Исыцәҭахаз сыбла ихгылоуп…

Жәытә-натә ахшара рацәа зааӡоз аҭаацәарақәа ҳаҭыр рықәын. Ахәыҷы рацәа ахьыҟаз ашҭақәа рҿы еснагь агәырҕьабжь ҭыҩуан.

Урҭ аӡәи-аӡәи еибааӡон, еихылаҧшуан. Убас Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан, Дбар Қьаамын иҧшәма Шамониа Жорданиеи иареи ирааӡеит 10-ҩык ахшара. Абас аҭаацәара ду аҿоуп дахьиз, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гәымсҭатәи афронт аҿы зыхьӡ еицырдыруаз Дбар Фата Қьаамын-иҧа. Фата уи хьыӡшьарас иман. Ихьыӡҵәҟьа Леонид ауп. 1952 шықәса, жәабран 10 рзы, Мгәыӡырхәа ақыҭан ииз, уаҟа абжьаратә школ далгеит. Уи ашьҭахь Североморсктәи амшынтә флот аҟны аррамаҵура дахысуан. Арра анихига Днепропетровсктәи аихамҩатә техникум қәҿиарала далгеит.

Атехникум аҟны иааирҧшыз адыррақәа рышьҭахь, уаҟа аусуразы даанхарц идыркылеит. Фата лакҩакрада дақәшаҳаҭхеит. Араҟа аус иуанаҵы еибадыруеит Патапова Ларисеи иареи. Рыҧсҭазаарақәа еиларҵеит. Ҩыџьа ахацәарҧар Дмитрии Алешеи рхылҵит. Абас еиқәгәырҕьо ишыҟа­зоуп. Аҧсны аибашьра ишалагаз.

Аибашьра анеилга, уи амш игәаларшәо, Фата абас иҳәеит: «Аибашьра ишалагаз аусураҿы ауп иахьсаҳаз. Исзеиҭаҳәаӡом усҟан сшыҟалаз. Исгәалашәо, исымаз аҧарақәа аашьҭыхны сааҭк аҩнуҵҟала амҩа сықәлеит… Ҧсоу аҳәааҿы санааи, Гагра аҕацәа рнапаҵаҟа ишыҟаз еилыскааит. Аҳәаа сзахымсит. Нас Нхыҵ-Кавказҟа сцаны, уаантә шьхала иааз рхыҧхьаӡараҿы сыҟан. Аҧсны санааи, схатәы бџьар сыман, схатә ҧарақәа рыла иаасхәеит. Аибашьра аҧхьатәи амшқәа рзы абџьар амазаара акраҵанакуан. Сышиашаз сахьиз, сахьааӡаз, бзиа избо сқыҭа гәакьаҿы сааит».

Дбар Фата иарбан шьаҿазаалакгьы иҟаиҵоз ишәон, изон. Иқыҭахь ицара ус иаалырҟьаны имыӡбеит: – «Аҩныҟа амҩа ҳанықәыз, шьхала ҳанаауаз, аамҭа ахәыцразы иҳаман, усҟан еиҳа еиҕьхоит ҳәа азысыӡбеит, убри аҟнытә сқыҭауаа снарылагылеит. Зҽеидызкылахьаз ыҟан. Еибашьра ицахьаз рацәаҩын. Аха бџьарда иҟаз хьӡынҵала реиқәыршәареи рдәықәҵареи рзы аусқәа нарыгӡон…».

Дбар Фата Қьаамын-иҧа аҧсуа хаҵа нага ззырҳәоз, ахара иҧшуаз, агәыцқьара зызҭаз уаҩын. Уи дыздыруаз зегьы еицазгәарҭоит ахӡыргареи амҵақьақьареи ицәаижьы ишаламыз.

Иқыҭауаа дааины данаарылагыла иеигәырҕьеит, иагьиҳәеит иара драҧхьагыларц. Аибашьҩы, «Агәымшәаразы» амедал занашьаз Џьыкырба Рома Антон-иҧа, ус иҳәеит: – Фата згәы разыз, ицқьаз, ирыцҳашьаҩыз, аибашьцәа рыхьчаразы изылшоз зегьы назыгӡоз, ашәара ззымдыруаз, зеибашьцәа ирыхӡыӡаауаз, авзвод акомандирцәа еснагь алабжьара ҳаиҭон. Дыҕәҕәан. Иахьа ихьӡ ахьцәыргам, дырраҭарак ахьыҟаҵам даараӡа ҳгәы ҳнархьуеит… Ажәлар рфырхацәа рдыруазароуп.

Дбар Фата инапхгарала Мгәыӡырхәаа Аҧсны Мраҭашәаратәи ахәҭа ахақәиҭтәра рхы аладырхәит. Гагра анҭадырцәы ашьҭахь Фата напхгара зиҭоз Мгәыӡырхәаа ркоманда Гәымсҭатәи афронт ахь ииаган. Уи ашьҭахь, ари агәыҧахь егьырҭ ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҟынтә аибашьцәа маҷҩымкәа иалалеит. Мгәыӡырхәаа ркоманда шьаҭас иҟаҵаны, ахҧатәи абаталион ҳәа ишьақәдыргылеит. Уи анапхгара, Дбар Фата идҵан.

