Ахаҵара шьҭрала иаауеит

Ҳәарада, 30 шықәса раҧхьа  ҳажәлар зҭагылаз, ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа ирхыргаз, рхы-рыҧсы ақәҵаны рџьынџь шырхьчоз атәы еиҭаҳәашьа амам. Аха есааирагьы иуадаҩхо иалагеит аибашьра аӡбахә алацәажәара…

Ҳажәлар ирхыргаз, ҳҧеиҧш зыхьчаз афырхацәа зусҭцәоу ишахәҭоу ишьақәырҕәҕәаны аҭоурых азныжьра иахьа уажәраанӡагьы иҳалымшацызт. Афырхацәаҵәҟьеи «амц фырхацәеи» еилаӡҩо иалагеит. Иҟалап, иаартны иахьысҳәо гәаҕьыуацәазаргьы, аха аибашьра иҧнашәаз раасҭа, аҭынч ҧсҭазаараҿы «еибашьҩы ҕьеиҩхаз афырхацәа» рхыҧхьаӡара еиҳахо иалагеит. Дегьызмаха иршо амедалқәеи аорденқәеи ракәзар, ҵыхәаҧҵәара рымам.

Сара сгәаанагарала, қьаадла еиқәырҽаҽоу афырхаҵара иахьазы ихжьагоуп, амала уаҵәы – аҭоурых аиаша еицазкуа ак акәхоит.

Ҳара ҳаззаҭгыло, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу, агәаҕьреи ахаҵареи рыла аӡә ишьҭахь имгылоз аибашьра аветеран Игор (Бача) Ақаҩба «амц фырхацәа» дреиуам, уи зыҧсадгьыл ахьчараз зхы-зыҧсы имеигӡоз ҳҵеицәа дыруаӡәкын.

Аиашазы, аҧсуаа ражәа иалаҵаны, «Ахаҵара шьҭрала иаауеит» ҳәа баша ирҳәом…

Қаҩаа жәытә-натә аахыс, хьӡи-ҧшеи змаз уаа нагақәан, аҧсуаҵас ахымҩаҧгашьеи ахныҟәгашьеи рҿы ирыцназгоз маҷын. Ахаҵареи агәымшәареи ракәзар, рцәаржьы иалан, ирыцәтәымны иҟамызт. Аҭоурых ду змоу ари ажәла иалҵыз даҽакалагьы ҟалашьа рымамызт. Игор (Бача) иаб Ризеи иаб иашьа Акакии Қаҩаа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәын, асовет тәыла Ду ахьчаразы фырхаҵарыла еибашьуан, Анцәа имчала еибганы ихынҳәит, анаҩс, аҭаацәарақәа аҧырҵеит.

Риза Ақаҩбеи Еҭери Гегенаа-ҧҳеи ирыхшеит 6-ҩык ахшара: 4-ҩык аҭыҧҳацәеи 2 ахацәарҧари.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, рабшьҭараҿы ишаҧыз еиҧш, Риза Ақаҩба иҧацәа еиҳаби еиҵби аӡә даанымгылакәан, Леон иорден занашьоу Артеми (Џыр) «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Игори (Бача) абџьар шьҭырхит ҳтәыла аҕа иқәцаразы.

Аибашьра раҧхьатәи амш инаркны уахык рыҩны иаҵамиеит, рҭаацәа ирыламҧхьеит аҩыџьегьы.

 Аишьцәа хазы-хазы агәыҧқәа рҿы еибашьуан.

 Игор (Бача) деибашьуан,300-ҩык аибашьцәа еидызкылоз, Фридон (Қамс) Аҩӡба командаҟаҵаҩыс дызмаз Гәдоуҭатәи «ажәыларатә гәыҧ» аҿы. Уи аштаб аиҳабыс дыҟан Леон иорден занашьоу, аинрал-маиор Закан Нанба. Ажәыларатә гәыҧ х-ротак рыла ишан: Авҭандил Гарцкиа командирс дызмаз «Евкалипт» захьӡыз арота, Баграмиан ихьӡ зху аерманцәа ррота, Игор Дармаа командирс дызмаз Замастианскаа ррота. Хаҭала, Замастианскаа аибашьцәа еидызкылоз арота ауп дызлахәыз аибашьра аветеран Игор (Бача) Ақаҩба.

«аиуара ҳабжьоуп аҟнытә, аибашьра ҟалаанӡагьы издыруан аишьцәа Артеми Игори»-ҳәа иажәа дналагеит, ҳара ҳзыҿцәажәаз Леон иорден занашьоу, аинрал-маиор, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи, аџьеи, Арбџьар Мчқәеи рветеранцәа рреспубликатә Хеилак аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Закан Нанба.

