Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Тҟәарчал – иахьа

Ашьха ашьапаҿы ишьҭоу ақалақь Тҟәарчал, Ақалақь-Фырхаҵа ҳәа ахьӡ зыхҵоу, ахатәы ҧшӡара аханатә аахысгьы иаман. Иашоуп, аибашьра ашьҭахь даара иуадаҩхеит араҟа ахныҟәгара, ақалақь аҟны аусурақәа рҕьырак зегьы злашьақәгылаз арацәаҵхрала акәын. Ари аус анаанкылаха, хымҧада ақалақьгьы даараӡа ианыҧшит. Тҟәарчал уанналалак убла иаахымгыларц залшом, аус зымуа азауадқәа, ашахҭақәа.

Ега убас акәзаргьы, Тҟәарчалаа рықалақь напы адкыламкәа иаанрыжьуам. Аҳәынҭқарра аҟынтәи ироуа ацхыраара, рхатә биуџьет уҳәа рыла изларылшо ала ақалақь ахаҿра дырҧшӡоит. Иахьазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит ақалақь уахьналало аӡиас Аалӡга иху ацҳа, ГРЕС ацҳа ҳәа изышьҭоу аҟны.

Араҟа аусурақәа хацыркын иаҳхысыз ашықәс, жәабран мзазы. Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа иажәақәа рыла, аусурақәа уажәшьҭа ихыркәшазар акәын, аха амшцәгьақәа иҟаз ирыхҟьаны иахьа уажәраанӡа аусурақәа цоит. Араион ахада иажәақәа рыла, ацҳа аиҭашьақәыргылара иаарласны ихыркәшахоит.

Зыӡбахә ҳамоу ацҳа аиҭашьақәыргылара азыӡбан, избанзар уи архитектуратә ргыламҭоуп, насгьы аҭагылазаашьа даара иуадаҩын. Ашьаҟауаа ахьанысуаз аҭыҧ зынӡаск иҭаҧҽны иҟан. «Араҟа ааигәа иҟоуп ашкол, ахәыҷқәа есыҽны ари ацҳа иқәслар ауп, урҭ ашьаҟауаа рымҩала мҩасшьа рымамызт, избанзар иҧыҽҽны иҟан, егьыс амашьына мҩа анылара ахәыҷқәа рыҧсҭазаара ашәарҭара иҭанаргылон, убарҭқәа зегьы ҳасаб рзуны араҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа напы дҳаркит», – иҳәоит араион ахада.

Иахьазы ари ацҳа аҟны ашьаҟауаа ахьныҟәо иқәҵоуп ахаҳәқәа 745 ҧшьыркца метра, зынӡа ишьҭарҵараны иҟоуп 1160 метрҧшьыркца. Зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу аргыларатә усбарҭа «Стройдом» аиҳабы Раули Шамугиа ижәақәа рыла, ареспубликатәи араионтәи биуџьет аҟынтәи ацҳа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа иазоужьуп 2 378 000 мааҭ. Ари ацҳа аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа анхдыркәшалак ашьҭахь, уи «ГРЕС ацҳа» ҳәа акәымкәа, «Ацҳа шкәакәа» ҳәа хьӡыс иарҭарц гәҭакыс ирымоуп. Убри аан аҩыраҿы иаанхоит уи ацҳа раҧхьатәи ахьӡгьы.

Тҟәарчал ақалақь аҟны иара убасгьы ахыркәшарахь инеиуеит ақалақь уааҧсыра уажәшьҭа бзиа еицырбо ҭыҧны иҟалаз апарк хада.  Ари апарк аҟны Аиааира амш аҽнынӡа аусурақәа хдыркәшап ҳәа ргәы иҭоуп. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа 15 миллион рҟынӡа артәоит. Урҭ рахьынтәи 10 миллионк ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазоужьуп. Аҧхьанатә иазгәаҭаз аусурақәа рахьынтә ицәырҵит акыр аусқәа, инацҵаны ахарџь зҭаххаз. Ари аҭыҧ аҟны ацәаакыра акыр иахьыҳараку азы адгьыл шьҭыхтәхеит 40 сантиметра рҟынӡа. Ари апарк аҟны иазалхуп ахәыҷӡақәа ахьыхәмарша аҭыҧ, уи иаҭаху зегьы рыла еиқәыршәоуп. Иара убасгьы иргылоуп астолқәа, аҧқьаҭ асразы, иргылоуп апарк иашьашәалоу алашарбагақәа, атәарҭақәа уҳәа убас егьырҭгьы.

Апарк аиҭашьақәыргылара инацҵаны гәҭакыс ирымоуп аӡыршәга аҟаҵара. Уи аргылара ргәы иахьҭоу аҭыҧ аҿы 80-тәи ашықәсқәа раан ашьапы ркхьан, аха аибашьра иахҟьаны уи аус намыгӡакәа иҟан. Зыӡбахә ҳамоу аӡыршәга аҟаҵара аплан инақәыршәаны уи иақәырхарџьхараны иҟоуп 35 миллион мааҭ. Урҭ рахьынтә 20 миллион мааҭ ареспубликатә биуџьет аҟынтә иазоужьхоит. Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа иажәақәа рыла, иара убасгьы ргәы иҭоуп Тҟәарчал ақьалақь хыхьи ҵаҟеи еимаздо амардуани, ашьапылампыл асырҭеи реиҭашьақәыргылара. Уи азы асмета аус адулара иаҿуп.

Тҟәарчал ақалақь аҟны аусурақәа хыркәшоуп март мзазы зхыбра иалагаз аҩнеихагылаҿы. Уи азы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазоужьын фмилионк инареиҳаны аҧара. Ари аҩны ахыб ахьажәыз иахҟьаны ирымҧсахыр ада ҧсыхәа ҟамлеит.

Зҭакҧхықәра ҳәаақәҵоу аргыларатә усбарҭа «Стройдом» аиҳабы Раули Шамугиа иажәақәа рыла, ақалақь аҟны аҩнқәа зегьы рхыб анырҧсахуаз, ари аҩны ахыб иакьымсит, избанзар усҟан ҿыц ихыбын, аха излахыбыз ашифер ахьакәыз азы, уи анҵыра маиуит, убри аҟнытә уажәы ахыб еиҭадырҿыцит. Горки ихьӡ зху амҩаду аҟны иҟоу ари аҩнеихагыла аҟны шамахамзар ауадақәа зегьы рҟны ауааҧсыра нхоит. Аҩны ахаҭа даара идууп. Ахыб 1464 метрҧшьыркца ыҟоуп. Ари аҩнаҿы инхо ауааҧсыра ракәзар, ҭабуп ҳәа рарҳәоит аҩны ахыб аиҭашьақәыргылара зыбзоуроу зегьы.


Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me