә кодексны иҟаҵазар. Ауаажәларраҿ, абас ҳатрадициақәа ирзааигәоу аинститутқәа аус дырулазар бзиоуп. Убри анаҩс, алитература, амузыка, атеатр, акино, асахьаҭыхра, жәлар рырҿиара ахкқәа зегьы реизырҳара.

 Ҩеижәи жәаба шықәса раԥхьа иҟаз аԥсуа ихәыцшьеи, иахьатәи аԥсуа ихәыцшьеи, еиԥшӡам. Иахьатәи аԥсуа иԥсҭазаара зегьы акомфорт иадиҳәалоит, уи бзиоуп аха, ҟазшьала, хымҩаԥгашьала дшаԥсуоу ихамшҭузароуп. Абарҭқәа реиԥш иҟақәоу азҵаарақәа, лассы-лассы ицәырган ирылацәажәаша, аԥсуа интеллигенциа рхеилак акәзароуп. Иахьа, ҳазҭагылоу аамҭа гәаҭаны, аԥсуа интеллигенциа, ианрылымша, ажәлар хырхарҭакны реидкылара, аԥхьаҟа Аԥсынра даара ашәарҭа ӷәӷәа иҭагылар алшоит.

Ажәлар русаҿ агәаанагарақәа еихҟьа-еиҵҟьа ианыҟоу, ашәарҭара ацуп. Убри азы акны еидкылатәуп. Гәаӷ мацарала иҭәит ҳполитика. Ҳриторика уи аныԥшуеит. Ҩыџьа зыгәра еибаго рыԥшаара цәгьахеит. Нхыҵ-аахыҵ, мшын нырцә иҟоу ҳашьцәа рыжәҩа ҭаҳҟьеит. Иаҳҭаху заку еилкааны цқьа иҳазрамҳәо ҳалагеит.

Ари аҩыза азнеишьа, хара ҳарӷьа­цаӡом…

 Ҳара аҭоурых иҳанаҭеит ашанс ду – зых иақәиҭу, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аҟаҵара! Ҳазханаҵеит аҳәынҭқарра ду – Урыстәылатәи Афедерациа! Егьырҭ аҳәынҭқаррақәагь ҳазхазҵақәаз ыҟоуп. Маҷ-маҷ иааип аамҭа, адунеи ҳаназханаҵо.  Аха уаанӡа, ачҳара аҟәыӷареи аарԥштәуп.

Аҳәынҭқарра зырӷәӷәо, ажәлар рдоуҳамч ауп. Уи акны еизакымзар, ԥхьаҟа аҿиара зыҟалаӡом.

Ҳара иҳамоуп хымԥада ҳазхыҽхәаша рацәаны. Иҳалиаауеит абаҩхатәра ду змоу ауаа, Аԥсны ахьӡ ахара иҭызго: ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, ашәаҳәаҩцәа, акәашаҩцәа, амузыкантцәа, асахьаҭыхыҩцәа, арҵаҩцәа, аспортсменцәа уҳәа ирацәаҩны. Урҭ зегь рыԥсадгьыл ахьӡ ҳаракны ишьҭырхуеит. Урҭгьы ирҭахуп агәышьҭыхра, ирывагылатәуп, ирыцхраатәуп.  

Ҳара еилаҳхуа, еилаҳҵо ажәлар ҳамаӡам! Ҳара ҳзын, ҳажәлар зегь аӡәроуп! Абри апринцип ала ауп, аусурагьы ҳшазыхиоу. Аԥсуа интеллигенциа ирылшароуп, ари аусаҿ акоординациа ӷәӷәа аҟаҵара. Издыруада, уи иалнаршар мышкы зны, ҳажәлар зегь доуҳакны реидкылара…

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me