– Аибашьраан аишьцәа рҩыџьегь аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рыгәҭа игылан. Аха хаҭала, Игори сареи ротак аҟны ҳаиқәшәеит. «Ажәыларатә гәыҧ» аҟны сара аштаб сеиҳабын, иара Замастианскаа ррота аибашьцәа дыруаӡәкын. Хаҭала, Игор Ақаҩба еибашьҩык иаҳасабала дахьызбаз марттәи ажәылараан ауп. Усҟан Гәымсҭа аӡы ирыз ҳгәыҧ иаҳхаагаз ажәала аиҭаҳәара даара иуадаҩуп. Ҳаибазым­дыркәан Ачадара, ҳаҕацәеи ҳареи ҩнык – ҩныҵшьа ҳамамкәан ҳанеицыҩнаха, ақырҭцәа аҩбатәи аихагылаҿы, ҳара актәи аҟны, еиқәҿыҭуа, ҳаиҿахысуа, аҧенџьырқәа рахь ҳаҩуа, ҳаҕацәа ашә еимҧааны аҧжәагақәа андыршәуаз аамҭазы, еицыз аӡәгьы издырӡомызт, уажәуашьҭан зыҧсҭазаара ҿахҵәоз, аҕа ихымҭа иахәхоз?! Аха еицыз аӡәгьы игәы меиҭаҧеит, аҧсра абла ишҭаҧшуазгьы уи рхаҿы иааргомызт. Исгәалашәоит, ахысрақәа хәыҷык ианааихсыҕь, Игори сареи ҳаиҿаҧшуа ҳаатәеит, иара ишиҟазшьаз еиҧш, агәышьҭыхреи агәыҕра лашеи зцыз ҧхыӡк аиҭаҳәара далагеит (Уи хықәкыла изызкыз цқьа исгәалашәом, ацәахагьы аамҭа абаҟаз?! Хәыҷык зхыҵуаз ҧхыӡын), аха исгәалашәоит «зегь бзиахоит, ҧхыӡ бзиа убааит» ҳәа шиасҳәаз, нас акраамҭа алаф ҳәо уи ҳшахыччоз…

Аиашазы, Игор иеиҧш ахаҵа гәы зызҭаз аибашьцәа еиҳа ианыуадаҩыз, ианшәарҭаз аамҭазгьы ргәы ҭрысуамызт, аҧсреи-абзареи ианрыбжьагылаз аамҭазгьы ак ҟамлаӡазшәа ажәабжьқәа еиҭарҳәон, алаф рҳәон, рҩызцәа еибашьцәа ргәы шьҭырхуан.

Игор Ақаҩба ицеибашьуаз игәыла, Леон иорден занашьоу Даур (Адгәыр) Хонӡиеи ҳареи ҳаиҿцәажәараан уи зхы зымшаҭоз аибашьцәа дышреиуаз азгәаҭо, иаҳзеиҭеиҳәеит марттәи ажәылара иадҳәалаз ахҭыс.

– Аҕацәеи ҳареи ҳахьеицыҩ­наз аҩны аҟнытә ацаразы, агәыҧ аибашьцәа реиқәырхаразы, урҭ шьҭа­хьҟа ихьаҵыртә аҭагылазаашьа рыҭаразы ақырҭцәеи ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, еиҿахысрада ҳаиҧырҵырц азы ҳгәыҧ аибашьцәа аӡәы дара рҿы даангыларц. Леон иорден занашьоу Игор Дармаа «сара саангылоит, шәара шәца» иҳәеит, уи аамҭазы, игәыла, иҩыза ихаҭыҧан иара даангыларц «уара уца, сара саангылоит» ҳәа акыр имеикит Игор Ақаҩба. Аха Игор Дармаа имукәан дишьҭит. Аҩыџьегьы агәаҕьра аадырҧшит уи аамҭазы, иҟалараны иҟаз шырзымдыруазгьы… Игор Дармаа уи нахыс хабарда дыбжьаӡит, аибашьра ашьҭахь иҭаацәа иҧсыбаҩ роуит. Игор Ақаҩба усҟан иҧсра дахыҧеит. алахьынҵа мыжда ыҟазаап?!..

Игор Ақаҩба, Аиааира аагаразы имҩаҧгаз, шамахамзар, ажәыларақәа зегьы дрылахәын.

Аибашьра ашьҭахьгьы аҳәаахьчара далахәын.

5 шықәса раҧхьа аибашьра мца иалҵыз ахаҵа ҕьеҩ иҧсҭазаара ҿахнаҵәеит ачымазара бааҧс. Иҟалап уи мзызс иамазар аибашьра агәаанџь.

«Агәымшәаразы» амедал занашьоу Игор (Бача) Ақаҩба иҭынхеит ҩыџьа ахшара: Иҧҳа Миранда дҭаацәароуп, х-ҩык ахшара дрануп, иҧа Алмас, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет агеографиатә факультет хиркәшеит, рҵаҩыс аус иуеит Абҕархықәтәи абжьаратә школ аҟны.

 Игор Ақаҩба ихатә ҩыза Манана Блаб-ҧҳа лыхшара аиаҭымра рынмырҧшкәан, анреи-абреи рызуа ршьапы рықәыргылараҿы лхы аҵалмырхеит. Уи дрызгәыдууп лыхшареи, лхатә ҩыза игәазхара збара дахьымӡаз лмаҭацәа х-ҩыки.

Ауаҩ бзиа, аҧсуа еибашьыҩ хаҵа Игор Ақаҩба изнымҵыз ақәра ихшара Анцәа ираҭәеишьааит, ихьӡ-иҧша – рыхьӡ иацлааит!


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me