Мышқәак раҧхьа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәу аилатәара. Амш аусхәаҧштә аҟны иқәгылан 17 зҵаара. Урҭ рахьынтә 5 зҵаарак аанкылан, анаҩстәи аилатәараҿы азыхынҳәразы. Аҧсны Жәлар Реизара аилатәараҿы аҩбатәи аҵыхәтәантәи аҧхьарала ирыдыркылеит азакәанапроект «Афинанстә қьыра (лизинг) азы». Иара убасгьы Аҧсны атуристтә усхк азы азҵаара актәи аҧхьарала ирыдыркылеит. Уи инақәыршәаны абжьаратәи мамзаргьы иреиҳауи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо аекскурсиақәа рымҩаҧгара азин рымоуп.­
Мшаԥымза 4 инаркны 7 аҟынӡа Аахыҵ-Уаԥстәыла имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны акультура Амшқәа. Цхинвал ақалақь аҿы аҿар ртеатри, жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи аҳәынҭқарратә ансамбли ықәгылараны иҟоуп. Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аԥсны акультура Амшқәа раартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа хацыркхоит мшаԥымза 5 рзы. К. Л. Хетагуров ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ахәаԥшцәа идырбахоит Аԥсны аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр инанагӡо Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы…
Апсныпресс. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аамҭалатәи аусеилыргараанӡатәи аԥхьакырҭа аусзуҩ амилициа алеитенант еиҵбы Арзуманиан Аик Амбарцум-иԥа иганахьала ашьаустә усеилыргара хацыркхеит.
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me