– «Абаталион аҧхьагылара иацыз аҭакҧхықәреи ауадаҩрақәеи еилыскаауан. Мап ацәкрагьы сзымгәаҕьит. Ҳаҧсадгьыл ахы иақәиҭтәтәын. Сыхәда иқәыз аидара иахьынӡасылшоз ишьҭысхит. Сеибашьцәа, сашьцәа смырҧхашьеит, даргьы аказы сылахь аҧхӡы ааратәы иҟарымҵеит. Исгәалашәаӡом аибашьра цонаҵы заҟантәы аҩныҟа сааз. Аиҳараӡак санаауаз аӡәы данҳацәҭахалак акәын. Саныхынҳәуаз, сан агәашәаҿы дышсзыҧшыз здыруан, аха лара лахь игәаҕьны сызнеиуамызт. Уи схы ахызбаауан, егьырҭ анацәа рылымкаа… Сыҧсҭазаараҿы урҭ ахҭысқәа ҩнуҵҟала сырбылуан, аҟыҿыҳәа исыцҳауан, сцәа сҭанархьҭышьуан. Исцәыуадаҩын иҭахаз аибашьҩы иашҭа аҭалара, дзыхшаз иани иаби рыдгылара. Ашҭа ҳанҭалалак, дара аҭаацәарақәа анҳҿаҧшлак, ирдыруан иҟалаз. Уи аҭагылазаашьа абара, ахгара уадаҩын. Ажәыларақәа зегьы аҧсҭбарақәа рыцын, аха сара сзаҧхьагылаз абаталион азы, Цугуровка аҳаракыра агара, даара ицәгьахеит. Исыцәҭахаз зегьы сыбла ихгылоуп. Цәгьала иршьыз, аҕацәа рнапаҵаҟа иҟалаз, Жьиба Гулик аҵыхәтәантәи ицәажәара схашҭӡом. Убраҟа хабарда ибжьаӡыз Гәынба Вианор имбара ихьааха исыцуп… Еидара дуӡӡак саҵоуп, иахьсзымхьчаз азы. Аибашьраҿы уеибашьцәа иага иухьчар уҭахызаргьы аҭагылазаашьақәа иулдыршом.

Иҭахаз аибашьцәа руаӡәк иаб иажәақәа, еснагь слымҳа иҭыҩуеит:

– «Уара уоуп дыззымхьча! Уара уоуп уи иҭахара зхароу! – ҳәа ииҳәаз… Урҭ ажәақәа сырблит, сдырдысит, исҳәо сҿамшәо, сахьцо сзымдыруа саанрыжьит. Аха, Анцәа иҿаҧхьа аҳақ сыдӡам, сыцқьоуп. Аибашьра еибашьроуп, аӡәы илахьынҵа даҽаӡәы дагаӡом».

Дбар Фата Қьаамын-иҧа аибашьра аилгара рацәак шагмыз, ахәра иоуит.

Аҧсуа жәлар Аиааира аныргаз уи ахәышәтәырҭаҿы дышьҭан. Иҽанихәышәтә ашьҭахь, Гал аҳәаахьчарахь аибашьцәа дрыцын акыр аамҭа. Нас, Аҧсны аҳазалхратә хеилак даусзуҩны, Ҧсоу аҳәааҿы дгылан. Ишааиуаз Фата Аҧсны аҭаацәара далалеит. Уи иҧшәма Бениа Лолитеи иареи аҧҳа дырхылҵит, Рафида лыхьӡырҵеит. Рыҧсҭазаара еигәырҕьо ишыҟаз ауп, Фата игәабзиара ҵшәаауа ишалагаз. Аибашьраҿы ихигаз зегьы ҧшьшьала иҩнуҵҟа абызкаҭаҳа еиҧш ашьаҭа аҳауан, илаҽуан. Аха, аҕлам иаҩызаз ахаҵа акы дзацәцом ҳәа игәы иаанагомызт, иҽеиҭаӡомызт, мчыла аҧсҭазаара дақәҧон.

