Река иаартхоит иҭахаз рбаҟа

Иниакәкәа ицеит ҩажәи жәеиза шықәса. Ԥсҭазаарак зҭаугӡаша ари аамҭа, аибашьра зхызгаз, аибашьра ашьҭахьгьы ихьанҭаз аамҭақәа ирхысыз, иахьа аҿиара амҩа иану иқәыԥшу аҳәынҭқарразы қәра дуӡам аихшьаалақәеи алкаақәеи рыҟаҵаразы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иахаану зегьы ҳаԥсҭазаара уаанӡеи уи ашьҭахьи ҳәа еиҟәызшаз аибашьра хлымӡаах, иагьа аамҭақәа царгьы ҳгәалашәарақәа ирнымҵуа акәны иаанхоит.


Ҩажәи жәеиза шықә­са ры­­ҩныҵҟа шаҟа ирацәоузеи еи­ҭарҳәахьоу аҭоурыхқәа, аха еиҭа шаҟа аанханы иҟоузеи. Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара ҳгәы иҭаҵәаху ахьаа иацу амца ҿыцәаара азымҭо ауп, уи еиҳагьы иҵарны ҳгәы иҵалоит агәаларшәагатә, аҭоурыхтә мшқәа рзы.
Аиааира амш игәырӷьара­тәу аха убри аан ахьаагьы зцу мшуп. Ҳреигәырӷьоит Аԥсны ахьчаҩцәа иаҳзааргаз ахақәиҭреи уи иацу ахьыԥшымреи. Ҳрызхьаауеит аиааира абара зегьы иреиҳау гәазыҳәараны измаз, аха­ уи иахьымӡаз ҳфырхацәа. Арҭ амшқәа рзы абаҟақәа ирҭааны ашәҭқәа шьҭарҵоит аиҳабыра, ауаажәларра, аветеранцәа, иҭахаз ранацәа.
Аибашьра ашьҭахь Аԥсны ар­аионқәеи ақыҭақәеи зегьы рҟны шамахамзар иаартын иҭахаз аибашьцәа рбаҟақәеи рыхьыӡқәа зҳәо амемориалтә комплексқәеи. Уажәраанӡа Абаҟа ахьыргыламыз аҭыԥқәа иреиуан Очамчыра араион Река ақыҭа. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы Рекаа изныкымкәа ишьҭырххьан амемориалтә комплекс аартра азҵаара, аха иахьа уажәраанӡа уи аларшамызт. Сынтәа, Аиааира 31 шықәса ахыҵра аламҭалазы, ақыҭа ахадареи анхацәеи аиҳабыра рахь аҳәара ҟарҵеит абаҟа аргылараҿы ацхыраара рырҭарц. Река ақыҭа ахада Геннади Лагәлаа иажәқәа рыла, Аԥсны анапхгара адгылара ҟарҵеит, аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи аусурақәа ирзоурыжьит хә-миллионки бжаки. Иаразнакгьы заа иалырххьаз аҭыԥ аҟны абаҟа аргылара хацыркын, аусурақәа мҩаԥысуеит еиԥҟьарада. Аргылара мҩаԥнагоит аҳәынҭқарратә еилакы «Аԥсныргылара».

Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Очамчыра араион Река ақыҭа аҟынтәи рыԥсадгьыл ахьчара рхы ақәырҵеит жә-ҩык аибашьцәа. Аибашьра ашьҭахьгьы аамҭа аныуадаҩыз, Аԥсны аҳәаақәа рыхьчараан иҭахеит хә-ҩык аҵеицәа. Рекаа рбаталион акомандаҟаҵаҩ, Аԥсны Афырхаҵа Славик Қәычбериа иажәақәа рыла, ҩышәҩык инарзынаԥшуа еидызкылоз Рекаа рбаталион аибашьцәа хыцәнамырха еибашьуан рыԥсадгьыл аӷа ирымҭарц. Урҭ рахьтә аибашьраан иҭахаз жә-ҩык рахьтә реиҳараҩык Тамшьи Ахалдабеи рҿоуп изгаша ахы ахьрықәшәаз, ҩыџьа – Роман Кәартааи, Арушьан Кьышьмариеи ҭахеит Река. Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз Рекаа рыбжьара дыҟоуп Аԥсны Афырхаҵа, Тамшьтәи адесант аӡхыҵра иалахәыз Иури Қәычбериа. Уи иан Ламара Қәычбериа ҩнызқьи жәибжь шықәса рзы Аҳәынҭқарратә музеи ҳамҭас иалҭеит лԥа гәымшәа ихьыӡ зҳәо аекспонатқәа. Ламара Қәычбериа лзы ари ашьаҿа аҟаҵара акыр ихьанҭан. Ҩыжәихәба шықәса лҧазаҵә дызлеибашьуаз иабџьари, имаҭәеи ҭаҵәахны измаз ан илҳәоит аибашьраан ишәыз амаҭәа шылмыӡәӡәоз ифҩы ахымҵырц азы. «Исҭахуп уи иҭынхаз абџьар ицеибашьуаз иҩызцәа ртәы иавагылазарц».

