Иазгәаҭатәуп аномер аҿы иқьыԥхьу ажурнал «Амцабз» аредактор хадас иҟаз Инна Аҳашба лгәалашәара лаша иазкны лажәеинраалақәа: «Алакә ҭыԥҳа», «Амреи амзеи», «Уаҵәтәи ҳҵеирахь». Иара убас ажурнал ианылеит апоетесса Заира Ҭҳаиҵыкә лажәеинраалақәа: «Шьыц…», «Ахьаԥарч», «Сеилахан…», «Абз», «Сан иҳалҳәон…». Аҭыжьымҭаҿы ицәыргоуп Ӷәадатәи абжьаратә школ 10-тәи акласс аҵаҩы Леуан Агәхаа апластилин иалхны иҟаиҵаз инапкымҭақәа.
Апоетесса Нели Ҭарԥҳа диижьҭеи 90 шықәса аҵра аҳаҭыр азы икьыԥхьуп лпоема «Ҭаҭрашь–Гьаргьалашь» ахәҭа. Иара убас ари аномер ианылеит Елена Малиа лстатиа «Ажәытә аԥсуаа рхәыҷқәа шеиларҳәоз». Идыру усуп жәытә-натә аахыс аԥсуаа дара рмилаҭтә маҭәа шныҟәыргоз. Уи амаҭәа аамҭала, хымԥада, аҽаԥсахуан. Адуцәа реиԥш, аԥсуа хәыҷқәагьы иӡахны иршәырҵоз амаҭәа, иаман иара ахатә ҷыдарақәа. Абарҭ зегь ртәы аҭоурых иазааҭгылоуп.
Акьыԥхь збаз иреиуоуп иара убас апоетесса Гәында Кәыҵниа «Амшынҳәақәа» захьӡу лажәабжь, апоет Геннади Аламиа 75 шықәса ихыҵра инамаданы ианылеит иажәеинраалақәа «Абжьаныҩра», «Аҽеиҭакра», Владимир Басариа иажәабжь «Асы иарлашоз аҵх», Лиолиа Тәанԥҳа лажәеинраалақәа «Аԥсны», «Џьит атәылахь». Валери Гамгиа диижьҭеи 80 шықәса аҵра инадҳәаланы Виссарион Ҵәыџьба игәалашәара. Фазиль Искандер иажәабжь «Аԥстәқәа ақалақь аҿы» аҟнытә «Чик аҽы дақәтәеит» (аиҭагаҩ Шамиль Аҟәысба), В. Кәарҷиа иматериалқәа рҟынтә «Аҟәа – Диоскуриада» (Диоскуриа). Апоет Џьота Тапаӷәуа диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазкны акьыԥхь абеит иажәабжь «Ус иахәҭан». Аҭыжьымҭа ҩычоуп аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьи адыррақәа рымши ирызку афотоҭыхымҭақәа рыла.
Ажурнал «Амцабз» №4-5 ацәа ианыԥшуеит Аԥсны ахақәиҭтәра Амш. Иара убас ашьҭахьтәи ацәаҿы иануп аԥсуаа рынхашьа- рынҵышьа, ажәаԥҟақәа уҳәа рыла ишьақәгылоу ажәеихда.
Стелла Сақаниа