 «Фата, – лҳәеит иаҳәшьа Роза, – ҽнак хәлаанӡа аибашьра зҽацәхьазымкыз, зхы-згәы зҩызцәа, аибашьцәа алхны изҵәуоз, рылымкаа абысҭа ҧха зхы ахызбаауаз, уахгьы-ҽынгьы аҭабиа зыҽҭазшьуаз, шьхала мацара, ацәажәара злымшо иааз, иахьа маҷк днаскьагоушәа збоит. Иуаҩышьа хазын, ихы-иҿы ианубааломызт гәыҵхас имаз. Аибашьра аилгамҭазы ҳаҳәшьаҧа Аншба Асҭамыр Лиова-иҧа дҭахеит… Асҭамыр дқәыҧшын, уи иҭахара зегьы цәгьала иаҳхаагеит. Фата аибашьрахьтә данааи иҧштәы наунагӡа сыблаҿы иаанхеит. Фата гәыҩбара змамыз, инапы злакызаалакгьы гәыцқьала инаигӡон. Иеибашьратә мҩаҿгьы, абри ҳирҧхашьеит ҳәа изырҳәартә дымныҟәеит. Иҧсадгьыли ижәлари иҧсы рылан. Уи аибашьра адәаҿы иааирҧшит. Зуаҩра ҭбааз, арыцҳашьара зцыз, аҧсуала еибаркыз хаҵан. Ҳара иҭаацәа иҧсадгьыл азы иҟаиҵоз ҳалаҽхәартә ҳаҟоуп. Ицеибашьуаз ирҳәартә аҭагылазаашьа роур ирҳәоит. Ҳаибашьцәа рҭоурыхқәа еилыхрада абиҧарақәа ирдырразы иҳәалатәуп»…

Мгәыӡырхәаа, рбаталион аҟны арота акомандирс иҟаз, Леон иорден занашьаз Витали Шәлымба иациҵоит анаҩс:

– «Фата аибашьцәа ззыӡырҩуаз, пату зқәырҵоз ҧхьагылаҩын. Иара ихаҭара, иуаҩра, иламыс, игәалашәара ивагылаз зегьы ҳзы, иҿырҧшыганы иаанхоит. Даҽаӡәы имамыз, иламҩашьоз аҟазшьа ҷыда иман. Зегьы рзы ажәа ҟәанда иҧшаауан. Аибашьцәа рацәажәашьеи рызнеишьеи дақәшәон. Ианаҭахызгьы ибжьы ҭигон, амца даҩызахон, аҭаҷкәым еиҧш иҽеилацаланы, адҵа анагӡаразы амҩа данылон. Фата Мгәыӡырхәаа ҳамацара ҳа­кәымкәан, Аҧсны зегьы азы дҭоурыхтә фырхаҵоуп»…

Аибашьра ашьҭахь ачымазара ицәаижьы иалаз идыруазар акәхарын. Аха аӡәгьы уи ичымазара атәы рмаҳацызт. Ҽнак аибашьҩы Дбар Едуард Шутиа-иҧеи иареи еицны аҩны инеит. Фата ииҳәарц ииҭахыз шицәыуадаҩызгьы, ҧшьшьала ацәажәара, дналагеит: – «Аибашьраҿы уамаӡак ҟасымҵеит, аха иҟасҵаз ахәыҷы џьара ианҵазар сҭахын… Ус инбжьаӡ имцаразы…»

Исҳәарыз сзымдырит. Даара аҵх наагеит. Иахьынӡасылшоз, ииҳәаз зегьы анысҵеит. Ицамҭазы иҩнуҵҟатәи аџьабаҿынтә апатреҭқәа фба ааҭигеит.

 – «Арҭ, – иҳәеит Фата, – арра саныҟаз иҭысхыз патреҭқәоуп, араҟа ирылоуп аибашьраан, Мгәыӡырхәаа аибашьцәа сахьрылагылоу хәҭакгьы… Урҭ амузеи аҟны ишәымазарц,» ҳәа иааныжьны дцеит. Уи ҳаиқәшәара ашьҭахь хәбаҟа мзы ҵит, исаҳаит, Дбар Фата акьыба чымазара шихьыз. Абас ачымазара иацәганы амузеи аҿы иаҳзаанижьит аҭоурыхи апатреҭқәеи. Астатиа иагәылагылоу Фата иажәақәа уаантә ауп иахьаагоу.

Инапҩымҭа апатреҭқәа ирыцыз, абас ихиркәшеит: «Малк сырҳауеит ҳәа смеибашьит. Иҟасҵаз, исылшаз зегьы сыҧсадгьыл азоуп изыҟасҵаз. Аибашьра иснаҭаз аахеи ахьааи роуп исызцәырзгаз ачымазара. Аҧсҭазаарагьы еибашьроуп, шаҟа сылшо сықәҧоит, ианаму исзааигәоу, еснагь сыбла ихгылоу, сеибашьцәа срызцоит… Зегьы иреиҳау мчуп аҧсадгьыл азы иҭахаз рхамышҭра. Урҭ ҳгәалашәонаҵы иҟазаауеит ҳаҧсадгьыл, ҳбызшәа, ҳҭоурых, ҳҳәынҭқарра…»

Дбар Фата Қьаамын-иҧа Леон иорден ианашьоуп. Мгәыӡырхәа ақыҭан джуп.

Ақыҭа ҭызго, ҧхьаҟа изго, аҧсҭазаара бзиазы зхы иамеигӡаз Афырхацәа, рыхьӡқәа хьыцәцараны ҳажәлар ирыцзароуп. Урҭ рфырхаҵаратә мҩа ахааназ хәашьра ақәым.


Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me