Ажәҩан аҵаҧшра зцәыуадаҩу, зхызҿы хьаала иҭәу, ашәы зҽылаҳәаны, ацәажәара иналагаз аҧҳәыс, лыбжьи лыгәынқьреи аҩны аҭӡамцқәа дырҵысуан.

Лыҩнуҵҟа иҵәахны илымаз агәырҩа дахәаҽырц аҭахызшәа, зны-зынла лцәажәара аанылкылон. Нас лыҧсы ааивыганы, лнапы лыхәда иадкыланы дцәажәон: «Аҧсцәаҳа дыҟаӡам, дыҟазҭгьы, хымҧада, сигахьазаарын… Сара сзы адунеи ҭацәит, сҭаацәагьы сыуацәагьы сылабжьауеит. Аха схы сзамымхит, раби сареи џьабаала иҟаҳҵаз анхара сзахәаҧшуам. Уажәы-уашьҭан ашҭа иааҭаларашәа сгәы иабоит.

Иҭахазаргьы, баша иҭамхеит, рхы зқәырҵаз Аиааира ҳамоуп зҳәауа анацәа рацәаҩуп, аха сара уи сзымҳәеит. Избанзар, раб идац-иҧашә зегьы зыдҳәалаз, дара ракәын. Рыҵәҩаншьапқәа ыҵжәеит», – лҳәеит аишьцәа Иуреи Руслани Џьынџьолиаа ран Аиба Римма Гәыгә-иҧҳа.

Џьынџьолиа Радион Џьамфер-иҧа шьҭрала Дәрыҧшьтәын. Дынхон Афон Ҿыц. Радион иаб диздырӡомызт. Ҩ-шықәса анихыҵуаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан Аҧсадгьыл ахьчара дцоит. Иара инаишьҭырххны иашьеиҵбы Симонгьы. Рҩыџьегьы хабарда ибжьаӡит. Ран Бгьоу-ҧҳан. Иабиҧа­заҵәыз Радион длааӡеит. Изызҳаз Радион аб игәараҭаҿы дынхон. Аҭаацәара аҧиҵеит. Инасыҧхаз Римма аҭа­ацәара ду далҵит. Уи аҭаацәара араион аҟны еицырдыруаз, зыхҧша ҭбааз, зымышьҭа бзиаз уаан. Радиони лареи ҩыџьа аҧацәа: Иуреи Руслани рхылҵит. Џьынџьолиа Иура Радион-иҧа диит 1964 шықәса рашәарамза хәба рзы. Афонтәи абжьаратә школ далгеит. Петровск ақалақь аҟны арадиотехникатә техникум доушьҭымҭан. Аррамаҵура данахыс, Афонҿыцтәи аекскурсиатә еилазаараҿы аус иуан. Џьынџьолиа Руслан Радион-иҧа диит 1967 шықәса лаҵарамза жәеиза рзы. Афонтәи абжьаратә школ ашьҭахь Донецктәи азанааҭтә училишьче далгеит. Аус иуан Афон ауааҧсыра нхамҩала реиқәыр­шәаразы аусбарҭаҟны. Дҭаацәараӡамызт.

Аҧсны аибашьра ианалага, аб Радион иҧацәеи иареи еицны еибашьра ицеит. Аԥсны Афырхаҵа Смыр Алик напхгара зиҭоз Афонаа рбаталион иалан. Зыҧсҭазаара зегьы зҧацәа рааӡара иазызкыз ан Римма аибашьратә хҭысқәа ирыҵаз ахьанҭара зегьы згәы ианыруаз, икылнаблааз, иҵаулоу ахьаа зхылҵуа лыбжьы дахәаҽуа, ус лҳәеит: «Сыҷкәынцәа ҭахеижьҭеи 30 ш. ҵуеит… Иахьынтәаауа сыздыруам, акырцх еиҧш есыҽны илеиуа сылаҕырц…»

Радион иҭаацәеи иареи реибашьышьа, иахьагьы иазгәдуны иалацәажәоит.

Леон иорден занашьоу Феликс Дауҭиа: «Џьынџьолиаа ҭаацәала ирхыргаз, шәҟәыкгьы ианӡалом. Раб Радион, иҕәҕәареи иеибашьышьеи зегьы еицаадыруеит. Арҭ аҭаацәара реиҧш иҟаз роуп Аиааира ҳзаазгаз. Аибашьра иалагылаз зегьы еицҿакны ирҳәо акоуп аби аҧацәеи иҕәҕәаӡа иҳавагылаз еибашьцәан».

Аибашьра иалагылаз Руслан аҭыҧҳа дҳәаны диман. Игәаҟуаз ан диҳәеит дыбжьигарц, аха иара аибашьра ашыкьымҭаз, уи алацәажәара иҭахымхеит.

