Заа издыруан…

24 Хәажәкыр 2023 07:39
Ашьхарантә иасуаз аҧша даара ишыхьшәашәазгьы, аҧсҭеи аиҩхаақәеи ирыбжьысны иаауаз ахьҭа шҿацазгьы, уи аӡын ҵхы егьырҭ аҵхқәа иреиҧшымкәан, даара иҧшӡан. Акраамҭа сышьхынҧсыланы, аӡын ҵхы зырлашоз ажәҩан аҿы, «Еҵәаџьаа» реиҧш еикәаҕҕа, еилаарцыруаз аеҵәақәа сырзыҧшуан. Ақыҭаҿы ажәҩан еиҳа иҵаулоушәа, еиҳагьы иҧшӡоушәа снарбозу, мамзаргьы уаанӡа исызгәамҭозу сыздырам, аха 25 шықәса раахыс ақалақь аҟны, уажә сқыҭа гәакьа Хәаҧ избоз аеҵәа ҧшӡақәа реиҧш, ажәҩан аҵаҿ исымбацызт.
Март 17 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭ­қарратә филар­мониаҿ имҩаҧысит ачечен жәлар рҳәынҭқарратә ансамбль «Ваинах» ақәгылара. Ари амчыбжь зегьы Аҧсны аҳҭнықалақь Аҟәа имҩаҧысуан Чечентәыла акультура Амшқәа. Иҵабыргны, асеиҧш мҽхакы ҭбаала ҳаиашьаратә жәлары, Аҧсны ашәарҭа ианҭагылаз зыжәҩахыр ҳадызҵаз ачечен жәлар ркультура ҳаламҧшыцызт.

Охәреи иаӡрыжәыз

24 Хәажәкыр 2023 07:35
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра мҵысыцызт, аха аҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩын. Убри аҟнытә, Аҧсны анапхгара рықәҵарала аус ауан «Ауааҧсыра рхымҩаҧгашьа ҷыда арежим». Уи аҧҟара ақәныҟәаразы, иаҭахын аиҿкааратә усура. Аҧсны азинхьчаратә усбарҭақәа апориадок ахылаҧшразы имҩаҧыргоз аусураҿы ирывагылон, ацхыраара рырҭон аҩнуҵҟатәи архәҭақәа рполк аруаагьы. Аҧсны мрагыларатәи ахәҭаҿы, Охәреитәи арратә гарнизон аҟны аррамаҵура иахысуази амилициа аусзуҩцәеи еилахәны Охәреии Гәдааи ахырҕәҕәарҭақәа еиҿкааны апостқәа ҟаҵаны амҩаду аҟны имҩасуаз…
Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me