«Абиблиографиатә рбага»

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистрреи И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекеи ргриф ала Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра аиубилеи аҳаҭыр азы ааигәа иҭыжьуп «Абиблиографиатә рбага».


Д.И. Гәлиа ииубилеи инамаданы иҭыжьу ашәҟәы аҟны еидкылоуп уаанӡа хазы шәҟәқәаны иҭыҵхьаз исахьаркыратә ҩымҭақәеи ажурналқәеи, агазеҭқәеи, аизгақәеи ирнылахьоу ипублицистикатә статиақәеи рбиблиографиатә рбага. Уи еиқәыршәоуп аԥсышәалеи урысшәалеи.
Аҭыжьымҭа еиқәдыршәеит И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека иаҵанакуа ашәҟәытә палатеи амилаҭтә литературеи атәылаҿацәҭҵаареи рыҟәшақәа.
Аҭыжьразы аҭакзыԥхықәу ­ҳәа иԥ­­­­­­хьаӡоуп: Б.Ҷолариа, А.Агр­­­б­а. Еи­қәдыршә­еит: Л. Бе­рул­аа­, Л.­­­­­Шьынқәба. Компиутерла аи­­қәыршә­а­ҩс дамоуп С.Белогур, ади­з­аин – ­И­. Елерџьиа.
Абиблиографиатә рбагаҿы иалкааны иазгәаҭоуп Д.И. Гәлиа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызку алитература. Уи қәкыс иамоугьы иҟоу алитература аилыркаараҿы, ардырраҿы аԥхьаҩцәа инарҭбааны ацхыраара рыҭара ауп.
Арбагаҿы ишазааҭгылоу еиԥш, уи шьаҭас иамоуп Амилаҭтә библиотекаҿы еиқәыршәоу акатало­ги акартотекеи, насгьы Л.Тарнааи Шь.Гәарамиеи апоет изку рбиблиографиатә рбагақәа, У. Аҩӡба еиқәиршәаз «Аԥсуа биографиатә жәар», «Аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи алитер­ату­ра­­ҭҵааҩцәеи рышәҟәқәа», В.­Би­гәаа, В.Аԥҳазоу рышәҟәы «Аԥс­уа­­ шәҟә­ыҩҩцәа: абиблиографиатә жәар» (урысшәала).
Зыӡбахә ҳамоу аҭыжьымҭа «Абиблиографиатә рбага» рхы иадырхәар рылшоит, алитератураҭҵааҩцәа реиԥш, арҵаҩцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа, Д.И. Гәлиа ирҿиаратә мҩа иазҿлымҳау зегьы.
Ашәҟәы ахархәаразы иманшәалоуп, еихшоуп абарҭ ахқәа рыла: иналукааша ашықәсқәа; Д.И. Гәлиа иаазыркьаҿу ибиографиа; ирҿиамҭақәа, иҩымҭақәа реизга; иалкаау; хазы иҭыжьу асахьаркыратәи аҭҵаарадырратәи усумҭақәа; аԥсуа бызшәа арҵага шәҟәқәа; Д.И. Гәлиа исахьаркыратә ҩымҭақәеи ипублицистикатә статиақәеи ажурналқәа, агазеҭқәа, аизгақәа рҟны; иҩымҭақәа, аиҭагақәа; Д.И. Гәлиа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызку алитература; Д.И. Гәлиа изкны ажәеинраалақәа; Д.И. Гәлиа изкны аҳәамҭақәа.

Вахтанг Аԥҳазоу

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me