Аибашьра цон… Ҧшьҩык аибашь­цәа Зураб Лазба, Аршак Узуниан, Иура Џьынџьолиа, адыг (ихьӡи ижәлеи рыздыруам) ҧшыхәра ицеит, аҕацәа рыкәшеит. Зураб Лазба дыршьит, Аршак Узуниан дырхәит. Иршьыз иҭыгара даара иуадаҩхеит. Иура ииулак дҭигеит. Зураб ахра дахьаҿигоз еимаа ишьхшәазаарын. – Уи аимаа дашьҭаланы иҧшааит, ибеит ихы иакәыршаз акасгьы. Аҩныҟа данаауаз иманы дааит. Ашҭа данааҭалаҵәҟьа «Сан, абарҭ ганы Зураб иан илыҭ» ҳәа сеиҳәеит, – «дҳацәажәон иан Римма. Иура аибашьра адәаҿы зегьы илан. Аҩны данааилакгьы иан лгәы ҟаиҵон, длыцхраауан.

Иуреи Руслани ран асас изы есымша лышә шаартыз рдыруан. Убри аҟынтәи урҭ рҩызцәа зегьы рыманы лара лышҟа иаауан. 1992 ш. жьҭаара 17 рзы Џьынџьолиа Радиони ҧа аиҳабы Иура Шрома (Гәыма) дҭахеит. Аб иҧа инапы игәы инықәшьны, илабжыш иқәымҭәакәан, иҧеи ижәлари ршьоура дцеит. Руслан иан даалыдтәаларц иеиҳәеит.

Ҽнак, Руслан иҩызцәа иманы, ишыҟаиҵалацыз еиҧш, иан лҿы дааит. Дырхагьежьуа акрырҿалҵеит.  Лчысмаҭәа лыманы аҩны дандәылҵуаз, ахыҧҽыхақәа рыҩны аганаҿы икаҳаит. Адгьыл арҵысит, асаркьақәа ҧҽит. Усҟан Руслан иан акыраамҭа инапқәа лыкәыршан дааникылеит. Нас лгәы рыҕәҕәа ус иҳәеит: «Бҽырҕәҕәа, бара акы быхьыр ҟалаӡом». Аҵыхәтәан, ашҭа данҭыҵуаз, акырынтә дхынҳәуан… Иан лгәы ирҕәҕәеит, Аиааира шааигәаз агәра лиргеит. Нас лаҧшыла зегьы еимданы ашҭа дҭыҵит. Иҩызцәа изыҧшыз дрыцны ҧхьаҟа иҿынеихеит. – Ҧыҭрак данынаскьа, имагәқәа рҟаитанқәа аарыҕәҕәаны, иҽеиҵыхны сара сышҟа дааҧшит. Сцәа сааҭӡыӡааит. Саахь­ҭышьит. Снапы сҟьеит. Иаргьы ихы-иҿы ихаччо, инапы ааиҟьан, ҧхьаҟа иҿынеихеит, – лҳәеит Римма.

Каман аибашьра ҕәҕәа цон, уи ахақәиҭтәраан Руслангьы дҭахоит. Аишьцәа жәамз рыбжьымсит. Раб Радион еибашьрала Галнӡа днаӡеит. Уи иҧацәа ирзынамыгӡаз аус ҧшьа иациҵеит.

– Сара, сыҷкәынцәа рыдагьы, исывыршьааз ақәыҧшцәа ршьа зуан, сара ахы сазымгеит. Исықәшәозар ҳәа, сышгылаз схысуан, аха исывҟьон. Сааигәа игылаз ҟабарда ҷкәынак иқәшәазшәа анызба сыҽиқәсыжьит. Иара деиқәсырхеит, усҟангьы ахы самгеит. Абас адәы сықәхеит, аҧсцәаҳагьы сиҭахымхеит, – иҳәон Радион. Иуреи Руслани рабду Аиба Гәыгә ус иҳәалон: «Сара сахаанымхар ҳәа сшәоит, смоҭацәа аҳәса анаарго ҩ-цәык назгоит сахаанхар… «Аишьцәа рҩыџьегь анҭаха ҧсаҭатәыс ҩ-цәык неигеит.

Иуреи Руслани кәашацәан. Аҧсҭазаара бзиа ирбон, аҩызцәа рацәаҩны ирыман. Руслан еснагь дыхәмаруа, иан ус леиҳәалон: «Иура еиҳа дыбҭахуп». Убри аҟынтә Руслан дахьыршьыз аҭыҧ жәашықәса инеиҧынкыланы саҭаауан. Уаҟа ишьа злоу адгьыл снапы ықәшьуа, «сцәажәо» сгәаҟрақәа сыбжьы рдуны исҳәон… Ишьа ахькашыз адгьыл ашьац қашәқашәо иазҳауан. Сгәыхьи схәыцрақәеи рыла схьаа еиқәысҳәалон… Аамҭа наскьацы­ҧхьаӡа, агәалашәара иҟаз ауаа рҟынтә инаскьо иалагеит, уаҟа еизауаз акрыфарахь ианиарга, ацара саҟәыҵит…