Лԥа иҭоурых изызҳауа абиԥарақәа ирдыруазарц азы ауп Аԥсны Афырхаҵа иан амузеи лԥа иҷан залҭазгьы. Аибашьраан иҭахаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа зегьы фырхацәоуп ҳәарада. Урҭ еибашьуан гәеиҭаԥара аамырԥшӡакәан, аха Иури Қәыҷбериа иеиԥш агәаӷь змаз, зыҩныҵҟа уи ахәараҳәа еилашуаз еснагь иалыркаауан. Иара дабиҧазаҵәын, аха уаангыл, уҭаацәа уда дрымам, амцаҵәҟьа уаҿамлан ҳәа иарҳәоз илымҳахь иааигомызт. Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны абџьар шьҭызхыз Иура, раҧхьа деибашьуан Гәымсҭатәи афронт аҿы, усҟан иара дызлаз агәыҧ напхгара аиҭон Аҧсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа. Араҟа ауп Иури Қәычбериа ибзианы иахьиҵаз ПТУРС ҳәа изышьҭоу, акәылӡтәы техника ҧызжәо абџьар алахысшьа. 1992 шықәса, ноиабр мзазы Иури Қәычбериа Мрагыларатәи афронт ахь диасит. Арахь данаауаз иара иааигеит ПТУРСи, автоматқәеи, аџьыҧҳани.
Ааигәа иҟаз ақырҭуа қыҭақәа рҟы­нтәи Река лассы-ла­ссы иалахысуан атанкқәа рыла. Мы­шқәак рыҩныҵҟа Иури Қәычбериа илшеит аӷацәа ркәылӡтәы техникақәа ҩба рыҧжәара. Иара ашәареи ахьаҵреи закәу издырӡомызт, дашьҭаӡамызт ахыхьчара. Агәра игон ари аибашьраҿы аҧсуаа шаиааиуаз. Иури Қәычбериа дрылахәын Мықә, Маркәыла, Баслахә, Ҧақәашь, Бедиа уҳәа ақыҭақәа жәпакы рҿы имҩаҧысуаз ажәыларақәа. Иааидкыланы иара илшеит ақырҭцәа ртанкқәа жәаҩа рыҧжәара. Иури ицеибашьуаз ирҳәоит уи ихымҭа кашәара шақәмыз. Еснагь икылкааны дышхысуаз, иабџьар зқәикыз иҭирҟьаз ахы шақәиршәоз. Иара идыруан аџьыҧҳаны аҧшаара шаҟа иуадаҩыз, убри аҟы­нтә иҩызцәа дрылабжьон ирымоу еиҷаҳаларц азы.
Аҧсны Афырхаҵа, абиҧазаҵә Иури Қәычбериа аиааира амш дахьымӡеит. Фырхаҵарыла дҭахеит ииуль 2, 1993 шықәсазы Тамшь ақыҭан. Иара ҩажәи жәаба шықәса ракәын ихыҵуаз, дҭаацәараӡамызт. Дынҭаха ашьҭахь «Аҧсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵан. Иури Қәычбериа иқыҭа гәакьаҿы иргылахо амемор­иалтә комплекс аҿы, иҩызцәа ры­хьыӡқәа реиԥш хьтәы нбанла ианылоит иара итәгьы.

Аԥсны Афырхаҵа Славик Қәычбериа иажәақәа рыла, аргыларатә усурақәа цоит иааиԥ­мырҟьаӡакәан. Амшцәгьақәа ирхырҟьаны мышқәак бжьшәеит, егьи абжьааԥны иазгәаҭоу аамҭа иақәыршәаны имҩаԥысуеит.
Абаҟа аартра азгәаҭоуп ашы­қәс нҵәаанӡа. Аусмҩаԥгатә еиҿкаахоит амҽхак ҭбааны, аибашьра аветеранцәеи, иҭахаз ранацәеи, ауаажәларреи, ашколхәыҷқәеи алархәны. Аҳәынҭқарратә еилакы «Аԥсныргылара» аиҳабы Руслан Тәанба иажәақәа рыла, аҭарҭәарақәа ирыдҳәалоу аусурақәа зегьы хдырқәшахьеит. Аҵаргәатә ҭыӡқәагьы шьҭырххьеит, урҭ шәхьеит. Анҩстәи аусқәа макьана иҵегь ирацәоуп, хә-метраки бжаки иҟоу абаҟа ахаҭа ақәыргылара инаҷыданы уи амармалташь адчаԥалареи, аанда ашьақәыргылареи, амардуанқәа раҭареи уҳәа аҟаҵатә ыҟоуп.

Елана Лашәриаԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me