Зашьа иҭахара иаӡрыжәыз

Аҟәа ахақәиҭтәра еиԥхыӡуан аԥсуа еибашьцәа зегьы. Еилкаан, аҳҭны-қалақь аӷа знык далцахар, аибашьра алахьынҵа шыӡбахоз. Еиҳарак знык Аҟәа ҳзалаландаз ҳәа ихыцуан аҳҭны-қалақь аҿы ииз, иааӡаз аҷкәынцәа. Урҭ Гәымсҭа ихықәтәалан иԥшуан.


Беслан Кәыркәнааи иашьеиҳаб Руслани Аҟәа инхон. Беслан Челиабинск аҵара иҵон аргылаҩ-анџьныр изанааҭ ала, аԥшьбатәи акурс аркны, ԥсшьараҳәа Аԥсны дыҟан аибашьра ианалага. Иара усҟан 23 шықәса ракәын ихыҵуаз, иашьеиҳаб - 29.
«Раԥхьатәи амшқәа рзы аҩганк еицәажәон аҟынтә, еибашьрак ҳалагылоит ҳәа сыҟамызт, иаалырҟьаны иҟалаз акоуп», - иҳәоит Беслан аибашьра раԥхьатәи амшқәа ртәы игәаларшәауа. Иашьеи иареи Аҟәа иалҵыртә еиԥш изыҟамлеит. Сентиабрнӡа иалахан иҟан. Ақалақь еимҵәауа, аԥсуаа шьуа иалаз ақырҭцәа ргыгшәыгра атәы раҳауан. Изныкымкәа дара рыҩнгьы инадыххылахьан, аха агәылацәа-ақырҭцәа ирыхьчон.

«Ҩымчыбжь ирылагӡаны Аҟәа избаз ашьҭахь, Урыстәылаҟа сцартә еиԥш алшара ансоугьы, сымцеит. Иара аибашьра ашьҭахьгьы иамуит. Уи агәы зызҭадаз», - иҳәоит Беслан.
Ҩыџьа аишьцәа ргәылацәа рыц­хы­раарала Аҟәа иалҵны Гәымсҭа ирит. Аха иаразнак абџьар рнапаҟны иҟамлеит. Нас Гагра анҭа­дырцәы ашьҭахь автоматк рыԥшааит. Рыҩџьагьы ианеимдаа-ааимдо иаракәӡан иркызгьы. Аишьцәа рҽыԥсахуа афронт ахь ицон, «ҳҭаацәа ус иаҳа ргәы ҭынчын», - иҳәоит Беслан. Аха иҟан аамҭақәа, рҩыџьагьы анеицызгьы. Декабрь 15, 1992 ш. - Беслан дагьԥсымкәа, дагьыбзамкәа дҟазҵаз амш. Уи нахыс гәаӷымзар, шәарак иҿаԥхьа иҟамызт.
Лаҭа авертолиот анҭадырха ашь­ҭахь, афронт аҿы ицон х-ганктәи аицәажәарақәа. Аамҭала аиҿахысразы азин ыҟамызт, аха ианбыкәыз ақырҭцәа ражәа ианықәныҟәоз.
«Декабр 15. Ҳко­манди­рцәа шәы­­м­­хысын ҳәа адҵа ҟарҵеит. Ус­ҟ­ан аабатәи арота ах­ԥатәи амот­ошьаҟатә бата­лион командаҟаҵаҩыс даман Руслан Зарданиа. Ақырҭцәа аибашьра ацәаҳәаҿы ҭынч ҳныҟәо анырба, ахысра иалагеит. Сашьа аснаипер ихқәа аниба, аҭак иҭара далагеит. Уи акәхеит… Ихы деихсит… Уа сышивагылаз…. Иҟалаз сзеилымкааит…», - иҳәоит Беслан илаԥш ҵаҟа ишьҭуа. Нас иҭаҭын аашьҭихын ахара дналагеит. Сара ихәыцрақәа сырԥырхагамхарцаз, ҿысҭуамызт. Иаргьы ус…
Руслан ҩыџьа ахәыҷқәа драбын. Аиҵбы шықәсык ракәын ихыҵуаз. Аиҳабы-хышықәса. Урҭ изхарагьы ибартә изыҟамлеит.
Беслан иашьа данҭаха ашьҭахь, аибашьцәа зегьы иашьцәахеит. Зегь реиҳа еизааигәаны иҟалаз: Арзанбеи Ебжьноу –Ҷыка ҳәа зарҳәоз, Борис Џьынџьуа - Чиж ҳәа ахьӡ ҷыда змаз, Стас Жьиба, Руслан Емырхәба. Урҭ рротаҿы дыҟан Ҭенгиз Абраманиӡе ҳәа даара изыхӡыӡаауаз. Иара аибашьра ацәаҳәаҿы жәаф шықәса ихыҵит.
«Иирамш февраль азы акәын ианыҟаз. Чижи сареи Лыхны ҳцеит, уа фатәык шьҭаҳхит, нас сара сахь Аҷандараҟа, Калдахәара Нури Цыхьичба иҿы ҳнеины ак ҳгақәеит. Убас еидкыланы иазгәаҳҭеит. Ҭенгиз деибганы аибашьра далҵит, аха аҭаацәара даламлацт уажәыгьы», - ихьааганы иҳәоит Беслан.