Аибашьҩы Нураб Андарбуа аишьцәа игәалашәо иҳәеит: «Аишьцәа Иуреи Руслани аказы рхы иамеигӡеит. Аибашьцәа ҳаҩнуҵҟа даара пату зқәыз арҧарцәан. Иура данҭахаз аҽны ҳаицын. Ҳара ҳааныжьны, ихала ҧшыхәра дцеит. Рацәак мҵыкәан дхынҳәит. Аҕацәа ҳакәшара ишаҿыз ҳаиҳәеит. Усҟан абас иажәа ааҿахиҵәеит: «Ҳара еицу ҳаиҳа ҩынтәҟа еиҳазар ҟалап. Ҳара иҳалшароуп урҭ ҳахьтәоу ҳҭыҧқәа рахь раамышьҭра. Ҳаибашьыроуп». Дҳаҧхьагыланы ҳшеибашьуаз дызгашаз ахы иқәшәеит… Иашьа данҭаха ашьҭахь иашьа Руслан иабџьар иманы Афонаа ҳагәҭа дгылеит… Ҩыџьа аишьцәа гәлымҵәахқәа наӡаӡа рыҧсадгьыл рыҧсқәа ақәҵаны еиқәдырхеит».

– Дахьҭахаз аҭыҧ саҭааит Аиааира 15 ш. анахыҵуаз.  Аиҳабы Иура изы акгьы сҳәаӡом, сзызгәаауа аиҵбы иоуп, – лҳәоит иан Римма.

Аишьцәа анҭаха ашьҭахь ани аби рыҧсҭазаара ҭацәит. Адунеи дара рзы илашьцан. Урҭ рыҷкәынцәа рыҧсы анҭаз, аџьџьаҳәа ианеицынхоз, Радион иҧшәма, ус леиҳәалон: «Бара башьцәа ыҟоуп, баҧхьа сара сыҧсыроуп». Акыр шықәса инеиҧынкыланы Иуреи Руслани реишәа еимымхӡакәан иҟан. Римма Гәыгә-иҧҳа деиҵақьызқьызуа илгәыдҳәҳәала ирҭынхаз С.П.Дбар ихьӡ зху Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи ахь иналгеит. Ҩыџьа афырхацәа ирыдҳәалаз, рҭоурых зҳәо иналгаз нықәҵо, ус лҳәеит: «Мышкызны аҳәса ааргозар ҳәа рыхьӡала аҧара шьҭасҵон. Џьаракыр шәхы ишәзархәозар иаансыжьуеит. Ус, сахьышәҭаху акрыҟазар сшәыцхраауеит… Сыҷкәынцәа знапы иқәҵаны иаазгоз срыкәхшоуп, аха аибашьра анцоз зыҩнқәа ирыҩнымҵыз, Урыстәыла итәаз, зҽызҵәахуаз, иахьа «ифырхацәоуп». Ҳҭаацәара иазааигәоу, аибашьраҿы шьаҿак ҟазымҵаз, иахьа «унеишь-уааишь» ҳәа зарҳәо, абас сеиҳәеит: «Уажәы еибашьыз, имеибашьыз ҳәа иҟаӡам, ҳазегь ҳаиҟароуп». Римма лгәы аҵантә иаауаз ажәақәа удырхәыцуан, аҭоурых уагәыланахалон.

Аибашьра зегьы иалсыз Џьынџьолиа Радион Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы даҧсахеит, Иура – «Агәымшәаразы» амедал, Руслан – Леон иорден.

– Аҩны сахьыҩноу, схәыҷқәа роуп сгәы иҭоу. Раб дҭынчуп, иҷкәынцәа рҿы дыҟоуп. Адунеи аҿы малс иҟоу ауаҩы иоуп. Иахьа аханқәа, аҧара рацәаны, амал иашьҭоу рыцҳасшьоит… Адунеи аҿы зегьы иреиҳау малуп ҭаацәала аџьџьаҳәа уҩны уаныҩноу…

Римма лыхшара рфотосахьақәа, раҧсуа маҭәақәа, рҟамақәа (ианыкәашоз иныҟәыргоз), дара ирыдҳәалоу зегьы амузеи иалҭеит. Нас, – аишьцәа згараз агара иаҭахыз зегьы рыла еиқәыршәаны, иааныжьуа, ус лҳәеит: «Аҧсуаа ирхыргахьоу арыцҳара рызхазааит. Аилибакаареи аҳәоуеиқәшәареи ҟалааит. Аҧсны зхы ақәызҵаз зегьы еснагь агәалашәара рыцзааит. Хашҭра рықәымзааит».

Радион Џьамфер-иҧа иҧшьоу иашҭа Иуреи Руслани рышьҭра анымҵӡо ианхалеит. Ианыҵыр ҳәа дшәоушәа, ран дахӡыӡаауа аби аҧацәеи еиқәдырхаз аҧсадгьыл дахӡыӡаауеит. Дара зегьы бзиа ирбоз рашҭа ҧшьа гәыблыла лылаҧш нахылгоит. Нас лхәыц­рақәа лыҽрыҭан, илҿыкьасо лылаҕырӡқәа ҧшьаала илрыцқьоит…


Гугуца Џьыкырба 

Иура Џьынџьолиа

Руслан Џьынџьолиа

Руслан Џьынџьолиа дахьҭахаз

аҭыҧ аҟны иани иаби

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me