Беслан Кәыркәнаа Аҟәа аха­қәиҭтәраз иҟаз аҽа­зышәарақәа зегьы дрылахәын. Иара ӷәӷәала дхәын ианвартәи аан.
«Гәымсҭа ҵаҟатәи ацҳаҿы акәын ҳцәаҳәа ахьыҟаз. Аминаршәгала ахысра ианалага аамҭаз аӡы азааигәара сыҟан. Ибзианы усҟан исықәшәеит, иахьагьы исныруеит уи. Мчыбжьык сшьара сзықәломызт. Уа апозициаҿы сшыҟаз амедиеҳәшьцәа рымчала сшьапы сықәгылеит. Агоспиталь ахь сымцаӡеит. Сашьа данҭаха ашьҭахь, ак хьаас исымкуа сҟалеит. Сҩызцәа сываршьаауа ианызбоз, уи еиҳагьы амца сыцранаҵон», - еиҭеиҳәоит Беслан.
Марттәи ажәылара ашьҭахь иара дызлаз арота командаҟаҵаҩыс дарҭеит Алик Лазба. Иҿы­цәаа­уамызт аиба­шьцәа ргәыӷрақәа. Рҩызцәа ҭахон, дара шьоура ицон.
Сентиабр жәаха рзы иалагеит Аҟәа аҭарцәразы ажәылара. Беслан дызлаз агәыԥгьы дәықәлеит ԥхьаҟа. Абаталионқәа зегьы дҵак-дҵак рыман. Беслан иҩызцәеи иареи Гәымсҭа ирны Алашарбага ала амҩаду ахь икылсыр акәын, аха Учхоз ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥаҿ иаанхеит. Мчыбжьык уа итәан. Ақырҭцәа ԥхьаҟа ирышьҭуамызт.

«Ачадарантәи ажәылара иалагеит анырҳәа, Вахтанг Кобахиа, сара уахь ҳаихеит, уаантә ақалақь ҳалалеит. Авокзал анаҳга, ҩымш џьаргьы ҳзымцаӡеит. Уа аиҿахысра ӷәӷәа ыҟан. Абаталионқәа рацәаны еизеит. Авокзал аҟынтә ҳҽааизакны ҳандәықәла, доусы иара имҩала дылбаар акәын. Сара аерманцәа ргәыԥ сақәшәан, Воронов имҩаду ала ҳдәықәлеит Ахақәиҭра ашҭахь. Убра дҳацын фотокорреспондентк, аурыс. Иара иаразнак дгәасымҭеит, нас Совмин ҳанеиҿахысуаз ауп данызба», - еиҭеиҳәоит Беслан.
Аибашьҩы зыӡбахә иҳәоз Андреи Соловиов – Аԥсны Афырхаҵа иакәын. Иара Аԥсны аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны афотоҭыхымҭақәа ҟаиҵон. Бџьарс имаз ифотоҭыхымҭа акәын. Андреи икадрқәа аибашьра ахроника ахьтәы фонд аҿы иҟоуп. Соловиов дрылахәын ажәыларақәа зегьы. Зныкгьы дхәын. Ахы дацәшәомызт. Уи аибашьра ацәаҳәаҿы иааирԥшуаз агәымшәара атәы иҳәоит Беслангьы.
«Ахақәиҭра ашҭа акыраамҭа иаҳзымгеит. Аидыслара ӷәӷәа цон. Аҽнынтәарак ҳаиҿахысуан аӷеи ҳареи. Аиҳабыра рыҩны иаакәыршаны ҳаихсуан, аха ҳнарышьҭуамызт зынӡа. Афотоҭыхҩы ахысра ҳаналагоз ҳаԥхьаҟа дцаны, ақырҭцәагьы ҳаргьы ҳашхысуаз ҭихуан. Сара иасҳәеит, ус ҟаимҵарцаз, уи даара ишәарҭан. Еиҭа аиҿахысра ӷәӷәа ҳаналага, аснаипер ихы деихсит. Далаҳгеит, амедикцәа ҳрыԥхьеит, амашьына дҭаҳҵеит, акамерагьы уахь ицҭасҵеит, аха деиқәымхеит», - еиҭеиҳәоит Беслан.
Андреи икамера аобектив да­қә­шә­еит Беслан ихаҭагьы. Ҭырқәтәыла ҳаибашьра иазкны иҭыҵыз ажурнал адаҟьаҿы иануп аҭыхымҭа, Беслани еиҭа гәыԥҩык аибашьцәеи ар маҭәа рышәҵаны. Аҭыхымҭа ҟаҵан Ачадара, сентиабртәи ажәылараан, Андреи Соловиов инапала.
Аҟәа ахақәиҭтәра Беслан иԥсы ахьынӡаҭоу ихаҿы иаанхо гәырӷьаратә мшуп. Абаталионқәа зегьы Ахақәиҭра ашҭаҿы ианеиқәшәа ашьҭахь кәашарахеит. «Ҿыц амцабз иалиааз реиԥш, гәырӷьара дук ҳамҽханакит, усҟантәи ҳгәырӷьара еиԥшнысшьало ак санымиацт», - иҳәоит Беслан.
Шықәсык ахь ҩынтә Беслан Кәыркәнаа дызлаз агәыԥ еиқәшәоит Гәымсҭа ахықәан. Знык март жәаф рзы, аҩынтә раан – Аҟәа ахақәиҭтәра амш аҽны.
Беслан иахьа ихьааиго акызаҵәык, аибашьра ацәаҳәаҿы иҟаз аидгылара, аҭынч ԥсҭазаараҿы иахьимбо ауп. «Усҟан зегьы ҳаишьцәан, ҳаихӡыӡаауан, Аиааира анаҳга – ҳаицәыхарахеит», - иҳәоит иара.
Беслан аибашьра ашьҭахь аҭаацәара далалеит. Иԥшәма ԥҳәыс Оксана Хаҳәбиаԥҳаи иареи ирааӡоит ҩыџьа ахәыҷқәа.

Альбина Жьиба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me